Аҭоурыхтә даҟьақәа рҟны иаҳԥыло акьыԥхьымҭақәа ишырну ала ԥхынгәы 2, 1993ш. 300- ҩык злахәыз амшынтә десант Тамшь ақыҭан иӡхыҵит. Урҭ Мрагыларатәи афронт архәҭақәа рыцхыраара рхы иархәаны иалдмыршеит ақырҭуа еибашьцәа рырхәҭақәа Аҟәа ақалақь ралагалара. Аӷа ихадоу ааха иҭан Мрагыларатәи афронт аганахьала. Ажәылара еиҿкаатәын ҩ-хырхарҭак рыла. Аоперациа "Ахьырԥшратә маниовр» ҳәа иашьҭан, уи алахәылацәа "Ишҭахо здыруа" ҳәа ирышьҭан. Раԥхьа Гәымсҭатәи ацҳахь рхы дырхеит ахԥатәи абаталион иалахәыз аибашьцәа хәҩык, анаҩс урҭ ирышьҭалеит иаанхаз егьырҭ аибашьцәа. Ацҳа арра рылшеит 149 - ҩык аибашьцәеи урҭ ркомандаҟаҵаҩцәеи, иҭахеит: 35 - ҩык, ахәрақәа роуит: 87 - ҩык.
Гәымсҭатәи афронт арымарахьтәи аганахьала ажәылара еиҿыркаар акәын аҩбатәи абригада аибашьцәа рымчала, араҟа аӷа ҩ-хырхарҭак рыла: иқәлатәын Ахалшен -Камантәи, Аҳбҩы - Цугуровкатәи. Аҳбҩы - Цугуровкатәи ахырхарҭала ажәылара еиҿыркаар акәын 1 - тәи, 2- тәи, 3-тәи, 4-тәи амотохысратә баталионқәа рлахәылацәа. Ахалшен - Камантәи ахырхарҭала ижәылар акәын ахәбатәи абатальион аԥшыхәратә ротеи, хазы иалкааны иазгәаҭаз адиверсиатә гәыԥ "Аҭынчра" иалахәыз амчқәеи рыла. Ԥхынгәы 3 рзы 300 - ҩык злахәыз 4- тәи абаталион архәҭа арымарахь ала Аҳбҩы ашьха ақәцәахь рхы дырхеит. Урҭ ирыцын Алан Џьиоев командаҟаҵаҩыс дызмаз Уаԥстәылатәи абаталион.
Ԥхынгәы 4 асааҭ 11 рзы абаталион "Ашьхаруа" адҵа роуит аԥшыхәцәа ргәыԥ рҽалархәны 40-ҩык инарзынаԥшуа архәҭа аиҿкааразы. Асааҭ 15: 00 рзы Ашьха Аҳбҩы идыртәеит авертолиот. Убри аамҭазы авертолиот Ми - 8 аӷа деихсит, амца ацралеит, аиҿахысра ӷәӷәа ҟалеит. Араҟа еиқәханы иалҵит 17- ҩык, урҭ рахьтә 14 - ҩык еиуеиԥшым ахәрақәа роуит. Архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩцәа адҵа роуит рымч зегьы Аҳбҩы-Цугуровкатәи ахырхарҭахь идәықәырҵаразы, ҿыц ажәылара аиҿкааразы. Ажәылара еиҿкаан Ԥхынгәы 5 асааҭ 5:30 рзы. Ишьаарҵәыраз аиҿагыларақәа ирыбзоураны ақыҭа Каман ахы иақәиҭыртәит. Ԥхынгәы 8 асааҭ 18 рзы иалагеит Шроматәи ажәылара, ахы иақәиҭхеит ԥхынгәы 9 рзы. Ԥхынгәы 14, асааҭ 10:00 рзы абаталион "Ашьхаруа" Аҳбҩы аҳаракыра ахақәиҭтәразы ажәылара еиҿыркааит, 40 минуҭ ирылагӡаны ирылшеит уи рнапахьы аагара. Ари аоперациа аиааира агара ааигәанатәуан.
Ԥхынгәы 27 рзы Шәача ақалақь Урыстәыла аԥшьгарала ах-ганк алархәны, ақырҭуа ар Аԥсны ралгаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Ԥхынгәытәи ажәылара далахәын саб иашьеиҳаб Бебиа Руслан Лаврент - иԥа. Аибашьра ианалагаз иара 20 шықәса дырҭагылан. Излеиҳәо ала, даныхәыҷыз аахыс ашьхеи абнеи дрызҿлымҳауп, амаӡақәа маҷымкәа идыруеит, ачҳареи агәаӷьреи иланааӡаз ракәхап зыӡбахә ҳамоу ажәылараҿы иааирԥшыз афырхаҵара илзыршазгьы.
Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны Хәаԥ ақыҭан еиҿкааз, Рауф Џьыкырба напхгара ззиуаз аибашьцәа ргәыԥ иҽалаирхәит .
1992-1993 ш. Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу игәалашәарақәа акыр ирацәоуп, иагьыхьанҭоуп, аха зегь реиҳа игәаҵаҿы иаанхеит ԥхынгәытәи ажәылара. Ари аԥсуа жәлар рлахьынҵа зыӡбоз жәыларан, иацын акыр ауадаҩрақәа, зныкымкәа - ҩынтәымкәа рҽазыршәахьан, аха иманшәалахомызт.
Иара излеиҳәо ала, ажәылара иалахәыз аибашьцәа рхыԥхьаӡара 180-ҩык инарзынаԥшуа иҟан. Командаҟаҵаҩыс дрыман аибашьҩы, афырхаҵа Гиви Смыр. Дара дҵас ирыман Аҳбҩи Шромеи рыбжьара ибжьысны Аҟәантәи иаауаз ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рымҩа аԥҵәара. Уи даара ишәарҭаз усын, избан акәзар иаарыкәыршаны иҟаз аҳаракыра ҭыԥқәа зегьы ақырҭцәа рнапаҿы иҟан. Аҳбҩыҟа рхы рханы амҩа ианықәла, иминарку адәы иақәшәеит, ԥшь - кьылак еиҳаны аидара анақәшәалак иаразнак итҟәацуан, иақәгылаз ишьапы шьамхышәара иаахнаҵәон. Афатә - ажәтә агара алшара рымамызт, иргар акәын аџьаԥҳани аибашьыга маҭәахәқәеи. Ҩаха - ҩымш амҩа иқәын, хымԥада, амла иакыз дҟалеит. Убасҟан еицыз аӡәы изҭан ахшрыжәпа, ҿамҩа - ҿамҩала инеимдо ҩажәаҩык ирыздырхеит. Аиҩызара, апату еиқәҵара, арыцҳаибашьара ҳаман, ашәарҭара ҳашҭагылазгьы, ҳәа нациҵеит.
«Еицыз зегьы рахьтә қәрала сахьреиҵбыз азы еснагь срыцҳаршьон, ахы сацәырыхьчон, - иҳәеит иажәа иналаҵаны. Ари ажәылара иацын акыр ауадаҩрақәа, агәаҟрақәа, ашәарҭара. Аҳбҩы рнапахьы ианаарга ашьҭахь, афырхаҵа Гиви Смыр аимадара ихы иархәаны еиликааит Аҟәатәи абаталион адәықәлара ргәы ишҭаз, насгьы ишырԥырхагахатәым еиликааит. Ақырҭуа еибашьцәа иаԥсуааушәа ҟаҵаны ирықәлеит, абраҟа имаҷымкәа иҭахеит, ишыцәаз итҟәаны иргазгьы ҟалеит. Акыр ааха ӷәӷәа шроузгьы, рыдҵа анагӡара рылшеит.
Абраҟа рыӡбахә иҳәеит ивагылаз, зхы иамеигӡаз аҵеицәа гәымшәақәа: Арухаа Витали, Ҳашыг Рома, Чкотуа Славик, Анқәаб Гиви, Бебиа Важьикәа, Ҳашыг Џьоник, Арсҭаа Шабаҭ уҳәа.
Раиана Бебиаԥҳа,
ААУ афилологиатә факультет
ажурналистика аҟәша
2-тәи акурс астудент