Print this page

Ахьыԥшымра ашьаҭа

Нанҳәа 08, 2025 140

Жәибжь шықәса раԥхьа, 2008 шықәса, август 7 аҵх аҽеиҩшамҭазы, ауаԥс жәлар агеноцид рзаагара рхықәкны, Қырҭтәыла анапхгара, «Ицқьоу адәы» ҳәа ахьӡ ҷыда аҭаны, еибашьрала иақәлеит Аахыҵ-Уаԥстәыла.

Аҵхлашә рҽалакны, зхархәара ҟамло аибашьыгатә маругақәа назлоу, абџьар хкы рацәала ирылахысуан ацәа иалаз аҭынч уааԥсыра: ахәыҷқәа, аҳәса, абыргцәа. Аамҭа кьаҿла ақырҭуа архәҭақәа Цхинвал мрагыларатәи ахәҭа рнапахьы аагара иалагеит.

Ашьҭахь излеилкаахаз ала, Қырҭтәыла ар хынҩажәи жәаҩа сааҭ рыла Аахыҵ-Уаԥстәыла аҵакырахьтә аӷьырак рымпыҵахаланы х-сааҭк анаҩс, Аԥснытәи ахырхарҭала аҩада-мрагыларатәи ашьха иаԥну аҭыԥқәа рҟны, аҳҭны-қалақьи аҳаирбаӷәазеи рҿаԥхьа амшын аԥшаҳәалеи адесант ртәаны, уахыки-ҽнаки ирҭагӡаны Аҟәа арҭаслымра азԥхьагәаҭаны ирыман. Аха, Урыстәылатәи Арбџьар мчқәа рырратә ҽалагалара иабзоураны изынагӡамхеит уи.

Иазгәаҭатәуп, август 8, 2008 ш. адунеи зегьы Пекин ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟаз «Аолимпиада – 2008» аартра гәыхыҭхыҭрала ишазыԥшыз. Ас еиԥш амшқәа рзы жәытә-натә аахыс адунеи зегьы иахьаҵанакуа аибашьрақәа ракәым, имаҷу аидысларақәагьы шааныркылалоз, аха…

Август 8, ашьыжь асааҭ 9 рзы Урыстәылатәи Афедерациа усҟантәи Ахада Дмитри Медведев ақырҭуа ган аибашьра ааннакыларц азы амчмырхаратә операциа амҩаԥгара шхацыркхаз азы аҳәамҭа ҟаиҵеит. Убри инақәыршәаны, Урыстәыла 58-тәи архәҭа абаталион-тактикатә гәыԥқәа ҩбеи Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аруааи рыжәҩахыреибыҭарала Роктәи атоннели Џьава аҳаблеи рыхьчара еиҿкаахеит. Амш анҵәара сааҭқәак шагыз, аҳҭны-қалақь Цхинвал рнапахьы иааргеит. Араҟа иҟаз Урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчқәеи дареи рҽеимаданы, аӷа иҭыԥ иқәҵара даҽа ҩба-хԥа мшы аҭаххеит. Убри аҟнытә, ари агыгшәыгратә хҭыс, аҭоурых аҿы ианхеит «хәымштәи аибашьра» ҳәа хьӡыс иаманы. Аполитолог хатәрақәа аӡәырҩы ишазгәарҭахьоу еиԥш, жәларбжьаратәи азин аганахьала, ақырҭуа агрессиа аԥхьырҟәҟәааразы урыстәылатәи аоперациа, агуманитартә интервенциа аҳасабала уахәаԥшыр алшоит.

Қырҭтәыла иаԥшьнагаз «хәымштәи аибашьра» аан, Аахыҵ-Уаԥ­стәыла ааха ӷәӷәа аҭан, еиҳаракгьы аҳҭны-қалақь Цхинвал. Адырраҭарақәа рыла, усҟан иҭахеит 2000-ҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра.

Ақәылаҩ иҵдыраахаз игәҭакы хәымгақәа шьаҭас иҟаҵаны арҭ амшқәа рзы Аԥснытәи архәҭақәагьы Қырҭтәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәааи, Кәыдрытәи аиҩхааи рҟны, ахыхьчаратә жәыларатә позициақәа ааныркылеит. Адырҩаҽны арезервтә еиҿкаарақәеи дареи Кәыдрытәи аиҩхаа аӷа иҟнытә ахы ақәиҭтәра нап адыркит, хымш ирылагӡаны иагьынагӡахеит. Урыстәыла Афедерациа аконфликтшьҭахьтәи аҭышәныртәалара алахәхара адагьы, ҿыц ишьақәгылаз арҭ ахҭысқәа шьаҭас иҟаҵаны Москвеи, Цхинвали, Аҟәеи ирыбжьаз арра-политикатә усеицура иҿыцу даҽа ҩаӡарак ала анагӡара аҽазнакит. Ари ашьаҿа, Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рзы, Қырҭтәыла аганахьала ашәарҭадара ашьақәыргыларазы ихымԥадатәны иҟалеит. Арҭ зегьы, зҟнынӡа уажәшьҭа рацәак бжьамыз, ахьыԥшымра азхаҵара иашьҭан.

Аахыҵ-Уаԥстәылаа рзы итрагедиахаз арҭ амш хьанҭақәа раан, есышықәса ргәаларшәара инамаданы ареспубликаҟны еиԥш, уи анҭыҵ аешьаратә ҳәынҭқаррақәа рҟнгьы  еиҿыркаауеит еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа. Ҳтәылаҟны акәзар, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи, Аԥыза-министри, Аминистрцәа Реилазаара алахәцәеи, Жәлар Реизареи ауаажәларра рхаҭарнакцәеи аҭааит Аԥсны иҟоу Аахыҵ-Уаԥ­стәыла ацҳаражәҳәарҭа, ауаԥс жәлар ргәырҩа рыцеиҩыршарц, иазааҭгылоит иқәыԥшу ҳҳәынҭқаррақәа рышьақәгыларазы ашәарҭадара, аекономика уҳәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рырҿиара азҵаарақәа.

Ааигәа ари аамҭа уадаҩ иалаӡыз ргәалашәара ахьӡала, Аахыҵ-Уаԥстәылатәи ашьхахалаҩцәа гәыԥҩык, ареспубликаҿы зегь раасҭа зхалара уадаҩу ҳәа иԥхьаӡоу ашьха ҳаракӡақәа Халасхохи Маесыгхохи рыбжьара иҟоу, зыҳаракыра 3720 м. инаӡо акаҵәара Саухох ихалеит. Урҭ аилҟьацәа иреиуоуп – Козаты Артур, Тедеев Ацамаз, Мамаӡигов Андреи, Ванеев Ацамаз, Засеев Тамерлан. «Акаҵәара аҩганк мрагыларатәи мраҭашәаратәи рыла ахалара даара аџьабаа шацызгьы, 17 шықәса раԥхьа агәаҟра цәгьа иалаӡыз ҳауаажәлар ргәалашәара иазкуп. Аӡәгьы изы иҿыцу аартраӡам, амилаҭтә ҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара шхымԥадатәу, уи иахәҭаку шьаҿоуп ари ахҭысгьы. Соухох акаҵәара – егьа ихьанҭазаргьы иарбан уадаҩразаалак аҽаҵамырхара, ауаԥс жәлар ргәамчи рдоуҳаи иааишьа шрымам иашьаноуп», – азгәеиҭеит агәыԥ алахәцәа руаӡәк ари ахҭыс ахҳәаа азыҟаҵо.

 

А. Бзыԥба