Print this page

Асахьаҭыхҩы игәалашәаразы

Ԥхынгәы 28, 2025 66

Кәтол ақыҭан Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ автор, асахьаҭыхҩы Валери Гамгиа инышәынҭраҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит.

«Ҳаҭыр ақәаҳҵоит абираҟ автор игәалашәара. Ҳҳәынҭқарра абри асимвол абиԥарала еимырдалароуп, аҿар рнапы иаҳарклароуп», – иаҵишьит Беслан Бигәаа.

Абри аусмҩаԥгатә рхы аладырхәт Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба, акультура аминистр Даур Ақаҩба, Жәлар Реизара адепататцәа, Очамчыра араион ахадара анапхгаҩцәа, Валери Гамгиа игәакьацәа, иара убас Кәтолтәи абжьаратә школ аҵаҩцәа. Урҭ Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш иазкыз ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.

Жәлар Реизара VI ааԥхьара адепутат Баҭар Тапаӷәуа иаҵишьит асахьаҭыхҩы Валери Гамгиа иџьабаа амедалқәа зегьы ишрыду.