Ҳтәыла иахьа зхы иақәиҭу ҳәынҭқарроуп. Урҭ амш еиқәаҵәақәа раахыс еизҳаит абиԥарақәа, ааи х-жәашықәсак инарыцны… имаҷӡам аиашазы. Аха, еснагь иҳацзаауеит усҟантәи амш гәыҭшьаагақәа рхьааи, ргәалашәареи.
Иахьа егьы еиҵахара ҳамазаргьы, егьа хьысҳара ҳныԥшуазаргьы, еиҳауп ҳазхыҽхәаша. Зыуаҩреи, згәымшәареи, зфырхаҵареи рыла урҭ зегьы зыбзоуроу ауаа ыҟан, иҟоуп, иҟазаауеит ахааназгьы.
Ҳаԥсадгьыл имӷьаӡо ахәрақәа азынзыжьыз, аҟазаареи аҟамзаареи рхықә аҟны ҳназгаз урҭ амш хьанҭақәа рзы, Аԥсни аԥсуа жәлари зҭашәаз агәаҟажәабжь наҩит адунеи акәакьҭақәа иахьабалак. Уи заҳауаз зегьы еиԥшны иаурыдыркылахуаз. Аха, иҟан ҳажәлар ррыцҳара ду, хатә рыцҳарак аҳасабала издызкылаз, згәы амца ацранаҵаз. Зџьынџь гәакьа иахырбаауаз ҳажәҩахыр аҵгәара, ҭаҷкәымкны аҽҳаларҵәара зҽазҵәылхны иашьҭаз. Урҭ зегь раԥхьаӡагьы Нхыҵ-Кавказ иқәынхо ҳаешьаратә жәларқәеи мшын нырцә иҟоу ҳџьынџьуааи ракәын.
Август 15 рзы, Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа ахыхьчара ахеилак ахантәаҩыс иҟаз, арратә зыҟаҵареи аԥышәа дуи змаз аполковник гәымшәа Сулҭан Сосналиев ԥызара ззиуаз, хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ргәыԥ, зеилазаараҿы Барасби Бгажноков, Руслан Цримов, Алеқсандр Тухужев, Муҳамед Кушхов, Муҳамед Тхагалегов, Хусеин Каширгов, Артур Пшуноков уҳәа, зынӡа 22- ҩык Ҟабардаа рарԥарцәа еидызкылаз, «шәгәы кашәмыжьын, ара ҳаҟоуп» ҳәа иааит Гәдоуҭа. Анаҩс, есымшааира еиуеиԥшым амилаҭқәа рхаҭарнакцәа Аахыҵ-Уаԥстәыла, Алада Урыстәыла, Приднестровиа, Москва, Санкт-Петербург рахьтә еиԥш, ихароу аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа – Польша, Сербиа уҳәа рҟнытәгьы хатәгәаԥхарала иааны иҳацеибашьуаз рхыԥхьаӡара иацлон. Инаҵшьны даҽазныкгьы иазгәаҭатәуп, еиҳаракгьы Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа зегь рыҟнытә, анапхгараҭаратә маҵурауаа қәшаҳаҭрак шыҟарымҵозгьы, ашәарҭа ӷәӷәа иҭагылоу ҳашьцәа ҳрыцхраароуп ҳәа, агәаӷь зызҭаз ахацәа, рысабицәеи рыԥшәмаҳәсақәеи неизныжьны, гәыԥ-гәыԥла рыҽшаны шьхала Аԥсныҟа амҩа ишықәлоз. Уи ҳҵеицәа гәымшәақәа ргәашьамх арҵаруан, рымч-рылша ҩбанатәуан.
Ахәышҭаара, уабдуцәа рџьынџь ахьчара – дарбанызаалак ахаҵа иуалԥшьоуп, аха даҽа Ԥсадгьылк ахьчара, аиаша адгылара-уаҩра дуӡӡоуп, агәаӷьра ҳаракӡагьы аҭахуп. Ҵабыргыхаҭаны, азныказы ауаҩы ихаҿы аагара ицәыуадаҩуп, урҭ арԥарацәа иарбан мчу арахь ирыхоз аилкаара?! Аха, хаҭала ршьа-рда иалаз аиаша азықәԥареи, ҳажәларқәа рдоуҳа акзаара агәаӷь иахылҵуаз агәеизыбылреи агәаӷьреи ракәын уи, ҳәарада. Ҩажәи-жәаха шықәса раԥхьа ҳажәлари ҳаԥсадгьыли зҭагылаз ашәарҭареи ауадаҩреи риааиразы, ихатәгәаԥхаралатәиу аха зынӡа имариам, хеиӷьашьарак ҟамҵакәа, бџьаршьҭыхла ҳавагылара, хьаҳә-хьачарада азхиара иазынархоу ашьаҿеихгара, еиҵагыло абиԥарақәа рзы, фырхаҵара згым ҳажәларқәа рдоуҳа наӡаӡа еилшәара шақәым азы иҿырԥшыгоуп.
Аԥсны ахақәиҭтәра иалахәын 2310-ҩык хатәгәаԥхарала аибашьцәа. Урҭ рахьтә рыԥсы цқьақәа ҳахҭнырҵеит 18 жәлары ирхаҭарнакцәоу 260-ҩык инареиҳаны: Урыстәылантә – 99-ҩык, Адыгеи – 7-ҩык; Ҟабарда-Балкариа – 44-ҩык, Ҟарачы-Черқьесиа – 11-ҩык; Ингушетиа – 4-ҩык; Нхыҵ-Аахыҵ Уаԥстәыла – 13-ҩык; Чечентәыла – 54-ҩык; Ҭаҭарсҭан – 5-ҩык, Башкортостан – аӡәы; Удмуртиа – аӡәы, уҳәа убас егьырҭ атәылаҿацәқәеи ареспубликақәеи рҟынтәгьы. Ампыҵахалаҩ иҟнытә ҳаԥсадгьыл хатәгәаԥхарала иҳацзыхьчоз рхыԥхьаӡарахьтә шәҩыла иранашьоуп Аԥсны иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа, 51-ҩык –«Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳаракы, 300-ҩык – «Леон иорден», 700-ҩык инареиҳаны «Агәымшәаразы» амедал.
Ахәшьара аҭара уадаҩуп ҳажәлар рхақәиҭратә қәԥараҿы Аиааира Амш арааигәатәра аус азы хатәгәаԥхарала аибашьцәа иааныркылаз аҭыԥ. Акыр иаԥсоу хатәгәаԥхарала аибашьцәа, ҳажәлари, урҭ рԥеиԥш – еиҵагыло абиԥара ҿеи ҵыхәаԥҵәарада иҭабуп ҳәа шәарҳәоит. Шәфырхаҵара ҳазыгәдуа, шәанацәеи, шәабацәеи, шәыхшара рҿаԥхьа ҳхырхәоит. Ишәзеиӷьаҳшьоит гәабзиарала ихаҭәаау анҵыра рацәа, аԥсҭазааратә маншәалара, ажәҩан цқьа!
Аԥсны иҿыцу аҭоурых аҟны даҽакы иаламҩашьо рыцхә ҷыдоуп, Сулҭан Соснолиев ахатәгәаԥхаҩцәа раԥхьатәи ргәыԥ дырԥызаны, август 15 рзы Аԥсны ианааз амш. 2012 ш. раахыс ари арыцхә хатәгәаԥхарала аибашьцәа Рымш акәны иазгәарҭоит Аԥсны. Убри аҟнытә, ари агәалашәаратә мшы аламҭалаз, ҳтәыла анапхгара рааԥхьарала, есышықәса иаҳҭаауеит шәҩыла хатәгәаԥхарала еибашьуази урҭ рҭаацәарақәеи. Аԥсны рыҟазаара иалагӡаны урҭ Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан иҭахаз анышә иахьамадоу абаҟеи, Алада Ешыра ақыҭан, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал аҟни ашәҭқәа шьҭарҵоит. Ирымоуп алшара Аԥсны аҭоурыхтә ҭыԥқәеи, аҭыԥ ԥшӡарақәеи ирҭааны абаразы.
Сынтәагьы Афырхаҵара амш ҳәа гәыҩбарада иззуҳәар алшо, август 15-аҽны, ақалақь-Фырхаҵа Гәдоуҭа, 1992-1993 ш.ш. рзы Кавказ жәларқәа Рконфедерациа аштаб, даҽакала Аконфедератцәа Рыҩны ҳәа изышьҭаз ахьыҟаз ахыбра аҿаԥхьа, Баҭал Џьопуеи Ҭемыр Ҟаитани рыхсаалагақәа рыла иргылоу абаҟа аҟны имҩаԥысит амитинг. Уи рхы аладырхәит Аԥсны Ахада, Арбџьар мчқәа Ркомандаҟаҵаҩ Хада Бадра Гәынба, ихаҭыԥуаҩ – Беслан Бигәаа, Аԥыза-министр – Владимир Делба, Жәлар Реизара апарламент аиҳабы – Лаша Ашәба, аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра. Ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара анаҩс, агәалашәарақәеи азеиӷьашьарақәеи рыла иқәгылеит Аԥсны анапхгараҭара реиԥш, хатәгәаԥхарала абџьар шьҭызхыз рхаҭарнакцәагьы. Уи ашьҭахь аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирыцҵан Р.Дасаниа ихьӡ зху Гәдоуҭатәи акультуратә Хан аҟны. Еицырдыруа аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәеи, акәашаратә коллективқәеи рықәгыларақәа гәахәала ианахәаԥш, иаҭааит тематикала еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәа ахьеиҿкаау, С.П.Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи. Уаҟа лыссаамҭа аибашьратә хҭысқәеи, иахьатәи амш аҟнынӡа изымааӡакәа, злахьынҵа зхыццакыз рҩызцәеи ргәаладыршәон, ахьаа зхыубаалоз алакҭа иаԥсахуан аччаԥшь.
Ҳаԥсадгьыл ҳацзыхьчаз, Кавказ шла аҵеицәа заԥхьагылоу ажәларқәа ирхаҭарнаку афырхацәа ргәалашәара, ҳажәлар рҭоурых аҿы наунагӡа иаанхоит. Урҭ реилҟьареи ргәымшәареи шәышықәсала абиԥарақәа еимырдалоит аешьареи, ахаҵареи, ахамеигӡареи ирҿырԥшыганы.
Ахра Анқәаб