Print this page

«Аҧсышәала шәцәажәала, аҧсышәала!»

Нанҳәа 12, 2025 120

Есымша иҿыцу аҧсуа ажәақәа знысҵо сымшынҵеи сҩыгеи аашьҭыхны, доуҳала иҩычоу ҳаҧсабара сҽагәыласхаларц снавалеит амшын аҧшаҳәа.

Амшгьы мрашәахәала иҩычоуп, ажәҩан аҿы ҧсҭҳәакгьы убом, амшын ацәқәырҧақәа ҧшьаала аԥаҩ иадсылоит, рҽааиқәыркуашәа ҟаҵаны, анаҩс ҩаҧхьа аҧшаҳәа ашҟа еихоит, аха ихынҳәуеит шьҭахьҟа... Аҧсабара, аҳауа, ауаа уҳәа ари адгьыл ҧшьа аҟны доуҳала ибеиоуп зегьы, аха амшын аҧшаҳәахьы санаацәырҵуа сгәы сзырхьуа азҵаарақәа иреиуоуп асылаҧш иҵашәо реиҳараҩык, ҧсышәала рыгәҭахәыцрақәа ахьеибырымҳәо
Ҳара ҳтәыла иагәылаку ама­ӡақәа зегьы аазыртыша цаҧ­ханы иҟоу ҳбызшәа ауп, аха иара ҳара иаҳтәым бызшәак ала аҧсахра ҳаҿуп ҳара ҳнапала, ҳхала...
Снеины снатәеит ашәшьыра иамҽхак иамаз тәарҭак аҿы. Сымшынҵа ахьаасыртыҵәҟьо иануп аҧсуаа зегьы уахгьы-ҽынгьы ҳзызхәыцлаша аҧсуа шәҟәыҩҩы Борис Гәыргәылиа иажәақәа: "Сара сбызшәала ицәажәом миллионҩыла ауаа, аха сбызшәала ицәажәоит - зқьышықәсала ауаа". Нас, избан убарҭ азқьышықәсақәа еиҭа азқьышықәсақәа зрыцымлари, ҳҭоурых блаҷыцҵас еиқәырханы изгәылаку ҳбызшәа ахьысҳара амҩа изанылари? Сгәы иҵхо азҵаарақәа рҭак аҧшаара сцәыуадаҩхеит. Ҳаизынхеит схәыцрақәеи, сымшынҵеи, сареи...
Ҧшьаала сыргәыларгалоит хәыцрақәак. Иҟалап, ҩнаҭацыҧхьаӡа аҭаацәа рхәыҷқәа рхатәы бызшәа мацарала ира­цәажәозҭгьы, иахьа ҳбызшәа ас еиҧш ахьысҳара анымыҧшыр. Лассы-лассы ахәыҷқәа аҧсышәала ицәажәо амультфильмқәа ирыхәаҧшуазҭгьы рбызшәа еиҳа агәбылра ркуан, иара убасгьы ашкол аҟны аиҳабыратә классқәа рмаҭәарқәа аҧсышәала иҟоу рхыҧхьаӡара еиҳахазҭгьы, хымҧада ҳбызшәа алаҵәара еиҳа еиҳахон. Ҳара ибзианы еилаҳкаауазар ауп Аҧсуара иузаҟәымҭхо ишадҳәалоу аҧсуа ибызшәа. Уи аҧсуа ихаҿроуп. Ҳбызшәаҿы иарбан ажәазаалакгьы цәажәоит, ҷыдарак агәылакуп. Убри аҷыдара анаҳцәыӡ, иӡуеит ҳмилаҭтә хаҿра, егьырҭ амилаҭқәа ҳрылаӡҩар алшоит, милаҭк аҳасабала ҳзынхом. Абыржәы аабыкьа сахәаԥшуан аԥсуа бызшәа аиқәырхара азҵаара иахьалацәажәоз адырраҭара, аха ихадаратәу иалыскааз –излацәажәоз ҳхатәы бызшәала акәым. Абас еиԥш иҟоу агхақәа иаҳа имаҷхар,иҟалап аларҵәара, насгьы аҿар азхьаԥшра иаҳа иҳалшар.
Ҳәара аҭахума, дарбанызаалак илшоит иара игәы иазааигәоу абызшәа аҵара, уи адырра, иахьаҭаху алацәажәара, аха уи зынӡаск иаанагом ҳхатәы бызшәа наҟ инышьҭаҵаны, даҽа бызшәак ала ҳаицәажәалароуп ҳәа. Аҧсуа идоуҳа даҽа бызшәак иазаарҧшуама? Сара сгәанала –мап! Аха иахьатәи аамҭазы "имодахазар" ҟалап атәым адыҧшылара, адыҧшылара мацара акәымкәа уи нышьҭҧааны аныҟәгара. Аамҭа ццакуеит, уи ашьаҿа еихнагоит оумашәа ирласны, аха аамҭа иқәнамыргылаӡеит зҵаараны абызшәа ацәхьаҵра. Егьырҭ атәылақәагьы аамҭа ашьаҿа иақәшәаны ҧхьаҟа ицоит, аха урҭ зынӡагьы рбызшәа ацәхьаҵра рныҧшуам. Нас, ҳара, аҧсуаа, зқьышықәсала абызшәа еиқәырханы иаазгаз уи ахархәара ҳармаҷуа ҳзалагеи? Зегь реиҳа угәы узырхьуа акәны иҟоуп, абызшәа здыруагьы уи рхы иахьадмырхәо.
Аҧшалас иамҽхак иагеит Аҧсны аҧсуа школқәа аҧсышәала ицәажәар аныҟамлоз аамҭа... Уи хароуп, аха аҭоурых адаҟьақәа игәыҭшьаагаха иргәылакуп. Ирылымшеит усҟан ҳбызшәа ҳцәырӡра. Ус имариам аҧсуа идоуҳатә ҧсҭазаара адунеи аныхра. Иахьа ҳара еиҳагьы ҳбызшәала ҳанцәажәаша аамҭа ҳҭагылоуп. Иҳарӡрым нас уи аамҭа.
Ирацәоуп схәыцрақәа... Саҧхьа иааины еимдо аҳәыҳәқәагьы ццакы-ццакуа акы иашьҭоуп. Сара сылаҧш рхуп ана-ара ииасуа ауаа. Абар, анду лмоҭацәа лыцны иахьнеиуа, ахәыҷқәа акы еимаркуеит урысшәала. Уажәы-уажәы ранду рышҟа дхьаҧшны иралҳәо акы заҵәык ауп "Аҧсышәала шәцәажәала, аҧсышәала!" ҳәа. Даараӡа иџьасшьеит ахәыҷқәа реимак дазымҵаакәа абызшәа ахь иахьхьалырҧшыз анду. Уа­жәы-уажәы слымҳа иҭаҩуеит ажәа «Аҧсышәала...»

Аманда Лорҭқиҧаниӡе,
ААУ афилологиатә факультет
ажурналистика аҟәша
2-тәи акурс астудент