Print this page

Чыкәбар имҩаҿы

Ԥхынгәы 30, 2025 69

Ихыркәшахеит Чыкәбар имҩа иагу-иабзоу шьаҭанкыла арҽеира. Аҳҭнықалақь ахадара аспециалистцәа амҩа акаҭран ықәдырҭәеит.

Арҽеиратә усурақәа ирылагаанӡа аӡымҩангагақәа рҭагылазаашьа ҭырҵааит. Ирласны иԥсахын ажәытә коммуникациақәа. Урҭ ажьақца иафахьан, аӡы ркылсуан, ӡыла аиқәыршәаразы аиԥҟьарақәа рхылҿиаауан. Атрубақәа рыԥсахит ари амҩаҿ иахьабалак.

Абри ашьҭахь амҩа ақаҭран ҿыц ықәҵан. Идырҽеиз амҩа ахәҭа аура иартәеит 850 метр, аусурақәа орымҽхак акәзар - 5150 метр ԥшьыркца.

Арҽеиратә усурақәа рыхәԥса иартәоит 19, 5 миллион мааҭ.

Арҽеиратә усурақәа нарыгӡеит Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара «СпецДорСтрои» аспециалистцәа.