Print this page

«Аҵх ахықәан»

Нанҳәа 19, 2025 11

Ҳаамҭазтәи аԥсуа шәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа ироман «Аҵх ахықә» аҭыжьымҭа ҿыц ҭыҵит Аҟәа, Аҳәыншәҟәҭыжьырҭаҿы.

Ароман аҟны иазааҭгылоуп Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра еиҟәнашаз ҩыџьа аиҩызцәа рлахьынҵа.
Автор ихаҭа асиужет абас дахцәажәоит: «Гәымсҭатәи афронт аҟны еибашьуаз иҩыза дҭахеит. Уи дышәҟәыҩҩхар иҭахын, М.Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны аҵара иҵон, аха иҵара кажьны Аԥсныҟа дхынҳәит аибашьра ианалага. Данҭаха ашьҭахь аибашьра ахҭысқәа ирызкны ииҩуаз анҵамҭа зныз атетрад рбеит».
Еиқәхаз афырхаҵа анҵамҭақәа дрыԥхьауа, ииасхьоу, ихигахьоу ус баша игәалаиршәом, иҽазишәоит иҩыза иҭахара аилкаара, аԥсҭазаареи ауаҩытәыҩса ицәаныррақәеи рызҵаара хадақәа аиҭарызхәыцра.
Автор игәаанагарала, аибашьра – ари рыцҳара мацарам, акыр еибарххоу игәыҿкаагоу, ахҵәара-ахыԥсаара зцу аԥсҭазаара аметафора ауп. Уи наунагӡа иаԥсахуеит иара зыхҭызгаз, зны-зынла дара аԥсҭазаараҿы изаҵәхоит, рхала рхы иазынхоит.
Даур Наҷҟьебиа ишәҟәы азкуп абзиабара, аԥсра, аибашьра, адунеи аҟны ауаҩы изаҵәра, аԥсҭазаара ахшыҩҵак аԥшаара.
Ароман еиҭагоуп англыз, аерман, ақырҭуа, аиталиан, аиспан, анемец, аголланд, асерб, ахорват бызшәақәа рахь.
«Аҵх ахықәан» арратә тема хықәкыла ақырҭуа-аԥсуа еибашьра аҳәаақәа ирҭыҵуеит, иазааҭгылоуп иара аибашьра закәыҵәҟьоу. Ари ашәҟәы аԥхьаҩцәа хымԥада ргәы иақәшәоит. Урҭ азҵаара дуқәа рызхәыцрахь икылыргоит. Абри акәӡами алитература литератураны иҟазҵо», – абас лыҩуеит алитератураҭҵааҩ Алиса Ганиева.