Ииасхьоу 50 шықәса рыҩнуҵҟала, Роман Сабуа аԥсуа сценаҿы инаигӡахьоу ароль хадақәеи аепизодқәеи маҷым. Иааидкыланы урҭ 30 рҟынӡа инаӡоит.
Аха, шьҭа 10 шықәса ҵуеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист актиорк иаҳасабала асценахь дцәырымҵуеижьҭеи. Арежиссиорцәа арольқәа шидыргалогьы мап рцәикуеит.
– Шәыԥсҭазаара аҟны аҭыԥ хада аанызкыло иахәҭаку актиортә ҟазара азанааҭ ахь, ҩаԥхьа асценахь ахынҳәра шәгәы азымхьааӡои?
Ҳаиҿцәажәара хацыркуа Р.Сабуа иаҳҭаз азҵаара, ҭынч аҭак аҟаҵара дналагеит:
– Мап, актиортә ҟазара азанааҭ сгәы ахымшәаӡеит, ари азанааҭ ахь исымаз абзиабара шсымац исымоуп. Хаҭала, сара сырҿиаратә ҟазара ауп сгәы ззымҳәо. Актиорк иаҳасабала асценахь ацәырҵра агәаҳәара сцәыӡит, Аԥсуа драматә театр ареструктуризациа азура анаԥшьырга. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас Р.Џь.Ҳаџьымба даныҟаз аамҭазы акәын. Атеатр анапхгара ҿыц иаԥшьыргаз аиҭакрақәа, хаҭала сызрықәшаҳаҭымхеит, исыдсымкылеит.
Сара сгәаанагарала, аԥсуа театр наџьнатә аахысгьы ажәлар ргәаҭахрақәа ирықәшәон, ирзааигәан. Аԥсуа театр ианыԥшуан аԥсуа ԥсҭазаара, аԥсуа ихымҩаԥгашьа, иҟазшьа. Иахьагьы урҭ аҟазшьа ҷыдарақәа еиқәырхатәуп, иахьагьы ианыԥшуазароуп ҳҵас, ҳқьабз, ҳбызшәа, ҳаԥсуа доуҳа. Ажәакала, аԥсуа жәлар иргәеисраны иҟазароуп, сгәанала, инанагӡозароуп ажәлар рҭахрақәа, рымаҵ ауазароуп. Акоммерциатә ҟазшьа аҭаны, даҽа хырхарҭак ахь архара анаалом. Ҳаԥсуа театр злаҳәынҭқарратә театру ала, Аԥсны анапхгарагьы иахәҭоу ахылаԥшра аҭара руалуп.
Аиашазы, ҳаиҿцәажәараан Роман Сабуа иазгәеиҭеит, арҿиаратә еилазаара рҽеиҩшара, 10 шықәса раԥхьа аҭыԥ змаз аҟыҟ-ҿыҟ, акыр аамҭа шцахьоугьы, агәала шизыннажьыз.
«Актиор игәы раҳаҭны, игәы азҭаны, ирҿиаратә ус дазхәыцуа, инаигӡо ахаҿсахьа азы агәаҳәара иманы ахәаԥшцәа агәалаҟазаара бзиа риҭо асценахь дцәырҵуазароуп… Ауаҩы игәаҵаҿы агәанџь аныҟоу иагьа уҟаза дузаргьы, гәыԥсыршьагала узыхәмарӡом…», – иҳәеит уи.
Ҳәарада, аԥсҭазаараҿы ишырҳәо еиԥш, «ахаҳә былгьо» изыҟалом. Асцена аҟны акыр ахаҿсахьақәа зырцәажәахьоу, аԥсы рхазҵахьоу, абаҩхатәра злоу актиор Роман Сабуа ирҿиаратә ҟазара аҟны акыр уадаҩра даниазаргьы, актиор изанааҭ ахьалихыз дшахьымхәуа, уи иԥсҭазаара иахәҭакны ишыҟоу азгәеиҭеит.
«Сара саныхәыҷыз аахыс алаф салааӡан. Ҳҭаацәараҿы исаҳауан. Саб Илиа алаф иҳәон, сан Марусиа уи ҳаҭыр ақәылҵон. Сахьиз-сахьааӡаз Хәаԥ ақыҭан, сара схаан алафҳәаҩцәа, ажәабжьҳәаҩцәа рацәаҩын. Урҭ лассы-лассы ҳаҩнаҭа иаҭаауан. Ианааидтәалоз инеимда-ааимдо ирҳәоз алафқәеи ажәабжьқәеи рзыӡырҩра даара бзиа избон, сазҿлымҳан, исырҭаз аныррагьы рацәоуп. Гәцаракрыла сырзыӡырҩуан Мирод Гәажәбеи Гриша Зыхәбеи ражәабжьқәа. Гәахәарыла исыдыскылон алафҳәаҩцәа бзиақәа: Толик Ҳашыги Валентин (Мыҷа) Арсҭааи рлаф ажәабжьқәа. Уи акәзаргьы ҟалоит актиортә ҟазарахь схьазырԥшыз.
Иахьеиԥш исгәалашәоит, ныҳәак азы, рҵаҩыс иҳамаз Антонина Рашьыҭ-иԥҳа ажәеинраала аԥхьара шсыдылҵаз. Усҟан раԥхьаӡа акәны ирацәаҩны еизаз ақыҭауааи асасцәеи рҿаԥхьа ажәеинраала саԥхьеит. Саԥхьашьа ргәаԥхазаап, рнапқәа сзеинырҟьеит. Саргьы даара агәахәа снаҭеит сықәгылара бзианы иахьрыдыркылаз, рнапқәа ахьсзеинырҟьаз. «Иҵегь сықәгыландаз» сҳәо агәаҳәара соуит, исгәанарԥхеит ауаа рҿаԥхьа ақәгылара. Анаҩс, уи аҽарҭбааит 7-тәи акасс аҿы аҵара анысҵоз», – иҳәеит уи актиортә ҟазарахь агәыбылра шизцәырҵыз ҳзеиҭаҳәо.
Роман Сабуеи ҳареи ҳаиҿцәажәараан иазгәеиҭеит, 7-тәи акласс аҿы аҵара аниҵоз ишеиҿикааз адрамкружок. Агәыԥ напхгара азиуан. Уи иажәақәа рыла, усҟан ирхәыцуан асцена хәыҷқәа, ныҳәацыԥхьаӡа ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылан идырлахҿыхуан.
«Ҳгәылацәа, ҳқыҭауаа ҳанырбоз лассы-лассы иҳазгәдуны, иааиуа аныҳәа аан иаҳшәырбои, иаҳзышәхәыцуеи» ҳәа иҳазҵаауан, уи еиҳагьы ҳгәы азҭанаҵон», – иҳәеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ихәыҷра ашықәсқәа игәаларшәо.
Аԥхьаҟа иактиорхараны иҟаз, уи ԥсабарала Анцәа изцишаз Р.Сабуа 1972 шықәсазы дҭалеит Қарҭтәи атеатртә институт. Астудентра аамҭазы, 3-тәи акурс аҿы аҵара аниҵоз «Изҭахӡамкәа ихәшәтәыҩхаз» (Ж.Б.Молиер) аҿы Сганарель ироль наигӡеит. 4-тәи акурс аҿы дантәаз акәзар, «Агәыӷра аҭахара» (Г.Гамерманс) аҟны Кажа ироль наигӡеит.
Р.Сабуа иажәақәа рыла, Қарҭтәи атеатртә институт аҟны аҵара анхдыркә́ша ашьҭахь, иара дназлаз 6-ҩык аԥсуа актиорцәа Аҟәаҟа ихынҳәит рхатә репертуар рыманы. 4-5 спектакль рхианы актиор изанааҭ рыманы аусура иалагеит Аԥсуа драматә театр аҟны.
Аха ари азанааҭ ала аусураҿы ауаҩ иҟазара аҩаӡара аҳаракыра азхоны иҟам, уи инаваргыланы ауадаҩрақәа ирызԥымҽуа, ахынҭа-ҩынҭарақәа ирцәымшәо, риааира зылшо аӷәӷәареи, ачҳареи илазароуп. Иага ус иҟазаргьы, Роман Сабуа насыԥ змоу актиоруп. Ҳаиҿцәажәараан уи иазгәеиҭеит инаигӡахьоу ихәыҷы-иду ароль игәы шазыбылуа. «Схы-сгәаҿы инаганы, сџьабаа зыдҵаны инасыгӡаз ахаҿсахьақәа зегь бзиа ишызбогьы, урҭ рахьтә иҟоуп еиҳа сгәы зызҭоу, исықәҿиаз ҳәа хаҭала, сара исыԥхьаӡо, иҟоуп снапаҿы цқьа исзаамгаз ҳәа исшьогьы.
1979 шықәсазы аҵара салганы саныхынҳә ашьҭахь арежиссиор В.Ақаҩба иқәиргылаз аспектакль «Чинартәи аманифест» салахәын. Уаҟа иаарԥшын ақыҭа ԥсҭазаара, сара ахантәаҩы ироль насыгӡеит. Ахәаԥшцәа ибзианы ирыдыркылеит. Қарҭ имҩаԥгаз афестиваль аҟны актәи аҭыԥ анаршьеит. «Иреиӷьу актиор» ҳәа апремиа сырҭеит. Аха, хаҭала, сара сзы «аҽуреиԥш» инхеит уи ахаҿсахьа...», – иҳәеит актиор иқәҿиара агәынамӡара изацны.
Даара игәы зызҭоу, қәҿиарала инаигӡаз хаҿсахьаны иаликаауа акоуп П.Кальдерон иҩымҭа иалху, арежиссиор В.Ақаҩба иқәыргыламҭа «Аԥсҭазаара ԥхыӡуп» аҟны акрал Басилио ироль анагӡара.
«Иутәым, иуцәаҩам аҟазшьа аарԥшра актиор изы ԥышәа бзиоуп. Хаҭала, сара сдунеихәаԥшышьа иақәымшәо, исцәыхароу, исыцәтәыму аҟазшьа, ахаҿсахьа аарԥшра сгәы азыҳәон, сыҽԥысшәон», – иҳәеит Р.Сабуа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡатәи иактиортә ԥсҭазаара дазааҭгыло.
Асценаҿы иихәмарыз арольқәа иреиуоуп: Ж.Б.Молиер иҩымҭа иалху Ҟасеи Хачегогу иқәиргылаз аспектакль «Тартиуф» аҟны Оргон ироль, Ф.Искандер иҩымҭала арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лықәыргыламҭа аҟны акрал ироль, Хә. Џопуеи С.Хәаҭланӡиеи рҩымҭала иқәдыргылаз аспектакль «Аҳ деилазгаз ауаҩы» аҟны аҳ ироль, Ф.Искандер иҩымҭа «Махаз» аспектакль аҟны– Шьаликәа ироль, «Кьоџьаа рҭыӡшәа» аҟны ироль (апристав), «Иули Цезар» аҟны – Коска уҳәа ирацәоуп ахәаԥшцәа агәахәара рызҭаз, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ирызнеигаз ахаҿсахьақәа.
Р.Сабуа дрызгәдуны игәалаиршәон аԥсуа театр актиорцәа хатәрақәа, асценаҿы зыцхәмарра маншәалаз, имариаз, имҩақәызҵоз арежиссиорцәа, Аԥсны жәлар рартистцәа: Азиз Агрба, Шалуа Гыцба, Чынчор Џьениа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Сергеи Чуаз уҳәа убас егьырҭгьы.
Иахьазы Р.Сабуа асцена аҟны арольқәа наимыгӡозаргьы, актиортә ҟазара, дацәыхарам, еиуеиԥшым арҿиаратә усқәа инапы рылакуп. Афольклортә ансамбльқәа рҟны ашәаҳәара, амультфильмқәеи асахьаркыратә фильмқәеи рдублиаж аҟаҵара, аиҭагара, асценариақәа рыҩра уҳәа еилеигӡо аусқәа маҷым. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Тҟәарчалтәи акомедиатә театр аҟны режиссиорк иаҳасабала аус иуеит. «Режиссиорс сусура – хԥышәарак иаҩызоуп», – дҳацәажәон уи. Қәҿиарала иқәиргылахьоу аспектакльқәа ируакуп: М.Булгаков иҩымҭа аспектакль «Ала агәы зызҭоу», иара убас Дарио Фо–«Иӷьычуа зегь рҳәыҩцәам». Уахь иаҵанакуеит хаҭала, Р.Сабуа авторс дызмоу «Ҳауа иақәтәада аҽада?» зыхьӡу аспектакль, ахәыҷқәа ирызку алакә «Саҳра шәара ишәымаз».
Аԥхьаҟатәи игәҭакқәа ҳацеиҩшо иазгәеиҭеит аестрадатә миниатиурақәа реиҿкаара дшазхәыцуа.
Имҳәакәа высшьа сзаҭом, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист схәыҷаахыс дшыздыруа, қыҭак ҳшеиуоу, ҳшеигәылацәоу, сыгәгьы шиладуу.
Роман Сабуа иҭаацәеи Гәажәааи ҳшеижәлантәымгьы, жәытә-натә аахыс аиуацәа реиԥш, аибабара бзиеи аиҿцаареи ҳабжьан. Саб Беслан Гәажәба, хаҭала, Роман Сабуеи уи иашьцәа еиҳабацәа (зыԥсҭазаара иалҵхьоу) Славики Геннадии қәрала дышреиҳабызгьы аиҩызара бзиа рыбжьан.
Усҟан хаҭала, сара схәыҷын, аха ибзианы исгәалашәоит раҳаҭыреиқәҵашьа. Роман Сабуа иактиортә ҟазара сшазҿлымҳаугьы, уажә ҳаиҿцәажәара аҟынӡа уи иааигәаны дыздырыртә аҭагылазаашьа сымамызт. Агәахәара ду снаҭеит актиорк иаҳасабала мацара акәымкәан, ихаҭара, иуаҩытәыҩсатә ҟазшьа бзиақәа еилыскаартә аҭагылазаашьа ахьсоуз.
Ҳәарада, актиор насыԥ имоуп уи ирҿиара ҳаҭыр ззақәу ахәаԥшцәа аныҟоу, урҭ инаигӡахьоу ахаҿсахьақәа рыла даныргәалашәо, данырхамышҭуа.
Р.Сабуа актиорк иаҳасабала ҳтәылаҿы дыззымдыруа дыҟам, уи анҭыҵгьы иҟазара збахьоу, издыруа маҷҩым.
Ҳаиҿцәажәараан иазгәеиҭеит лассы-лассы ахәаԥшцәа, ана-ара данырбалак дшырдыруа, гәцаракрылагьы ишизыҟоу. «Иџьасшьоит исзымдыруа аҿар сахьырбо аԥсшәа ахьырҳәо, ҳәарада, сара сзы игәахәара дууп сырҿиара ҳаҭырла иазыҟоу ахәаԥшцәа қәыԥшцәа ахьыҟоу. Еиҳагьы агәахәара сызҭо акоуп аҿар аҟазара иахьазҿлымҳау. Ас еиԥш иҟоу аҿар ахьҳамоу, аԥеиԥш бзиа ҳзыԥшуп», – иҳәеит уи дрызгәдуны.
Актиортә ԥышәа бзиа змоу, аԥсҭазаара иԥнашәахьоу, ахьааи агәырҩеи ирызԥымҽкәан ԥхьаҟа ицо изы, «Анцәа иузааиго зегь бзиоуп» ахиҳәаароуп. Зхы ӡырымгакәан ҭынч арҿиара аус иаҿу Роман Сабуа зны-зынла гәамбзиарак ааиласуазаргьы, уигьы аиааира илыршо, ашьха қыҭа иалҵыз гәашьамх бзиала иқәра иҵарӡуа дааиуеит. Ҳәарада, аԥсуа хаҵа изы уи шырацәамгьы, иахьа арҿиаҩы иҟазара иасакьаҳәымҭоуп. Иара иеиԥш, иҩызцәагьы ирзеиӷьаҳшьап, нас, аиубилиар гәыҵхас имоу, аԥсуа жәлар рдоуҳа, ркультура аизҳараҿы, аиқәырхараҿы, аԥсуа цәаҩа ацәмыӡрацы, еиҳау аихьӡарақәа раарԥшра дазгәдуны идикыло аҭагылазаашьа бзиа ашьақәгылара.
Алиса Гәажә-ԥҳа