Уи ауаажәларратә, ахатә ԥсҭазаара ахкқәа зегьы ирылаҵәаны, иҷыдоу аменталитет шьақәзыргыло, амилаҭ хаҿра ҳәаақәызҵо ԥсҭазааратә философиоуп. Аԥсуара ахьӡи, аламыси, аҟәышреи рахь амҩа узырбо компасуп, мхылдызуп.
Аԥсуара ажәак ала аиҭагара уадаҩуп. Уи ауаа реизыҟазаашьақәа еиҿызкаауа, адунеихәаԥшышьа ҳәаақәызҵо еиуеиԥшым аԥсҭазааратә ҭагылазаашьақәа рҿы ахымҩаԥгашьа шьақәзыргыло еилашуа аморал-етикатә нормақәа реизга ауп.
Аԥсуара ҳәа ахшыҩҵак ажәлар рыҩнуҵҟа ицәырҵит ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы. Аҩыратә хыҵхырҭақәа рҿы ари ажәа раԥхьаӡа ихы иаирхәеит 1920 шықәсазы аԥсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа. Иахьа аԥсуа уаажәларраҿы аморалтә ҵасқәеи, атрадициатә культура ашьаҭақәеи, ауаҩытәыҩса иреиӷьу аҟазшьақәеи ианрылацәажәо, ажәа аԥсуара рхы иадырхәоит. Аԥсуара иаҵанакуеит игәылыршәоу ауаҩытәыҩсатә ҟазшьақәа – аламыси апатуи, аамсҭашәареи афырхаҵареи, агәымшәареи агәыҳалалреи, асасдкылареи аиҳабацәа рыпатуқәҵареи, ахӡырымгареи ачҳареи.
Аԥсуара аиҿартәышьаҿы зегь реиҳа ихадоу ароль нарыгӡоит уи апринципқәа, урҭ роуп ауаажәларратә хымҩаԥгашьа шьаҭас имоугьы. Иҟалап, зегь реиҳа ихадоу аламыс акәзар. Аԥсуа изы ари ахшыҩҵак даара иҷыдоу аетникатә ҵакы амоуп.
Ламыс змам ауаҩы иԥсы шҭоу дыԥсуеит ҳәа ирыԥхьаӡоит аԥсуаа.
Аԥсуара даҽа принципк ауп–ауаҩра. Иара ауаҩытәыҩса аԥсуара асистема агәҭаны даргылоит, уи ауаҩытәыҩсатә еизыҟазаашьақәа рморалтә сфера иагәылоуп. Дарбанзаалак ауаҩы ҳаҭырла изнеира, ухы ушазыҟоу еиԥш, аԥсуа етикет ихымԥадатәиу анормақәа ирылагылоуп.Егьырҭ аԥсуара апринципқәа иреиуоуп аԥсуа аамсҭашәара – аҳаҭырқәҵара, агәымшәара, аихаҵгылара.
Ақәиҭымратә принципқәа аҵак ду рыман, иаҳҳәап, «иԥхашьароуп», ауаажәларраҿы ирыдыркыло аҟазшьатә нормақәа реилагара ацәшәара иадҳәалоу. Ахәыҷқәа рхәыҷра аахыс иддырҵон иԥхашьароу, иҟамло. Аиҳабацәа ахәыҷкәа ирабжьаргон: «Шәаби шәани рыхьӡ шәмырԥхашьан, ишәымҟьашьын» ҳәа. Анаҩстәи апринцип «ҵасӡам» - иаанагоит «азин ыҟам», мамзаргьы «игәнаҳароуп».
Аԥсуаа, Кавказ иқәынхо егьырҭ ажәларқәа реиԥш, ахаҵгылара ҳәа изышьҭоу ақьабз рымоуп - агыларала ҳаҭыр ақәҵара. Ари традициала ишьақәгылоу асоциалтә ҟазшьа аԥҟара ауп, уажәы зегьы рзы иаабац ҟазшьоуп. Иузымдыруа ауаҩы ауада даныҩналалак, аҭаацәара зегьы ҩагылоит.
Агылара аҳаҭыр ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿгьы иазгәарҭоит. Зхы ҳаҭыр ақәызҵо дарбанзаалак игәамԥхо ауаҩы дааизаргь, ихаҵгылара уалс иԥхьаӡоит. Изхаҵгылаз ауаҩы зегьы дрыҳәоит рхы дмыргәаҟларц, иара ихаҭагьы дгылазаауеит аиҳабацәа тәаанӡа.
Атрадициатә етикет аԥҟарақәа аусура иалагоит ҩыџьа ауаа раԥхьаӡа акәны ианеиқәшәо, урҭ, ҳәарада, аԥсшәа еибырҳәароуп. Раԥхьа аԥсшәа зҳәо иааиуа иоуп, ахаҵа - аԥҳәыс, аиҳабы - аиҵбы, аҽыуаҩ - шьапыла ицо. Анапы аимыхра аҭахӡам. Ҵасуп аԥсшәа еибызҳәаз аӡәи-аӡәи рҭаацәеи дареи ргәабзиареи русқәеи рзы адҵаалара.
Асасдкылара аԥсуаа ҳҿы иԥшьоу ҵасуп. Асас идкылара апринцип хадақәа иреиуоуп аиҳабы пату иқәҵара, ҷыдала – аҳәса. Аишәа аетикет иаҵанакуеит еиуеиԥшым акоммуникативтә усқәа: ааԥхьара, анапыӡәӡәара, атәарҭа, аиҿцәажәара бзиа аиҿкаара, аҳамҭақәа реимдара уҳәа убас иҵегьы.Аԥсуаа еснагь ирнубаалоит асасцәа ирыхәҭоу азҿлымҳареи аҳаҭырқәҵареи раарԥшра агәазыҳәара.
Аԥсуара апринципқәа иреиуоуп агәылацәа рахь ҷыдала азнеишьагьы. Агәыла шьақәгылоуп аԥсуа ажәа «агәы» аҟнытә. Убри инамаданы аԥсуаа ирҳәоит «Агәыла агәы даҩызоуп».
Аԥсуаа традициала, рааигәара инхаз агәыла ҿыц гәык-ԥсык ала изнеиуеит, ицхраауеит инхара - нҵыраҿы.
Аԥсуара азакәанқәа, анормақәа, аԥҟарақәа абиԥарақәа рахь ииасуан аҵареи ааӡареи рыла. Уи аҭаацәараҿы ианхәыҷыз инаркны ирҵон, аиҳабацәа ахәыҷқәа рзы ҿырԥшыгас иҟан. Аиҳабацәа – аԥышәа змоу ауаа ҟәышқәа – аԥсуара ахаҿсахьақәа ракәын, абшьҭрақәа рыҩнуҵҟатәи азҵаарақәа рыӡбара активла рхы аладырхәуан. Аԥсны иахьагьы аус руеит абыргцәа рхеилакқәа: ақыҭа, араион, Аԥсны Аҳәынҭқарра абыргцәа Рхеилак.
Аԥсуара теориаӡам, есыҽнытәи аԥышәа ауп, уи аԥсуаа рхымҩаԥгашьеи рцәажәареи зегьы рҿы ианыԥшуеит. Аԥсуара ҳҭоурых мацара акәӡам, уи ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ацаԥха ауп, аизҳазыӷьареи ҳхаҭара ахьчареи рзы ихадоуп. Аԥсуара – ҳабдуцәа рҟәыӷареи ԥхьаҟатәи абиԥарақәа ргәыӷрақәеи еидызкыло цҳауп, иӷәӷәоу, еинаалоу аҳәынҭқарра аргылара шьаҭас иамоуп.
Ирласны зҽызыԥсахуа адунеи аҿы, аԥсуара ҳара еснагь ҳзықәгәыӷуа еҵәаны иаанхоит, аҳаҭырқәҵарала ишьаҭарку ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ахь ҳамҩа арлашоит. Ахәыҷқәа Аԥсуара рылаҳааӡар, ҳара урҭ рнапы ианаҳҵоит атрадициақәа рымацара ракәымкәа, ҳажәлар рԥеиԥш, урҭ рымчхара, ракзаара.
Ҳагымзааит Аԥсуара! Ҳацзааит, иҳацзааит!
Милана Чхьабелиаԥҳа,
ААУ афилологиатә факультет
ажурналистика аҟәша
2-тәи акурс астудент