Аиԥылара ихы алаирхәит аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.
Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит урҭ Аԥсны раҭаара иҭахаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟаҿы ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала иахьалагаз азы.
«Иахьатәи амш ҳара ҳзы афырхацәа ргәалашәара иазкуп. Ҳара иахьа Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз Афырхацәа ҳгәалаҳаршәоит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Шәара ҳ-Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ҳаҭырла иахьышәгәалашәыршәаз азы», — иҳәеит Бадра Гәынба.
Аиԥылараҿы аганқәа Аԥсни Санкт-Петербурги русеицура иамоу аперспективақәа ирылацәажәеит.