Print this page

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рфырхаҵареи ргәымшәареи иазку адокументалтә фильм «30 шықәса рышьҭахь» арбара далахәын

Цәыббра 29, 2025 21

Афильм еиҭанаҳәоит амаршал Баграмиан ихьӡ зху аерманцәа рбаталион аветеранцәеи, егьырҭ абаталионқәа ирылаз аерманцәеи аибашьраани уи ашьҭахьи рнысымҩа. 

Афильм  авторцәас иамоуп ажурналист Манана Кокосқьыри арратә оператор Валера Маиромиани.

Арбара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аахыҵ Уаԥстәыла аԥыза-министр Константин Џьусоев, иара убас, аиҳабыра, Апарламент адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.