«Иахьа иԥшьоу Амемориал аҿаԥхьа ҳаизеит, Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҿы зегьы реиҳа ихадоу, иԥшьоу аныҳәа — Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәаҭаразы».
Ари амзар иарбоу баша рыцхәым. Аԥсуа жәлар рзы ари агәалашәареи, афырхаҵареи иасимволхаз, Аԥсадгьыл абзиабара зырҵабыргыз мшуп.
Ари Аиааира шьала икәабоуп. Зықьҩыла иреиӷьыз Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи аԥсадгьыл ахьыԥшымра рхы ақәырҵеит. Афырхацәа рыхьӡқәа наунагӡа Аԥсны жәлар рҭоурых аҿы иаанхоит», - ҳәа азгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.