Print this page

Аишьцәа Смыраа реибашьратә мҩа

Цәыббра 30, 2025 74

Гәымсҭа аӡиас ихықәгылоу аҩнқәа руак аҿы дынхоит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, Агәымшәаразы амедал занашьоу Хьымца Смыр. Адгьыл анырҭиуаз, иҩызак иааимырхәар имуит.

Аҩны ашьаҭа инаркны Хьымца иҭаацәеи иареи рнапала идыргылеит. Ааигәа-сигәа иҟоуп еиҭа анхарҭақәа, иҟоуп иахьагьы, 32 шықәса раԥхьа еилаҟәаҟәаз аҩнқәагьы. Хьымца иҩны абарҵа дааҵагылацыԥхьаӡа, ихаҿы иааиуеит аибашьра амшқәа. Усҟан иара Гәымсҭа егьи аганахьала, иахьа дызҿыԥшуа ахәы дықәтәан Аиааира дазгәышьуа.

Х-ҩык аишьцәа Смыраа, Хьымца, уи ишьҭанеиуа Гена, зегь иреиҵбу Рамиз, еибашьра ицеит лакҩакрак ҟамҵакәа рыԥсадгьыл ахьчара анаҭахха.

Хьымца Аҟәа аргыларатә комбинат аҿы аус иуан. Аибашьра алагара мышқәак шагыз аусураҿы аԥсшьара ганы, иҭаацәа иманы Ҟарачы аганахьала ашьха ихалеит. Уи аамҭаз иашьа Генагьы арахә иманы уа дтәан. Ус ишыҟаз ауп аибашьра шалагазгьы. Нанҳәа 21 рзы Гена уск азы Ԥсҳәы дахьылбааз, ажә­абжь иарҳәеит. Аишьцәа ирыӡбеит Хьымца иҭаацәа иманы дылбаарц. Гена иакәзар, хымш  дшыԥшуа,  уи аамҭа иалагӡаны иаб данымаа, арахә ныжьны дшылбаауа иҳәеит.

Ашамҭазы Хьымца аҽқәа рыла, иԥшәмеи х-ҩык ихәыҷқәеи иманы ддәықәлеит. Ахәылбыҽха Ауадҳара илбааит. Уи аамҭазы Нхыҵынтәи аибашьцәа аара иаҿын. Ауха аҭаацәа зымлбааит. Ашамҭаз иахьтәаз аҭыԥ аҿы ақырҭқәа рвертолиот хылеит.  Зегьы еибарыҳәҳәо абна илалеит, игәалаиршәоит Хымца.

Хьымца иаб еибашьра дцахьан. Алада Ешыра диԥшааит. Аб иԥа аибашьра далаимыргыларц иҭаххеит, аха уи иажәақәа башан. Урыч Смыр ашьха днеиаанӡа иԥа Генагьы арахә ааныжьны дылбаахьан. Аб иԥсаса еидкыланы Лашԥсы, Аргәынк аџьмақәа иманы дахьтәаз, даангылеит. Усҟан «Мпылҳара» ҳәа иахьашьҭаз ахыҵырҭала иаауан аибашьцәа. Аурысцәа «Аӡырҳаԥы» ҳәа иахьашьҭаз аҭыԥ аҿы абџьар зқәыз авертолиот дыртәон, уаантә нас Хьымца иаби уи иҩызеи аҽқәа рыла, уахынла мацара, аидара лбааргон Ауадҳараҟа. Нхыҵынтәи иаауаз уа ирбон, акрырҿарҵон.

Хьымца иашьеиҵбы Рамиз 27 шықәса ихыҵуан. Ленинград иреиҳаӡоу абылраҽацәыхьчаратә академиа аԥшьбатәи акурс аҿы аҵара иҵон, аибашьра ианалага иҵара ааныжьны дааит.

Раԥхьа Хьымца, Витали Смыр ибаталион аҿы дыҟан, нас Ҳагба Леонид напхгара зиҭоз авзвод ҷыда далан, Гена иакәзар, атанк дақәтәан. Хьымцеи Генеи еицын Гагра ахақәиҭтәраан. Усҟан Гена ӷәӷәала дхәын.  

«Гагра ҳалсны ҳашцоз, изыхҟьаз сыздырым, асасаирҭа «Украина» ҳааныркылеит. Уа хымш ҳтәан. Уи ашьҭахь ԥхьаҟа анырҳәа, ҳаиҭадәықәлеит, шаҟа ҳнеиз сгәалашәом, ҳаԥхьа игылаз Гена дызҭатәаз атанк амина иахаԥжәеит. Аиҿахысра бааԥсы ыҟан уа. Гена ибӷа шыԥҵәаз цәгьала дҭаҳгеит. Дҳаманы Гагра ахәышәтәырҭаҿы ҳахьааиз, иҟаз зегьы ақырҭцәан. Иаасгәамԥхеит. Гәдоуҭаҟа дызгар сҭаххеит. Аҳақьым иасҳәеит, иаргьы еиликааит избан, мап имкӡеит, дсиҭеит. Ацхыраара лас амашьына ыҟаӡам, «Волгак» ԥшааны аӷәы ықәҵаны дҭарианы дыжәгароуп ҳәа ҳаиҳәеит. Анахь ҳцеит, арахь ҳцеит, «Волга» ҳмоуит. Ҳарҭ лада-ҩада ҳашдәықәыз Гәдоуҭантәи ацхыраара лас амашьына неит», - еиҭеиҳәоит Хьымца иашьа иԥсы шеиқәхаз атәы.

Гена Афганистан аибашьра шықәсыки ҩымзи дыҟан атанк атәы ибзианы идыруан. Аибашьраан дзықәтәаз раԥхьатәи атанк ақырҭақәа ирымырхыз акәын. Иара Гәымсҭа ҵаҟатәи ацҳа азааигәара аихеихаԥса ахыҩрны игылан, Гена иҩызцәеи иареи аҵх рҽалакны, аӡы ирны, атанк ҟаҵаны иааргеит. Гагратәи ажәылара ашьҭахь аибашьҩы уаҳа атанк дақәтәартә изыҟамлеит. Гена аибашьра зегьы ихигеит ат­анктә баталион акомандир ихаҭыԥуаҩ ҳәа дшыҟаз, Егрынӡа днаӡеит,  Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ даԥсахеит. Ачымазара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит 2020  шықәса рзы.

Аишьцәа реиҵбы Рамизгьы аибашьра зегьы дахысит. Витали Смыр ибаталион аҿы еимадаҩыс дыҟан. Ажәыларақәа зегьы дрылахәын. Марттәи ажәылараан Витали иареи Аҳабла ҿыц аҿы иҟаз адәыӷбатә платформаҿы ихәыҵатәан ҩаха-ҩымш, рыԥсы шҭазгьы аӡәгьы издырӡомызт. Нас хәыҷы-хәыҷла иалҵит. Рамиз Леон иорден ианашьоуп. Иара идунеи иԥсахит Гена ишьҭахь ԥшьымз ааҵуаны. 

Хьымца Гагратәи аоперациа ашьҭахь аракетатә комплекс «Бук» амаҵ иуан.  Арра данахысуаз С- 400 ҳәа иҟоу акомплекс, аҳаирпланқәа ҭазырхо, аоператорс дыҟан. «Сызларыԥшааз сыздырым, аха «Бук» ахь сиаргеит. Маи нахыс аибашьра еилгаанӡа уа сыҟан. «Бук» - уи атанк Т-52, аракетақәа хԥа жәеиза-жәеиза метра аура аманы изықәгылоу ауп. Убырҭ аракетақәа рыла аибашьраан аус бзианы иаҳуит. Гәымсҭа ацҳа ԥыржәарц ианашьҭаз иҭаҳархеит ҩ-ҳаирпланк. Даҽакы -Синоп. Анаҩс, еиҭа ҳаирплан дук, аибашьцәа зҭаз, Аҟәа итәараны иҟан, убригьы аҭархаразы адҵа ҳаун, иҭаҳархеит. Ҳара ҳадагьы иҟан «Оса» ҳәа ҽа гәыԥк. Урҭгьы иҭадырхаз ыҟоуп, ибзианы аус руит аибашьраан», -  еиҭеиҳәоит аветеран.

«Бук» аҿы Хьымца ицыз аоператор  даурысын, Александр Азарнов ихьӡын. Дара иахьагьы еиҭанеи-ааиуеит, еиҩызцәаны иаанхеит.

 «Бук» аҷыдарақәа ируакуп, иара анхыслак, иаразнак уҭыԥ уԥсыхроуп, аҭак аар алшоит азы. Аеродром аҿы аҳаирплан анҭадырхоз аҽны, Хьымца дицын Џьубеи Сақаниа. Амеханик данхыс, Џьубеи ахырӷәӷәарҭахь деихеит аанда дахыԥаны. Ари збаз Хьымца иахьагьы ихашҭуам уи ахҭыс.

«Дахыԥеит ҳәа, иҳаракӡангьы дахыԥеит, аҽыҵәахырҭахь дыҩит. Дахьахыԥаз аԥхьа агәашә хәыҷы ҿан. Сара ус сынҭыҵын снеит. Саниазҵаа узлааи ҳәа, акымзарак сгәалашәаӡом иҳәеит. Нас ианисырба, аанда шыҳаракыз, агәра изгомызт. Ҳанеиқәшәо ари ахҭыс ес­нагь иаҳгәалашәоит», - иҳәоит Хьымца уажәгьы дԥышәарччо.

Қәҭеишь аҳаирплан аны­шьҭыԥраа ангыла нахыс «Бук» иақәтәаз уи рылаԥш ахын. Аекран аҿы ирбон шаҟа бжьоу иара аҟынӡа, иарбан ццакыроу иамоу. Еихсыртә ианынаӡалак, атехника автомат ахь ииагатәуп, анаҩстәи аус зегьы ахала иҟанаҵоит. ««Бук» ацәцашьа амаӡам», иҳәоит Хьымца. 24 сааҭ уахгьы-ҽынгьы иԥшыхәуа итәан, аҳаирпланқәа ирышьҭашәарыцо. Ицоз, иаауаз зегьы рбон. Ақырҭцәа Гәымсҭа ацҳа аԥжәара акәын изышьҭаз.

«Уи ԥыржәар, зегьы ирдыруан ҳус шҽеимхоз, уи ак акәын иҳамаз аиасразы. Сентиабртәи ажәылара аԥхьа, ақырҭқәа рҳаирпланқәа ҩба даара рҽазыршәеит ацҳа аԥжәаразы. Ԥшьынтә-хәынтә иааит, аха рыҩбагь ҭархан «Бук» ала.

Хьымца Смыр ианашьоуп Агәымшәаразы амедал. Иара игәы иаланы иҳәоит, аибашьра зегьы иахысыз амедиеҳәшьцәа рџьабаа ишахәҭоу еиԥш ахә шшьам. «Аӡәы заҵәык иԥсы еиқәлырхазаргьы, Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ даԥсоуп, иҩуа иҳашьҭаз, аԥсра иацәымшәоз, ахацәа иҟарымҵоз аус ҟарҵон. Макьана икьасаӡам иахьагьы», - иазгәеиҭеит иара.

Альбина Жьиба.