Ақыҭа ҳахьналалоз даараӡа ҩны ҧшӡак гылан, усҟантәи аамҭазы иааџьоушьаратәгьы аремонт ҟаҵан. «Заҟа ибзианы инхозеи арҭ аҭаацәара, занааҭс рнапы злакузеи» ҳәа сызҵаара аҭакс, исаҳаз сцәа сҭанарӡыӡеит. Араҟа, аҧшәмаҧҳәыс, анаркотикатә маҭәашьарқәа лҭиуеит ҳәа агәаанагара ҳамоуп рҳәеит иҳацыз. Ус шакәу жәдырҵәҟьозар, ақыҭа зегьы шәааизаны далышәца, мамзар изыхәҭоу аусбарҭақәа рахь ишәыцҳа, аҿар зегьы ықәылгоит сҳәеит…
Уажәааигәа уи ақыҭахь сеиҭамҩахыҵит. Жәаа, зежә шықәса раҧхьа исаҳаз, даара гәыҵхас исыман, ишҧаҟоу ақыҭаҿ аҭагылазаашьа ҳәа издыруаз сразҵааит. Усҟан аӡы сӡааҧшылозшәа исҳәаз иашахеит, ари ақыҭаҿ анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло аҿар рхыҧхьаӡара рацәаҩхеит рҳәеит…
Иахьа адунеи зегьы аҟны ари апроблема даара иҵарны иқәгылоуп. Иҿкы чмазараны ауаажәларра ирылалаз ари марҭха иаанырмкылара, еиҳа-еиҳа зхы иазырхәо рацәаҩхарц азы, маанала аҿар иаларгалоит, хәыда-ҧсада ирыдыргалоит. Еиҳараӡакгьы урҭ «рыҵәгәыр» иаҿашәо ақәыҧшцәа роуп, иара убасгьы зыҩныҵҟатә ҭагылазаашьа уадаҩу ауааҧсыра.
Анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкылаз ауаҩы ҽаанкылашьа шимам атәы шәзеиҭаҳәара аҭахуп ҳәа сгәы иаанагом. Уи знык издызкылаз, наунагӡа дуаҩы чмазаҩуп, уи нахыс иара иҧсҭазаара џьаҳаным иаҩызоуп, иҭаацәагьы рыҧсҭазаара џьаҳаным иҭагылоуп.
Анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло даараӡа ирласны иҭагылазаашьа аҽаҧсахуеит. Аҭаацәара далазар, иҭаацәеи иареи аилыҵра аҟынӡа инеиуеит, аҵара иҵозар, аҵарахьы аныҟәара даҟәыҵуеит, аус иуазар, аусурахьгьы ацара даҟәыҵуеит, убас ихы зланыҟәиго имамкәа, аӡәы диҭахымкәа ихи иареи еизынхоит, убри аан знык згьама ибаз «ашҳам» имоур ада ҧсыхәа имамкәа даақәхоит. Убасҟан имал-ишьал, имоу-ихӡу зегьы аҭира далагоит. Абас, анаркотикатә маҭәашьарқәа зыдкылара иалагаз, иҧсҭазаара зегьы инапала иҿаҟәоит.
Ҳарҭ зегьы ҳахьынаҧш-ааҧшуа иаҳбоит иахьа анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло рхыҧхьаӡара шырацәахаз. Сара ахаангьы срызхәыцуеит урҭ рҭаацәа. Слызхәыцуеит анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло иан. Уажәымзар-уажәы сыҷкәын дыҧсны данбаарго ҳәа агәырҩа иафахьо… Дрыцҳасшьоит иара ихаҭагьы, ихы дахьазымиааиуа. Ргәаҕ сыкны сагоит ҳҿар уи иалазгало, хыхь зыӡбахә сҳәаз аҧҳәыс леиҧш уи зҭиуа, мышкымзар мышкы дара рыҷкәынцәагьы, рыӡҕабцәагьы, рмаҭацәагьы аҿашәар шалшо ззеилымкаауа.
Зны, Аҧсны анҭыҵ сыҟазаараан, убас аҭагылазаашьа соуит, анаркотикатә маҭәашьарқәа шықәсы рацәала издызкылоз сиҿцәажәартә еиҧш. Уи ииҳәаз ахаан исхашҭӡом. Иара иажәақәа рыла, иҭаацәа зныкымкәа-ҩынтәымкәа ахәышәтәырҭақәа рҿы дышьҭаҵаны дырхәышәтәхьан. Иҟан дҿаҳәаны, мчыла даныргозгьы. Аха дхынҳәны данаалак, дызҿыц деиҭаналагон. «Аҵыхәтәан схала схы снапахьы иаазгеит, сара сыда уи аӡәгьы илымшеит, дарбанзаалакгьы анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло, ихала даҟәымҵкәа, аӡәгьы дихәараны дыҟаӡам», – иҳәеит. Насгьы иазгәеиҭеит уаҳа дахьынхоз аҭыҧахь дшыхнымҳәыз, даҽа қалақьк ахь нхара ҳәа диасит, аҭаацәара далалеит, хҩык ахшара драбуп.
Ас еиҧш зхы-зыхшыҩ знапахьы аагара зылшо даара имаҷҩуп. Еиҳараӡак знык уи зҽалазгалаз, ҽынкылашьа рымаӡам. Ма раҧхьаӡа акәны анаркотикатә маҭәашьарқәа анрыдыркыло аҽны иҧсуеит, мамзаргьы аҕа ишиҳәара рыҧсҭазаара мҩасуеит, иара уигьы жәаба-жәохә шықәса иреиҳахаӡом.
Хымҧада, иахьа астатистика ҳахәаҧшуазар, иааныркылоит анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло реиҧш, уи алазырҵәоугьы. Аха макьаназы ари апроблема аҭыҧ шамоу иаанхоит.
Иахьа Аҧсны иқәынхо ауаажәлар зегьы аӡәк еиҧш ҳаидгыланы абри апроблема аҿагылара анаҳамҭа, уаҵәы доусы ҳаҩнаҭақәа рҟны инеиуеит. Иаҳмоуааит убас еиҧш агәаанагара, сара сааигәара иааиӡом ҳәа. Уи аӡәгьы дацәыхьчаӡам.
Аҿар иахьынӡауала иҭацәу аамҭа рмоуртә еиҧш иҟаҵатәуп, ианыхәыҷу инаркны аспорт хкқәа ирызктәуп, ахылаҧшра рыҭалатәуп. Биашам ҳәа сазҳәо шәҟалозаргьы жәиҧшь-жәохә шықәса зхыҵуа аҿар, аҵх агәаны, ишаарҭаху ақалақь ианалагьежьуа, акы ианымиаргьы, ҽакы ианиоит.
Даараӡа угәы унархьыртә иҟоуп иахьа ҳҿар маҷҩымкәа рыҧсҭазаара иахьалҵуа. Амҩатә машәыр аҟны иҭахо даара ирацәаҩуп. Уи азмырхакәа анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкылара иахҟьаны зыҧсҭазаара ҿаҟәоугьы рацәаҩхеит. Ас еиҧш аҭагылазаашьа ҳабакылнаго!?. Ари рыцҳароуп. Уи арыцҳара «имҩахҟьаз» иҭаацәа рымацара ракәӡам изтәу, аҧсуа жәлар зегьы иаҳрыцҳароуп.
Абри астатиа хәыҷы аҿар шәахьынтә аӡәыр шәаҧхьаны шәҟалозар, шәышҟа схы нарханы аҳәара ҟасҵоит, шәхәыц даараӡа. Зегьы раҧхьа иргыланы шәхы шәазхәыц, нас шәҭаацәа. Зныктәи «агьамабара» шәыҧсҭазаара ахҭнышәымҵан. Шәаҧхьаҟа ишәзыҧшу абзиарақәа даара ирацәоуп, иалшәымхын адамра, иалышәх аҧсҭазаара!
Шарида Торчуа