Print this page

Алахьеиқәҵареи агәалашәареи рымш

Нанҳәа 14, 2025 94

1992 шықәса, август 14 рзы аҧсуа жәлар аҟазаареи аҟамзаареи инеины инҭагылт. Иҳақәлаз аҕа иганахьала аҧсуаа ахаан ҽеи ишазҧшымызгьы, уи аҽны аибашьра иалагоит ҳәа аӡәгьы дыҟамызт.

33 шықәса уажәаԥхьа, 1992 шықәса август 14 азы иала­геит ҳажәлар рҭоурых аҿы зегь раасҭа итрагедиахаз адаҟьақәа руак – 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аӷа ҳҭынч тәыла имҳәа-мырза дақәлеит, ҳақәхра, ҳаимҵәара гәҭакыс иҟаҵаны.Ҳажәлар мчыла дара рҳәатәахьы риагара хықәкыс ишьҭыхны, усҟантәи ашықәсқәа раан Қырҭтәыла анапхгара адипломатиа абызшәа аасҭа еиӷьыршьеит абџьари атанкқәеи.
Аӷа џьаҧҳанылеи уааҧсыралеи имч акыр ишеиҳазгьы, ҳаҷкәынцәа гәымшәақәа рхы-рыҧсы иамеигӡа, гәшәарак ҳәа ҟамҵаӡакәа, напышьашәалаҵәҟьа аҕа иҿагылт.
Ҳажәлар ргәы мыҭрысит, иналукааӡаша Аԥыза В.Г. Арӡынба иааԥхьара рыбжьы ақәырганы, Рыԥсадгьыл ахьчараз игылт. Аиаша зганахь иҟаз аԥсуаа инарывагылеит милаҭрацәала еилоу ҳтәыла еиуеиԥшым амилаҭқәа рхаҭарнакцәа: аурысцәа, аерманцәа, абырзенцәа уҳәа егьырҭгьы.
Ацхырааразы иааит Нхыҵ-Кавказынтәи ҳашьцәа, адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟны инхауа ҳџьынџьуаа, Алада Урыстәылеи, Приднестровиеи, Ашьхатә Ҟарабахи рҟнытә хатәгәаԥхарала аибашьцәа.
413 мши-ҵхи ицоз аибашьра аҟны иҭахеит зықьҩыла ҳҵеицәа хазынақәа. Иҭахеит аҧсуа жәлар ацхыраара анырҭахха иарҕьажәҩаны ирывагылаз хатәгәаҧхарала Аҧсныҟа еибашьра иааз ҳашьцәа.
Август 14 лахьеиқәҵаратә мшны иаанхоит аҧсуа жәлар зегьы рзы. Аибашьра аан иҭахаз ҳҵеицәа ргәаладыршәарц Аҟәа, Ахьӡ-Аҧша апарк аҟны ашәҭқәа шьҭарҵарц уахь инеит Аԥсны Анапхгара, аиҳабыра реилазаара ахаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аветеранцәа уҳәа аӡәырҩы.
Агәаларшәаратә мшы аҽны Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, иара убасгьы ауаажәларратә усзуҩцәа, аҿар, ахәыҷқәа аҭааит, ашәҭқәа шьҭарҵеит аибашьра ианалага раҧхьатәи амш инаркны ҳаибашьцәа ираҧхьагылаз, зыхьӡ ҳәаны аҧсра иаҧылоз, анацәа зыхьӡала инықәуаз Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иҳаҭгәын.
Усҟантәи ахҭысқәа иага атрагедиа рыцзаргьы, иӡрыжәхеит ҳҳәынҭқарра, жәа­шықәсала ԥхьаҟатәи аҭоурыхтә лахьынҵа ауасхыр.
Наунагӡа ҳгәалашәараҿы иҟазаауеит Аиааира Амш лаша изаԥымлаз, ҳреихырхәоит аветеранцәа.

Шарида Торчуа