Print this page

Аҟәа имҩаԥысуеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы Аиааира агара Амшныҳәа азгәаҭара иазку акциа “Ԥсра зқәым аполк”

Цәыббра 30, 2025 28
Ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи зыԥсадгьыл ахьыԥшымра зхы ақәызҵаз афырхацәа рфотосахьақәа кны имҩасуеит.
Иубарҭан аибашьраҿы иҭахаз аруааи хатәгәаԥхарала еибашьуази рфотосахьақәа реиԥш, амедусзуҩцәеи аибашьраҿы иҭахаз аҭынч уааԥсыра рфотосахьақәеи.
Акциа «Ԥсра зқәым аполк» Аиааира агара иазку аусмҩаԥгатәқәа иузырҟәымхуа хәҭаны иҟалеит. Уи абиԥарақәа еиднакылоит, иаанарԥшуеит иуадаҩыз аиҿагылараҿы игаз ахақәиҭра ахә.