Ҳазну «аглобализациа аамҭа» зыхьӡхаз ашәышықәса, иҳаԥнагало аҭагәаҭасрақәеи аиҭеиҭашәарақәеи ҳрыламӡыкәа, ҳажәлар ахеиқәырхара ахьрылшо ҳаԥсадгьыл аҟны шакәу зегьы ибзиаӡаны иҳаилкаарҭазароуп. Иахьа аҟара иаҭахны иҟамлацт ажәҩахыреибыҭара, еилшәара зқәым АКЗААРА акырӡа аҵанакуеит даҽа аамҭанык еиԥшымкәа. Ажәакала зыԥсадгьыли зуаажәлари аԥеиԥш бзиа рымазарц зҭаху дарбанызаалак, Аԥсадгьыл аҟны рҽеидкылара иаамҭоуп.
Ирҳәоит, иҳаҩсхьоу ашәышықәсақәа раан, ҳажәлар ахҵәара анрықәшәа, аԥсҭазаара гәыӷрала еибаркгәышьами, еихсыӷьра зқәым рӡыхьқәагьы рхәышҭаарақәа реиԥш иҿаҳәаны ицеит ҳәа. Насыԥ имоуп, иџьбароу аамҭа рацәа анаҩс, ахынҳәра заҭәашьахаз, ихьышьҭроу, аԥеиԥш лаша иамҩоу зӡыхь ҩаԥхьа иззеиҵыхыз… Забдуцәа рџьынџь мчыла иаҟәыгаз рхылҵшьҭрақәа убри разхьарԥшра, уи агьама хаа гәыла-ԥсыла ирнырыртә ргәыбылра арҿыхара ауп хықәкы хадас иамоу, Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы, аа-шықәса раахыс имҩаԥнаго апроект «Ахьышьҭрахь».
Ииун мза анҵәамҭазы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы иабжьгаҩ Вадим Ҳаразиеи, аилак аиҿкааразинтә ҟәша аиҳабы Аслан Сангәлиеи зеилазаараҟны иҟаз Аԥснытәи аделегациа, Ҭырқәтәыла рыҟазаара аамҭа иалагӡаны, имҩаԥыргеит уаҟа еиҿкаау аԥсуа культуратә хеидкылақәа рнапхгаҩцәеи, Кавказтәи акультуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы Иунал Халавеи рԥылара. Аԥхарра зҵаз арҭ аицәажәарақәа рҟны ирзааҭгылан, есышықәсеиԥш сынтәагьы Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуааи, Нхыҵ-Кавказтәи ҳаешьаратә жәларқәа рхылҵшьҭрақәеи, 14-17 шықәса ирыбжьанакуа ақәыԥшцәа рзы еиҿкаахо аԥхынтә лагер «Ахьышьҭрахь – 2025» иадҳәалоу азҵаарақәа. Хыхь ишазгәаҭоу еиԥш, зҭоурыхтә ҵакы ҳараку ари аусмҩаԥгатә амшын нырцә инхо ҳџьынџьуаа қәыԥшцәеи, иҳарӷьажәҩоу Нхыҵ-Кавказтәи абазақәеи адыгақәеи рабиԥара ҿеи, ҳажәлари реимадара арӷәӷәара, рҭоурыхтә ԥсадгьыл разхьарԥшра, аҿарацәа реибарбарала ргәеизыблра арҵаулара уҳәа роуп иазҵаатәы хадоу. Урҭ араҟа рыҟазаара иалагӡаны алшара роуеит Аԥсны аҭоурых аилкаара, иблахкыгоу аԥсабара иаԥнаҵаз аҭыԥ ԥшӡарақәа рҭаара, ибеиоу ҳдоуҳатә культуратә ҭынха азҿлымҳахара, ҳҵас – ҳқьабз, инеидкыланы, аԥсуа жәлар рыбзазара лабҿаба абара, рыжәлантәқәеи дареи реибадырра.
Урҭ зегьы ҳәарада, агәеизыблра иеиззырҳауа шьаҿақәоуп, насгьы ирбо-ираҳауа рцәаныррақәа дырҿыхоит, ргәалаҟазаара шьҭнахуеит, ахааназы ирхамшҭуа агәалашәарақәа рзаанрыжьуеит. Ажәлар ражәа баша иалам «абла иабо ахы иаԥсоуп» ҳәа.
Алагер «Ахьышьҭрахь» иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатә инақәыршәаны, аусура аамҭа х-хәҭакны еихшоуп. Актәи ахәҭа азгәаҭоуп август 1 инаркны 10-нӡа, иалахәу рхыԥхьаӡара 80-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьтә 40-ҩык Аԥсуа культуратә хеилакқәа рҟнытә, даҽа 40-ҩык Кавказтәи акультуратә, центрқәа Рфедерациа ахьтә. Аҩбатәи ахәҭа, август 12-22 ирыбжьанакыз аамҭазы, Аԥсныҟа ԥсшьара иаауеит Нхыҵ-Кавказынтәи – Ҟарачы-Черқьесстәи, Ҟабарда-Балкариатәи ареспубликақәа рахьтә еиԥш, Ставропольтәи Краснодартәи атәылаҿацәқәа рыҟнытәгьы 70-ҩык ақәыԥшцәа. Ахԥатәи аамҭа хәҭа еиднакыло агәыԥ аараны иҟоуп август мза анҵәамҭазы, уи иалахәуп Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа рхылҵшьҭрақәа.
Август 1 азы забдуцәа рџьынџь иаҭааз раԥхьатәи агәыԥ иалаз ажәлақәа иреиуоуп: Агрба, Тәанба, Аншба, Аҩӡба, Ашәба, Ахба, Аргәын, Шамба, Абаӷба, Ҟәаԥсаргьен, Хәарцкиа, Амҷба, Ебжьноу, Ҭраԥшь, Хәытаба, Самаа. Урҭ ианааз амш аҽны Аҟәа ақалақь Ахьӡ-аԥша апарки, амшын аԥшаҳәаҟны Амҳаџьырқәа рыхьӡала игылоу абаҟеи, Ешыра ақыҭан Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба имемориали рҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит. Анаҩс, ирҭааит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи, аботаникатә баҳчеи. Адрҩаҽны ргәалаҟазаара шышьҭнахыз рхы-рҿы ианубаало, зыԥшӡара ихнахыз аӡиа Риҵеи, уи акәша-мыкәша иҟоу аҭыԥ ԥшӡарақәеи, Г.Смыр ихьӡ зху Афон ҿыцтәи аҳаԥи ирҭааит.
Август 5 рзы, аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа ақалақь фырхаҵа Гәдоуҭа иҟан. Ашәҭқәа шьҭаҵаны ихырхәеит аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи, Лаҭатәи ахлымӡаах иалаӡызи рбаҟақәа рымҵан, убасгьы ҳџьынџьеиқәырхаратә еибашьра аан иҭахаз ҳџьынџьуаа рхылҵшьҭрақәа рҳаҭгәынқәа рҟны. Анаҩс, С.П. Дбар ихьӡ зху Аџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи ахь инеит. Уаҟа ирбаз, аԥсадгьыл зыхьчоз адиаспора ахаҭарнакцәа рфотосахьақәа, рысалам шәҟәқәа, хаҭалатәи рышәҵатәқәа уҳәа азҿлымҳара ҳаракы рызцәырнагеит. Амузеи азалқәа рҟны ицәыргоу аекспонатцәа зегьы еиҷаҳарала реилыркаара лҽазылшәон «ас еиԥш аиԥыларақәа ирыбзоураны, досу ҳгәыблра есааирагьы иҵаулахалоит» ҳәа зажәа хзыркәшаз, уи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырба.
Амҳаџьырцәа ирызку ауада ахәаԥшра даара акыр аамҭа ақәдырӡит ақәыԥшцәа, експонатцыԥхьаӡа иааҭгыла-ааҭгыло хәыцра ҵаулала ирызнеиуан зегьы. Иара уаҟа, агазеҭ «Аԥсны» аредактор хада Ахра Анқәаб «шәабдуцәа рџьынџь аҭаара даараӡа зҵакы ӷәӷәоу шьаҿоуп, шәареи ҳареи ҳажәҩахыреибыҭара, ҳаӡәкра, ҳажәлар аамҭа аӡеибафара ҳаламӡыкәа, ҳшьам дгьыл аҟны наӡаӡа ҳаҟазаара иашьагәыҭуп» ҳәа азгәаҭо, иԥшьоу рыԥсадгьыл гәакьа агәыблра аҟәырҷахак аҳасабала, аҿарацәа ҳамҭас ириҭеит, атәыла Ахада иқәҵарала сынтәа изшықәсаны ирлаҳәоу Аԥсны раԥхьатәи Ахада В.Г.Арӡынба ихьӡынҩылоу апоезиатә рҿиамҭақәа еидызкыло, иара аицеиқәыршәаҩыс дызмоу раԥхьатәи антологиа «Ашьауардыназ Ажәа». Анаҩс, аҿар мҩахыҵит жәытә-натә аахыс ҳажәлар рҭоурыхтә лахьынҵа ахьырыӡбоз, иара убас иахьа уажәраанӡагьы еиуеиԥшым агәырӷьаратә ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа ахьымҩаԥырго Лыхны ашҭахь.
Ҳԥеиԥш лаша азнеира амҩа есымшааирагьы ишьақәзырӷәӷәо ашьаҿақәа иреиуоуп ишдыру еиԥш, ҳџьынџьуаа рыжәлантәқәеи дареи реибабара. Убас, араҟа Лаврент Алықьса-иԥа Лакоба иҭаацәа, аҩныҟа днаԥхьаны, гәыблыла иԥылеит, сынтәа ҩынтәны забдуцәа рџьынџь иаҭаауа, Диузџье азааигәа ишьҭоу Дериере Ҳасанбеи Кьеҩ ақыҭа иеиуоу, 15 ш. зхыҵуа Еимен Шьемси-иԥа Лакоба. Ас еиԥш аибабарақәа рхаҳара аҵакы аҩаӡара ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш азы акырӡа рыҵаркуеит. Алагер алахәцәа Лыхнынтә рымҩа хан Мгәыӡырхәа ақыҭан аетнографиатә парк «Аԥсны» ашҟа.
Ҳџьынџьуаа жәамш Аԥсны рыҟазаара ԥсҭазаара ҿыцк еиԥшны ирыдыркылеит, ахааназы ирхамшҭуа агәалашәара ԥхақәа рыманы ихынҳәит рыҩныҟақәа рахь август 11 рзы. Адырҩаҽны, Аԥсны иаҭааит Ҟарачы-Черқьессиа, Ҟабарда-Балкариа ареспубликақәеи Краснодартәи Ставропольтәи атәылаҿацәқәеи рахьтә абазақәеи адыгақәеи ирхылҵшьҭроу аҿарацәа.
Баша ирҳәом «илоуҵаз ауп иааурыхуа» ҳәа. Жәларык ҳхьаа жәларык ҳаргәамҵуеит, аха уи ахәшә, аԥсцәаҳа ихәшә еиԥш, ҳара ҳхаҭақәа ҳҟноуп иахьыҟоу. Иарбан ҭоурыхтә ӡыбларазаалак ҳажәлар алнагон ҳдоуҳа амчи ҳадгьыл ԥшьа амчи рхеибарҭәаара. Шәышықәсала иԥсыҽымхааит нас уи амч, Ҳазшаз ибзоурала!
А.Бзыԥба