Print this page

Ажәытәӡатәи ақалақь Гиенос аҭҵаара иацҵоуп

Нанҳәа 04, 2025 104

Очамчыра ажәытәӡатәи ақалақь Гиенос аҟны аусура хацнаркит Жәларбжьаратәи аԥсуа-аурыс археологиатә екпедициа. Аԥшаарақәа мҩаԥыргоит ААР Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институти, Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеии, Урыстәылатәи аҭҵаарадыраақәа ракадемиа иаҵанакуа Мрагылаҭҵаара аинститути, Севастопольтәи ауниверситети рҵарауаа.

Аекспедициа напхгара арҭоит – Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААР Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Аркади Иван-иԥа Џьопуа, Мрагыларҭҵаара аинститут иаҵанакуа Ҟрыми Амшынеиқәеи рҭоурых-археологиатә центр аиҳабы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Виктор-иԥа Лебедински, Севастопольтәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурых акафедра адоцент Михаил Владимир-иԥа Фомин.
Очамчыратәи аекспедициа иалахәуп убасгьы акыр шықәса Аԥсны археологиатә ԥшаарақәа мҩаԥызгахьоу аҵарауаа – Изабелла Скакова, Евгени Шьеглов, Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿынтә иааз астудентцәа, амагистрантцәа, хатәгәаԥхарала аус зуа (аволо­нтиорцәа).
Аԥшаарқәа мҩаԥысуеит хә-километрак Очамчыра ақалақь иналганы иҟоу ажәытәӡатәи аиланхарҭа Гиенос акәша-мыкәша. Ари ақалақь аӡбахә рҳәахьеит акыр ажәытә хыҵхырҭақәа рҟны. Иаҳҳәап, Псевдо-Скилакс ҳ.ҟ. 330-тәи ашықәсқәа рзы Гиенос дазааҭгылон. Ақалақь мраҭашәарантә мрагыларахь амшын аԥшаҳәа иаваршәны бнаран, аӡҭаларҭақәа ыҟан, насгьы анышәаԥшь мҩала еидҳәалан. Ҳера V-VI ашәышықәсақәа ралагамҭазы ари аҭыԥ аҟны иргылахеит анефзаҵә змоу (еизыхәхәоу аформала иҟоу) ауахәама. Насгьы ари ауахәама аладахьалеи аҩадахьалеи ауадаҿаԥшьқәа рыла ишьақәгылан.
Егьырҭ ашықәсқәа рзтәи аусурақәа раан иԥшаан аамҭала ҳера V ашәышықәса аҩбатәи азбжеи VI ашәышықәса алагамҭеи ирыҵанакуа атса иалху аҭоубыҭ, ажәытә бырзен бызшәала аҩыра зныз акьырхаҳә, аџьаз иалху нцәахәык иҭеиҭыԥш узырбо аҿырԥштәи, ахьтәы какаҷи уҳәа убас иҵегьы. Арҭ аԥшаахқәа зегьы ҵәахуп Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны. Сынтәа аҵарауаа хықәкы хадас ирымоуп ажәытә қалақь Гиенос иҟоу ақьырсиантә уахәама амраҭашәарахьала иацу ауада ҷыда (нартекс) аҭҵаара. Уи ала иҵегь инарҭбааны еилкаахоит ари аҭыԥ ҳҭоурых аҟны ҵакыс инанагӡо. Ԥхьаҟа иаҳзыԥшуп акырӡа зҵазкуа аҭоурыхтә аартрақәа.
Аркади Џьопуа,
Мадонна Ԥлиаԥҳа