Ари аҿар рҟазара иазку, Урыстәыла зымҽхак ҭбаау акультура-ҵаралашаратә хҭысны иҟоуп.
Аԥсны аофициалтә делегациа иалан Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба, акинорежиссиор Ҭемыр Кәакәасқьыр.
Ҳазну ашықәс азы афестиваль апрограмма шьақәгылоуп аҟазара ахырхарҭа хадақәа хәба рыла: атеатр, аҿыханҵаратә ҟазара, амузыка, акино, алитература.
Ҟрым Аԥсны Ахада диԥылеит Урыстәыла Апрезидент Иусбарҭа Анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко. Урҭ рхы рыладырхәт арт-ныҟәарақәа, иара убас ирбеит Аиааира Дуӡӡа 80 шықәса ахыҵра иазкыз амузыкатә мультимедиатә қәыргыламҭа.
Иара убраҟа арт-кластер «Таврида» иахьаҵанакуа иаартын Аԥсны Аҩны. Аҳәынҭқарра Ахада дырԥылеит Аԥснынтәи афестиваль алахәцәа Алан Бесланиԥа, Лана Нарсиа, Татиана Линодат. Урҭ атәыла Ахада изеиҭарҳәеит афестиваль ралахәра атәы, аԥхьаҟатәи рыгәҭакқәа ирзааҭгылеит.
Бадра Гәынба Аԥснынтәи абаҩхатәра злоу ақәыԥшцәа ирзеиӷьишьеит ақәҿиарақәа, иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра хшыҩзашьҭра ҷыда шырнаҭо арҿиаратә ҿар.
Иара убас аҳәынҭқарра Ахада драцәажәеит амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа.