Print this page

Атәанчахәқәа рышьҭыхразы

Нанҳәа 22, 2025 28

Аԥсны Аԥыза-министр Владимир Делба хазы игоу акатегориақәа ирыҵаркуа атәылауаа ртәанчахәқәеи ироуа аԥаратә цхыраагӡақәеи рышьҭыхра азҵаарақәа рзы аилатәара мҩаԥигеит. 

Уи рхы аладырхәит асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьбеи Атәанчаҩратә фонд ахантәаҩы  Денис Гәылариеи.

Иалацәажәеит ҳазҭоу ашықәс азы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа, Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рҭаацәа, зыԥсҭазаара иалҵыз аибашьра аветеранцәа рҭаацәа, аҳәынҭқарратә хьӡқәа змоу атәанчаҩцәа,аорденқәеи амедалқәеи занашьоу атәанчаҩцәеи егьырҭ акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчаҩцәеи ироуа атәанчахәы ашьҭыхра.  Адемографиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵаны Аминистрцәа Реилазаараҿы ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәса инаркны ахшара рацәа змоу аҭаацәа ироуа аԥаратә цхыраагӡақәа рышьҭахра азԥхьагәаҭоуп.

Аминистр иҟаиҵаз адырра инақәыршәаны, аԥаратә цхыраагӡа зауа ахшара рацәа змоу аҭаацәа  рхыԥхьаӡара аҵыхәтәантәи 10 шықәса рыла  4500 рҟынтәи 5 500 рҟынӡа иазҳаит.

Ԥхынгәымза 1, 2025 шықәса инаркны аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарра атәанчахәеи егьырҭ асоциалтә шәатәқәеи змауа, хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчаҩцәа ртәанчахәы ахь ацҵақәа шьҭыҵит.

Нанҳәамза 1, 2025 шықәса инаркны  1941-1945шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәеи аинвалидцәеи, Асовет ар аинвалидцәа, Афганисҭан имҩаԥысуаз аибашьра аинвалидцәа, Афганисҭан иҭахаз рҭаацәа, Чернобыльтәи атомтә фымцатә станциаҿы иҟалаз амашәыр ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иалахәыз ироуа ашәатәқәа шьҭыхуп.