Print this page

Ахыԥша анарха

Нанҳәа 19, 2025 34

Ажурналист, апублицист, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы Николаи Киут иԥсҭазаара зегьы иԥсадгьыли ижәлари рымаҵ аура иазкын.

Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан аԥсуа традициақәа иахьрықәныҟәоз аҭаацәараҿы изызҳаз Николаи Басиаҭ-иԥа Киут диит 1910ш. жьҭаара 25 рзы, аешьара рҟны еиԥш, ақыҭауаа рыҩнуҵҟа пату зқәыз анхаҩы аамысҭашәа иҭаацәараҿы.
Ақыҭа школ даналга иҵара иациҵеит аԥсуа школ-интернат аҟны. Уаҟа иҵара аныхиркәша 1928 ш. дҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә техникум. 1931 ш. иҵара далганы аусура хациркуеит атәылаҿацәҭҵаара Аԥснытәи аҭҵаарадырратә институт аҟны. Аԥсуа доуҳатә культура иазҿлымҳаз аҷкәын аамҭакала Аԥсуа драматә театр далан, идыргалоз арольқәа наигӡон. Аха рацәак мырҵыкәа амилаҭтә газеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» (иахьа–«Аԥсны») аредакциахь диасит.
1932-1933 шықәсқәа раан аҵара иҵон Москватәи ашьхатә институт аҟны. Иҵара хиркәшаанӡа, Аԥсны аиҳабыра рықәҵарала, агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциахь аусура дырхынҳәын. Аԥхьа еиҭагаҩыс аус иуан, аха иаарласны ақыҭа нхамҩа аҟәша аиҳабыс иӡбахә рҳәоит. Хара имгакәа, 1934 ш. инаркны агазеҭ аредактор хада ихаҭыԥуаҩыс диаргоит. 1938 ш. инаркны 1953 ш. азынӡа – еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аинформациа аҟәшеи акультура аҟәшеи дреиҳабын. Аха Николаи Киут иҿара ашықәсқәа раан Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ҵысит. 1942ш. Аҟәа, аршьаҟауаа рҵараиурҭаҿы акурсқәа данрылга Аԥсадгьыл ахьчара дцоит. Деибашьуан Аахыҵ-Кавказтәи, Нхыҵ-Кавказтәи, иара убас актәи Украинатәи афронтқәа рҟны. Польшеи Чихословакиеи рхақәиҭтәра далахәын. Аибашьраан акоммунисттә партиахь дрыдыркылеит.
1943 ш. инаркны алеитенант еиҳабы Николаи Киут дызлаз абаталион аштаб аиҳабы ицхырааҩыс дҟарҵоит. Акапитан ичын иман. Аиааира амш даԥылеит Германиа.
Аԥсныҟа даныхынҳәгьы ажурналист изанааҭ дацәхьамҵит, игәы ззыбылуаз аусура напы аиркит «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿы. 1953-1967 шш. раан акәзар, амилаҭтә газеҭ аредактор хадас дыҟан. Араҟа уаанӡа— аԥышәа ду ирҳахьан.
Ажурналист есааира иҟазара иазирҳауан, аҭакԥхықәрагьы ааирԥшуан. Абарҭқәа ҳасаб рзуны ауп Аԥсны Аиҳабыра аԥсуа газеҭ анапхгара инапы изанырҵаз. Илаз абаҩхатәра ҷыда акырӡа ицхраауан аредакциа аусура ишахәҭаз аиҿкаараҿы. Иҩызцәа-иколлегацәа рыҩнуҵҟа даара ҳаҭыр иқәын, зегьы рнаалашьа дақәшәон. Иаамысҭашәара зегьынџьара мҩанызас иман. Аԥсуаҵас иааӡаз, акультура ҳаракы аазырԥшуаз, иҟазшьала, ихымҩаԥгашьала инапаҵаҟа аус зуаз аҿырԥшы бзиа дирбон, даргьы уи даара пату ақәырҵон, азеиԥш ус аҟны ивагылан, ирылшоз ҟарҵон.
Усҟантәи аамҭақәа раан жәиԥшь шықәса инеиԥынкыланы аредакторс аусура мариамызт. Николаи Киут иԥсадгьыл аҿаԥхьа ламысла иусура Аԥсны анапхгара игәарымҭар ауамызт. 1967 ш. Аԥсны акультура аминистрс диаргоит. Ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усура аамҭа рацәаны ишимнахуазгьы, иҟазшьа ишалаз еиԥш, зехьынџьара иус ҭакԥхықәрала дазнеиуан.
Николаи Киут апартиа Аԥснытәи аобласттә камитет далан, зныкымкәа апартиатә конференциақәа рделегатс дыҟан. Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет 4-тәи, 5-тәи, 6-тәи, 7-тәи ааԥхьарақәа рдепутатс далырххьан.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәыз Николаи Киут Аԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы ианашьан «Аеҵәа ҟаԥшь» аорден, «Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден» 1-тәи, 2-тәи аҩаӡарақәа, «Аҳаҭыртә дырга» аорден, амедалқәа маҷымкәа.
Аԥсуа милаҭҭә журналистикаҿы илагала ҟаимаҭ азы, «Қырҭтәыла зҽаԥсазтәыз ажурналист», иара убас «Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз асузуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа ихҵан, ианашьан Қырҭтәылеи Аԥсни раҳаҭыртә џьшь­арақәа.
Николаи Киут аԥсшәахь еиҭеигахьан аполитикатә литература иаҵанакуаз ашәҟәқәа, ибаҩхатәра ааирԥшхьан асахьаркыратә литература аиҭагараҿгьы. Иаагозар Гьа­ргь Гәлиа иповест «Сахьан ааԥынра» ахәҭак еиҭеигахьан, ахрестоматиатә ҟазшьагьы аанахәахьан. Есааира идыррақәа ирызирҳауан. 1948-1951 шш. раан аҵара иҵон Қарҭтәи хәылԥазтәи аиуристтә институт афилиал аҟны, КПСС Ацентр Комитет аҟны иҟаз Иреиҳау апартиатә школ ажурналистика афакультет далгеит (заочно), апрактика дахысуан Москва, агазеҭ «Правда» аредакциаҿы. 1957 ш. инаркны СССР ажурналистцәа Реидгыла далан. 1959ш. Москва имҩаԥысуаз СССР ажурналистцәа Реидгыла аизара ду аделегатс дыҟан.
Аԥсны акультура аминистрра данахагылаз ашықәсқәа раан ҷыдала аԥсуа милаҭтә ҟазара арҿиара дазҿлымҳан. Аԥсуа театри, асимфониатә музыкеи, жәлар рҟазареи реизырҳара дазааԥсон. Аԥсуа ҟазара Аԥсны анҭыҵ аӡыргара дацхраауан.
Игәабзиара анхьысҳаха анапхгаратә маҵура аанижьуеит, аха изгәакьаны иишьоз «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿы 1984 ш. рзынӡа еиҭагаҩс дыҟан.
Николаи Киут иԥсҭазаареи иусуреи Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа ирыдҳәаламкәа ҟалашьа амамызт. Еснагь аиаша дацныҟәон. Абар, амилаҭҭтә журналистика зышьҭа анызҵаз, акыр шықәса агазеҭ «Аԥсны» аредакторс иҟаз Борис Ҭыжәба игәалашәарақәа руак аҟны ииҩуа: «Усҟан аредактор ихаҭыԥуаҩыс аус иуан. Апартиа аобласттә комитет аҟны еилацәажәарак мҩаԥысуан – изызкызгьы аԥсуа алфавит ақырҭуа ҩырала аиҭакра акәын…
Ари нахыс иара иажәақәа аазгоит: «Ҩбаҟа ажәа роуп исҳәаз, аха изыхҟьа- зынԥа зынӡа исзымдырӡо актәи амаӡаныҟәгаҩ дыҵнарҟьеит… «Ажәлар раӷа Сардион Киут иашьа, – иҳәеит ихы сықәкны ҿҭыӡәӡәала сцәа схыхуа – узҵаатәы уаҵәы хазы ҳахәаԥшуеит, ашьыжь ара уҟала!» – иҳәан дсыҵаҟьан сдәылицеит. Схы сымагәхьаа илықәырԥшны Кындыӷҟа сцеит. Сҭаацәа, сҭахқәа зегьы еизаны ауыха инкахәыцуа ишсыдтәалаз иаашеит.
Бамба кьаҿк сзырыԥшаан, аҩныҵҟа ҵыртланы, аԥара ҭаӡахны исшәырҵеит. Фатәы-жәтәыла идырҭәыз схәырџьын саҵаланы ашьжьымҭан аобком аҿы сахьааиз ашә ҟьаҟьаӡа иаартын, еилаҩеиласран. Издыруаз аобком аусзуҩык «уара, ара иҟауҵоузеи?» ҳәа дансазҵаа, «уаҵәы ашьыжь уааи, узҵаатәы ҳалацәажәоит» ҳәа актәи имҳәеи» сҳәеит. «Азҵаатәы иалацәажәо дабаҟоу, иара ихаҭа абыржәы дырбаандаҩтәны дыргеит», иҳәеит. Ари ансаҳа сҩықәгьежьаан сцеит. Анцәа ила урҭ ашықәс еиқәаҵәақәа раан уаҳагь саҿамшәеит».
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҟнытә иааирала ихынҳәыз Николаи Киут, ашықәс аиқәаҵәақәа раан Сталин иаамҭа хьанҭақәа дрыламӡкәа дааиуан, аԥсҭазаараҿы еснагь ихатә гәаанагара шимазгьы.
Николаи Киут дырзааигәан аԥсуа интеллигенциа рыгәҭылсақәа ашәҟәыҩҩцәа: Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Ӡаӡ Дарсалиа, Миха Лакрба, Мушьни Аҳашба, Иван Папасқьыр, Баграт Шьынқәба, Қьаазым Агәмаа, Гьаргь Гәлиа, Иван Ҭарба уҳәа аӡәырҩы, аҵарауаа: Гьаргь Ӡиӡариа, Шьалуа Инал-иԥа, Хәыхәыт Бӷажәба, реиԥш иҟаз ахатәрақәа.
Рҿара ашықәсқәа инадыркны аиҩызара бзиа рыбжьан иара убас еицырдыруа аԥсуа артистцәеи иареи, урҭ иреиуоуп: Аазиз Агрба, Леуарса Касланӡиа, Шәарах Ԥачалиа, Минадора Зыхәба, Разанбеи Агрба уҳәа.
Арҭ аҿырԥшқәа иаҳдырбоит Николаи Киут идунеихәаԥшра амҽхак аҭбаара. Дырмит Иасыф-иԥа иааӡамҭацәа иреиуаз иаԥсуара аныҟәгашьеи иҟазшьа иаҵубаауаз амилаҭ хдырреи хеибарҭәаауан. Ҵабыргны, иҭеиҭыԥшгьы иуанаҳәоз, иуеилнаркаауаз рацәан. Иқәрахь даннеигьы, агәабзиара наӡа шимамызгьы, аусураҿ акәзааит, ақалақь аҟны амҩан данаауԥылоз акәзааит, дызбоз иҵашьыцратә деибыҭан, деиҿкаан, абыбыц иқәыршәымызт. Ӡынгьы-ԥхынгьы дызлеибыҭаз ицәашәҵатәы инаалон, еснагь иныҟәигоз ашлиапа акәзаргьы, уи дазшан. Усҟан аԥсуаа рахьтә ус ирылукаауаз рацәаҩымызт, иҟаларын зынӡа имаҷҩзаргьы, раԥхьаӡа ухәыцра иналашәо ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы Аслан Ҭамшьыгә-иԥа Оҭырба уҳәа реиԥш иҟаз аӡәык-ҩыџьак ракәымзар.
Николаи Киут ҭеиҭыԥшлагьы, хымҩаԥгашьалагьы икәша-мыкәша иҟаз дрылубаауан. Даныхәыҷыз инаркны аҩнаҭаҿы ишьҭикааз аԥсуара аԥсҭазаараҿы уасхырс иман, ицхыраагӡан анапхгаратә маҵурақәа данырхагылазгьы. Абасала, аԥсҭазаараҿы аӡәы ҳәа ижәлар дрылагылан, аԥсуаҵас иааӡаз, акультура ҳаракы злаз аинтеллигент.
Николаи Киут, Аԥсадгьыл ахьчараан еиԥш, аҭынч ԥсҭазаараҿы ламысла ижәлар рымаҵ иуан. Маҵурас дыззыркуазаалакгьы, илшоит, аныҟәгара даԥсоуп ҳәа идыргалон. Ахаангьы агха рыхьуамызт, избанзар агәрагара иҽаԥсеитәхьан. Идырреи иԥышәеи аус аиҿкаараҿы ицхраауан. Дахьыҟазаалакгьы аҿар реиҵааӡара дазҿлымҳан, аԥышәеимдара аусураҿы ихәарҭан. Ивагылаз, инапаҵаҟа аус зуаз еснагь иҿырҵаауаз рацәан. Иааигәа аҟазаара жәҩангәашәԥхьаран. Иааӡамҭацәа рацәаҩуп ажурналистцәа рыҩнуҵҟа. Урҭ рахьтә имаҷҩым аамҭақәак рышьҭахь еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә маҵурақәа зырҭоз.
Николаи Басиаҭ-иԥа Киут ҵакыла игә­ыл­ҭәаау аԥсҭазаара амҩа данысит. Ихьӡи иабхьӡи еидкыланы ирҳәон ҳаҭырқәҵара дула. Ашьац иаӷрамгылоз, аха ианаҭахыз апринципра аазырԥшуаз, злагалагьы шьардоу ажурналист, апублицист, аредактор, акультура аминистр иакәны деицырдыруан.
1984 ш. рзынӡа агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿы еиҭагаҩс аус зуаз Николаи Баисаҭ-иԥа Киут 1986 ш. маи 29 рзы иԥсҭазаара далҵит. Аҵыхәтәантәи имҩахь данынаскьаргоз аҽны акәзаргьы, ауаҩы аамсҭашәа ихыԥша анарха шамаз шьақәнарӷәӷәон хыԥхьаӡарарацәала рхы-ргәы дахьалырхуаз. Аԥсны Аиҳабыра реиԥш, наӡаӡа ҳәа иарҳәон ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, ажурналистцәа, акультуреи аҟазареи рымаҵ зуаз аӡәырҩы. Аибашьра ашьҭахь, уи игәалашәара аҳаҭыр азы Аҟәа, 1947-1960 ш.ш. раан дахьынхоз Аидгылара амҩаҿы икыдҵан имемориалтә ӷәы.
Аԥсуа журналистикеи амилаҭтә культуреи рырҿиараҿы злагала шьардоу Николаи Басиаҭ-иԥа Киут ихьӡ хашҭра ақәымкәа иаанхоит, аҩажәатәи ашәышықәсазтәи адоуҳатә культура аҭоурых иузаҟәымҭхауа.

Вахтанг Аԥҳазоу