Print this page

Бадра Гәынба: «Ихадам зҵаара ҳамаӡам»

Рашәара 20, 2025 64

Изеиԥшроузеи амчрақәа рҿаԥхьа иқәгылоу, раԥхьаӡа иргыланы зыӡбара аҭаху ауснагӡатәқәа? Ишԥарманшәалатәу аҳәынҭнапхгара асистема? Аоппозициаҿы аицәажәара шԥеиҿкаатәу? Изеиԥшроузеи атәылаҿы имаҷуи ибжьаратәуи абизнес адгыларазы аусмҩаԥгатәқәа? Ишԥаҟоу аусқәа аенергетикатә усхкаҿы? Бадра Гәынба абарҭ уҳәа егьырҭ азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит аинформациатә маҵзура «Аԥсныпресс» иаиҭаз аинтервиу аҟны.

– Ҩымз ҵит аҳәынҭқарра напхгара ашәҭоижьҭеи. Иаҳа иуадаҩхазеи аҳәынҭқарра шәанахагыла раԥхьатәи амзақәа рыҩнуҵҟа? Шәара шәгәыӷрақәеи шәыбла иабои еиқәшәома?

– Ишдыру еиԥш, 2024 ш. ноиабр азы аполитикатә кризис иахҟьаны аҳәынҭқарра ахада ԥхьатәара ҳәа дымцар ада ԥсыхәа ҟамлеит. Усҟантәи аамҭаз ахада ихаҭыԥуаҩыс сыҟан, снапы ианҵан ахада иалхрақәа ирылагаанӡа уи иуалԥшьақәа рынагӡалара. Ҳҳәынҭқарраҿы иҟоу апроблемақәа сара сзы иҿыцым, урҭ ибзианы издыруан 2020 шықәса раахыс иааныскылоз амаҵураҿы.

Зегьы ибзианы иргәалашәоит фымцала аиқәыршәара аганахьала аҭагылазаашьа шаҟа иуадаҩыз. Ҳтәылауаа 10-11 сааҭ лашарада итәан. Урыстәыла – ҳастратегиатә ҩызеи ҳадгылаҩи – ацхыраарала абри апроблема хәҭакахьала аҭыԥ ақәҵара ҳалшеит. Ҳәарас иаҭахузеи, аенергетика аганахьала иҟаҵатәу рацәоуп, уи аҭыԥ ақәҵара ҳаҿуп. Аԥсны Ахада официалла иҭыԥ данахагыла ашьҭахь раԥхьатәи ҩымз ирыҵаркуа атәы акәзар, араҟа алшарақәа инарԥшьны ицәырҵит акырӡа зҵазкуа ауснагӡатәқәа жәпакы. Раԥхьаӡа иргыланы, Аконституциа ишаҳәо ала, иалырхыз ахада иҿаԥхьа ишьҭан ауааԥсыра ҳаамҭазтәи рпроблемақәа рҭыԥ рықәҵара зылшо аиҳабыра рышьақәыргылара, иара убас системала аиҭакрақәа ирымадоу ауснагӡатә дуқәагьы. Ҳара ҳзынио ауадаҩрақәа ируакуп аквалификациа ҳаракы змоу анапхгаҩцәа ахьаҳзымхо апроблема. Уи анцәырҵыз иахьа акәӡам, уи атәы здыруан. Хьыӡҳәала абри аҟны алхраламҭалазтәи сусура инҭагӡаны, «Аԥсны акоманда» ҳәа хьӡыс иаҭаны анапхгаратә кадрқәа конкурсла ралԥшаара апрограмма амҩа асҭеит.

Аконкурс аихшьалақәа рыла амаҵура хадақәа, убрахь иналаҵаны хазы игоу аминистррақәеи аусҳәарҭақәеи рнапхгаҩцәас иҟаҵан уаҟа аиааира згаз, афинал ахь икылсыз. Избанзар, абарҭ ауаа қәыԥшцәа иаҭаху адыррақәа рымоуп, иахьа ҳҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу апроблемақәа рҭыԥ рықәҵара рылшоит.

Сара агәыӷра дуқәа рыдысҳәалоит абри аконкурси ишьҭыху ауснагӡатәқәа қәҿиарала рымҩаԥгара зылшо акомандеи. Ҳаԥхьаҟа уи ҟалароуп аҳәынҭқарра еиуеиԥшым аусхкқәа рганахьала анапхгаратә кадрқәа ирӡрыжәырҭа хаданы.

– Иарбан уснагӡатәқәоу раԥхьаӡа иргыланы зҭыԥ иқәҵатәу ҳәа ишәыԥхьаӡо?

– Ҳтәылаҿы иҟоу апроблема ҵарқәа зегьы аԥхьа иргылатәуп ҳәа рзуҳәар ауеит. Уахь иаҵанакуеит асоциалтә усхк азҵаарақәагьы, аенергетикагьы, ӡыла аиқәыршәарагьы, амҩақәа реиӷьтәрагьы, ақалақь ахаҿра арҿыцрагьы. Абарҭ ауснагӡатәқәагьы  ҳхала ҳамч рықәхартә еиԥш амалқәа рыԥшаара ҳашьҭазароуп.

Аха исҭахын еилыскаарц адемографиеи агәабзиарахьчареи реиԥш иҟоу азҵаарақәа. Абарҭ аҩ-зҵаарак узеиҟәымҭхо дара-дара еимадоуп. Агәабзиарахьчара ахаҭабзиара аиӷьтәра атәыла анапхгара аҵак ду арҭоит. Ишыжәдыруа еиԥш, аргылара иаҿуп ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа, ангиограф азы ахыбра. Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраара иабзоураны ҳхәышәтәырҭақәа еибыҭоуп ацхыраара ласы ҳаамҭазтәи автомашьынақәа рыла. Абри ахырхарҭала аусура ԥкхом.

Шәара ишыжәдыруа аиԥш, февраль инаркны ахәыҷқәа рдиспансеризациа мҩаԥган. Иааидкыланы Урыстәылатәи аҳақьымцәа 30 нызқьҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ирыхәаԥшит. Аригьы абиԥара ҿа ргәабзиара, амилаҭ ргәабзиара агәцаракра ауп.

Ааигәа саҭааит Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа. Уаҟа шықәсыки бжаки раахыс акомпиутертә томограф аус ауӡомызт. Ибзиаҵәҟьаны ижәдыруеит уи аҭоурых. Акоронавирус аан зықьҩыла ҳтәылауаа уаҟа рхы гәарҭон. Атомограф арҽеира  10 миллионк мааҭ итәоит, иагьысыӡбеит убри азы амалқәа сыԥшаарц.

Акырӡа зҵазкуа даҽа хырхарҭак – ари аспорт арҿиара ауп. Иҟалап, шәыхшыҩ азышәышьҭхьазар араионқәа зегьы рҟны ишаадыртуа ахырхарҭа рацәа змоу аспорттә шҭақәа, аспортзалқәа. Абарҭқәа зегьы абиԥара ҿа рхазҩыдара иазкуп. Аҵыхәтәаны – ари амилаҭ ргәабзиара ауп.

Аԥхьа иургылаша атәы салацәажәозар, иазгәасҭарц сҭахуп аҳәынҭқарратә напхгара асистема аԥсахра, амчра ареформа, аҳәынҭқарратә административтә усқәа рырмариара, егьырҭ азҵаара дуқәа рҭыԥ рықәҵара ауаажәлар ишырҭаху. Ҳгәы иҭоуп аамҭакала абарҭ ахырхарҭақәа зегьы ҳамҽхакны ҳусура аиҿкаара.  

– Шәара аӡбахә шәҳәеит аԥхьа иргыланы аҳәынҭнапхгара асистема аԥсахра. Ишдыру еиԥш, акыр шықәса раахыс аимак-аиҿакқәа мҩаԥыргоит аҳәынҭқарратә напхгара асистема аиӷьтәразы, ачынуаа рхыԥхьаӡара аиҵатәразы. Иҳаилшәыркаа, аиҳабыра реилазаараҿы хәҩык Аԥыза-министр ихаҭыԥуаа, аминистррақәа 15, аҳәынҭеилакқәа 10, аҳәынҭусбарҭақәеи амаҵзурақәеи 9 зыҟоу. 245 нызқьҩык раҟара ауааԥсыра ахьыҟоу атәылазы ари рацәаӡами?

– Сақәшаҳаҭуп ачынуаа рхыԥхьаӡара аиҵатәра, аха убри аан садгылаҩым «аиҵатәразы мацара аиҵатәра» ҳәа азнеишьа. Ихадароу убри ауп, аҳәынҭмаҵзуҩцәа рхыԥхьаӡара аиҵатәра ауааԥсыра ирзыҟарҵо амаҵзурақәа рхыԥхьаӡара ашҟа иҵоурам анырра ҟанамҵароуп. Аҳәынҭқарратә сектор аусзуҩцәа реиҵатәра мҩаԥугар ауеит иахьагьы, аха уи административтә процессқәа ирԥырхагахар, ирԥышькаҳәыр алшоит. Сгәанала, ачынуаа рхыԥхьаӡара аиҵатәра мҩаԥыслароуп ԥсабаратә мҩала. Раԥхьаӡа иргыланы, араҟа иаҭахуп административтә усқәа рцифратәра, иааидкыланы аҳәынҭаппарат цифрала арҿиара.  Агәра ганы сыҟоуп, абри аҩыза азнеишьа ишкылнаго аџьатә ресурсқәа рҭышәныртәаларахь, аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рзыҟаҵара аҿҳәарақәа реиҵатәрахь, ахаҭабзиара ашьҭыхрахь.

Аминистрцәа Реилазаара иаҵанакуа атәы акәзар, абар ишәасҳәо: аиҳабыра иахьа иҟоу реилазаара шьақәыргылан уаанӡатәи ала. Аиҳабыра реилазаара абри аверсиа, сара сызлахәаԥшуала, ҳаамҭазтәи аҭахрақәа ирықәшәо иҟам, абри аҟнытә, уи аамҭа-аамҭала иахәаԥштәхоит.

– Жәлар Реизара алхра ҿыцқәа рзынӡа ҩышықәса еиҵаны инхеит. Шәышԥазыҟоу Жәлар Реизара алхрақәа раан еилаԥсоу амажоритартә система алагалара аидеиа?

– Иҵабыргыҵәҟьаны, 2027 шықәсазы ҳҿаԥхьа ишьҭоуп акырӡа зҵазкуа ахҭыс, ҳаргьы уи ҳазнеироуп хдыррала, ҭакԥхықәрала. Иахьа иҟоу амажоритартә алхратә система, сызлахәаԥшраула, моралла иажәит, иалнаршом алхыҩцәа реиҳараҩык ргәазыҳәара. Сара сахәаԥшуеит еилаԥсоу амажоритартә системахь аиасра азԥхьагәазҭо алхратә система ареформа апроект Жәлар Реизарахь анашьҭра азҵаара. Агәра ганы сыҟоуп, абас еиԥш иҟоу аиҭакрақәа ишалдыршо ажәлар рымчра аинститут арӷәӷәара, ҳауаажәларраҿы аполитикатә ҳәоуеиқәымшәарақәа жәпакы рыцәцара.

– Аполитикатә аоппозициаҿы аицәажәара бзиа ахьыҟам Аԥсны аполитикатә кризисқәа ирымзызны иҟалон. Шәгәы ишԥаҭоу, урҭ амчқәа рҟны аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара?

– Аоппозициа ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарра иузаҟәымҭхо ахәҭа ауп. Изҩыдоу аоппозициа аҳәынҭқарра ԥхьаҟа арҿиара иацхраауеит. Ҳгәы иҭоуп аидеиа бзиақәа шьаҭас измоу ҳтәыла аполитикатә мчқәа зегьы рыҩнуҵҟа аицәажәара бзиа амҩаԥгара. Сгәы иаанагоит,  аоппозициаҿы аицәажәара мап ацәикуеит ҳәа ахара сыдҵара шыуадаҩу. Еснагь, иарбан маҵуразаалак иааныскылоз аҟны, аицәажәара мап ацәысымкӡац. Аицәажәара бзиа – ауаажәлари аҳәынҭқарреи рҭышәынтәалара ашьаҭақәа ируакуп.

Даара аҵакы амоуп аполитикатә еицәажәара акультурагьы. Иалыршатәым минуҭктәи аполитикатә хықәкқәа ралыршаразы аҳәынҭқарра ашьақәгылашьа аҵшәаара, ҳҳәынҭқарра ашәарҭара иҭазыргыло аусқәа рымҩаԥгара.

Рыцҳарас иҟалаз, ҳара ари аҩыза ҳбахьеит, убрахь иналаҵаны ахада ииасхьоу иалхрақәа раангьы. Иалыршатәума абџьар шьҭыхны алхырҭатә ҭыԥ ақәлара?!

Ҳарҭ зегьы иаҳҵароуп ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рыҩнуҵҟа иҭышәынтәалоу, аизыҟазаашьа бзиақәа рышьақәыргылашьа, ҳҳәынҭқарра арӷәӷәаразы аполитикатә еицәажәара амҩаԥгашьа. Аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиқәырхара – ари ҳара ҳхықәкы хада ауп.

– Хәшьарас иашәҭозеи ҳтәыла аекономика иахьатәи аҭагылазаашьа? Иҳамоума ареспубликатә биуџьет ахашәалатә хәҭа азырҳаразы алшарамчқәа?

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩнуҵҟала Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара аҟаҵарбагақәа иҭышәынтәаланы аизҳара ҳдырбоит:

2020 шықәса инаркны атәыла еизаку аҩнуҵҟатәи аалыҵ амҽхак шьҭыҵит 2, 8 нтәы рыла, 2024 шықәсазтәи аихшьалақәа рыла идыртәеит 88, 8 миллиард мааҭ. Ауааԥсыра аӡәы ила ишьаны еизаку аҩнуҵҟатәи аалыҵ аҟаҵарба иартәоит 364 нызқь мааҭ, аизҳарагьы иаҿуп.

Ареспубликаҿы инарыгӡоит ааглыхреи, атранспорти, атуризми рганахьала аинвестициатә проект дуқәа жәпакы.

Абиуџьеттә инвестициақәа дәықәырҵоит абизнес арҿиаразы аҭагылазаашьа маншәалақәа раԥҵара хықәкыс ишьҭыхны аинфраструктура арҿиара ашҟа.

Агеографиатә, аҳауатә факторқәа, аӡыржәтә, аминералтә ӡқәа, аӡырԥхақәа, аргыларатә усхк аганахьала амаҭәахәқәа рымазаарала ареспублика амч-алша аҳәаа ҿыцқәа аадыртуеит атәылаҟны анападкыларатә усура арҿиаразы.

Аҳәынҭқарра агәаанагарала, абизнес ҳахәаԥшуеит раԥхьаӡа иргыланы аҿиара ԥхьаҟа изго, аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа аазыртуа, аконкуренциа шьҭызхуа, аалыҵ ахаҭабзиара еиӷьызтәуа акәны. Абри инамаданы аҽеиҭанакуеит аҳәынҭқарра ашәахтә политика, иаԥҵахоит анападкылартә аԥшьгамҭақәа рыдгыларазы ахырхарҭақәа.

Ҳазну аамҭазы аус адулара иаҿуп ашәахтәқәҵара имариоу асистема иазку азакәан анагӡара азҵаара. Ԥшь-шәахтәк (аиҿкаара ахашәалазы ашәахтә, иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә, аиҿкаара амазаразы ашәахтә, хаҭалатәи анападкылаҩцәа рхашәалақәа ирықәныркыло ашәахтә) рхаҭыԥан ишьақәыргылахоит шәахтәк. Ирмариоу асистемала ашәахтә азы ашәага-зага шьақәыргылахоит 6% рыла. Ари иназыцҵоу ахәԥсеи  ахашәалатә шәахтәи ирҿырԥшны еиҵоуп. Урҭ ршәага-загақәа ишьақәдыргылоит 10%, ахашәалазы ашәахтә – 18%.

Иара убас, аҳәынҭқарра ахаҿы иааганы административтә процедурақәа рырмариара иазнеиуеит, иара убри ирмариоу ашәахтә режим ашәҟәарбараҿы амҩаԥгаразы аамҭеи амчқәеи маҷны иаҭахнатәуеит. Ари анападкылаҩцәа арманшәалоит, хыԥхьаӡара рацәаҩыла аҳасабеилыргаҩцәа рыдкыларагьы аҭаххаӡом.

– Шықәсык акәым аицәажәарақәа мҩаԥысуеижьҭеи иаку асоциалтә шәахтә иазкны. Иахышәҳәаауазеи уи?

Иаку социалтә шәахтә азҵаара, ари иҵабыргыҵәҟьаны акырӡа зҵазкуа темоуп. Акыр шықәса раахыс уи иалацәажәоит атәылақәа жәпакы рҟны, убрахь Аԥсынгьы налаҵаны. Азин сышәҭ инҭкааны ишәеилсыркаарц. Иаку асоциалтә шәахтә заку, уи ԥыжәарақәас иамоу, иара убас аекономикеи асоциалтә усхки рахь ныррас иҟанаҵо зеиԥшроу.

Изакәызеи иаку асоциалтә шәахтә: ари хазы игоу асоциалтә хәҭалагалақәа асоциалтә программақәа (атәанчахәқәа, амедицинатә ԥгаԥса, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа социалла реиқәыршәара, арепатриациа апрограмма анагӡара, ацхыраагӡақәа уҳәа егьырҭгьы) ԥарала реиқәыршәара иамадоу ашәахтәқәа зыԥсахуа еизаку шәахтәуп. Зхыԥхьаӡара рацәоу ашәатәқәа рҭыԥан, аусурадкылаҩцәа иршәоит шәахтә заҵәык, уи анаҩс изыхәҭоу афондқәа рыла еихшахоит.

Убри аан афондқәа рахь (ҿырԥшыс, ауалафахәы афонд аҟнытә 21% инаркны 18% аҟынӡа) процентла аихшара еиқәырханы, уаанӡатәи ахәҭалагалақәа ршәага-зага аиҵатәра ауеит. Иаку асоциалтә шәахтә алагалара иамоу аԥыжәарақәа рыҩнуҵҟа уаҩы иазгәеиҭар ауеит:

Ашәахтәқәа рылхра армариа. Хыԥхьаӡара рацәала хазы игоу аҳасабрбақәеи ахшәаатәқәеи рҭыԥан, анаплакқәеи атәылауааи иршәоит шәахтә заҵәык. Ари абиурократиатә кәама-ҵамарақәа армаҷуеит.

Алабҿабара арӷәӷәареи акоррупциа аиҵатәреи. Иаку асистема иалнаршоит алагалақәеи ахарџьқәеи еиӷьны рхылаԥшра, акоррупциатә схемақәа рзы алшарақәа еиҵатәны.

 Аусура анапалакра аргаматәра. Еизаку ашәага-зага аамҭакала еиҵатәны асистема армариара иалнаршоит ашәшьыра иҵоу ауалафахәқәа рхыԥхьаӡара армаҷра, избанзар аусурадкылаҩцәа иаҳа ирзымариахоит ашәахтә хыдҵақәа рынагӡара.

Асоциалтә фондқәа анапхгара рыҭара. Амалқәа еизакны рнеира иалнаршоит изыхәҭоу абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа рыла асоциалтә программақәа ԥарала реиқәыршәара иаҳа ииашаны аизшара, анапхгара рыҭара. Иаку асоциалтә шәахтә алагалара – ари аперспектива змоу хырхарҭоуп, иагькылнагоит Аԥсны социалла аиқәыршәареи ашәахтәқәҵареи рсистема акырӡа аиӷьтәрахь. Уи қәҿиарала анагӡаразы иаҭахуп ҳаамҭазтәи асистема инҭкааны аҭҵаара. Ашәахтә ашәага-зага ҭышәынтәалазароуп, еиҿыбаазароуп – асоциалтә хыдҵақәа ԥарала аиқәыршәаразы иҳаракызароуп, аха иара убри аамҭазы абизнес аидара ӷәӷәа иаҵанамҵозароуп. Иара убас, иаҭахуп зегьы ирбо-ираҳауа аинформациа, абизнеси ауааԥсыреи реицәажәара.

– Атуризм знапы алаку имаҷуи ибжьаратәуи абизнес ахаҭарнакцәа асасааирҭа дуқәа рыхәқәа ирхашшаауеит. Цәцашьас иамоузеи атуризм аганахьала абизнес маҷ иаҿу атәылауаа рԥыла-ԥгала амаҷхара?

– Имаҷуи ибжьаратәуи абизнес ахаҭарнакцәа иртәу аобиектқәа рҟны аԥсшьара аганахьала иҟоу аҭахра аиқәырхаразы дара рганахьала аиԥш, аҳәынҭқарра аганахьалагьы аусмҩаԥгатәқәа жәпакы аҭахуп.

Ҳәынҭқарратәла арманшәалара иаҵанакыроуп аобиектқәа ашәахтә зқәырҵо арбага аҭҵаара. Ари 2025 шықәсазтәи асезон аан уаҩы ихы иаирхәаша ахархәагақәа ируакуп, аԥхьаҟа акәзар, амонополиаҿагыларатә маҵзура аҭаххоит. Атуроператорцәа рҟны аиқәшаҳаҭрақәа бжьазҵауа обиект дуқәа рхаҭарнакцәа рҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара аҭахуп, ахәқәагьы убрахь иналаҵаны. Аиқәшаҳаҭрақәа асезон анҵәамҭазы иахьрыбжьарҵо аҟнытә, заанаҵы иалацәажәароуп иааиуа асезон аан ахәшьақәыргылара аполитикагьы. Аԥхьаҟа иара убас аҭыԥқәа рклассификациа алагалатәуп.

Аобиектқәа зтәу рхы иадырхәароуп аконкуренциа аганахьала ирымоу аԥыжәарақәа, еиӷьыртәлароуп ахаҭабзиара, еиҿыркаалароуп аинформациатә усура уҳәа егьырҭгьы.

– Лшарақәас иамоузеи Аԥсны имаҷуи ибжьаратәуи абизнес адгыларазы?

– Рацәак ҵуам, 2022 шықәса инаркны рынагӡара иаҿуп зхатәы бизнес маҷ змоу анападкылаҩцәа ацхыраара рыҭара иазку аҳәынҭқарратә программақәа. Урҭ руак – ақыҭанхамҩа адгылара апрограмма ауп. 2022 инаркны 2024 шықәсқәа рҟынӡа уахь ишьҭын 350 миллион мааҭ, 2025 шықәсазы акәзар –150 миллион мааҭ.

Аҩбатәи – ари имаҷуи ибжьаратәуи анападкылара адгылара апрограмма ауп. Уи инақәыршәаны, 2022 – 2024 шықәсқәа рзы иоушьҭын 200 миллион мааҭ, 2025 шықәсазы акәзар – 326 миллион мааҭ. Убарҭ рахьтә 126 миллион мааҭ – ари Урыстәыла афинанстә цхыраара амалқәа роуп.

Иара убас, 2022 – 2025 шықәсқәа рзы асоциал-економикатә рҿиара аҳәынҭқарратә программа инақәыршәаны, 2023 шықәсазы имҩаԥган аарыхратә шьақәгылақәа раахәаразы рхарџь-рԥарџь ашәаразы анападкылаҩцәа ралԥшаара. Абри азы иоушьҭын 25 миллион мааҭ.

Рацәак идуум анаплакқәа раԥҵара апрактика иаҳнарбеит атәылақәа жәпакы рҟны уи ахырҳара шалоу. Абраҟа акырӡа аҵанакуеит абас еиԥш иҟоу апрограммақәа ирылахәу данбанзаалак хаҭала иааирԥшуа аинтерес.

Ҳазну ашықәс азы аԥшьгара аазырԥшуа анападкылаҩцәа рыдгылара амҽхак азырҳара – ари аҳәынҭқарра иара атәылауаа рахь иаанарԥшуа ахшыҩзышьҭра аҿырԥштәқәа ируакуп. Акы еиҿызкаарц зҭаху дарбанзаалак еиликаауеит алҵшәа шаарԥштәу, адгылара шиҭаху.

– Ҳарҭ зегьы иаабоит атауарқәа зегьы рыхә шышьҭыҵуа. Иарбоума абиуџьеттә усхк аусзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхра?

Акыр шықәса раахыс абиуџьеттә усхк аусзуҩцәа руалафахәы аиндексациа аҳәынҭқарра имҩаԥнагоит. Аиҳараӡак уи иаҵанакуеит аҵареи, агәабзиарахьчареи, акультуреи, аспорти, аҭҵаарадырреи, атәылауаа рсоциалтә маҵзуреи русзуҩцәа ркатегориа хадақәа. Ари алыршахеит афинанстә цхырааразы рнапы зҵарыҩхьоу ашәҟәқәа инарықәыршәаны Урыстәылаҿы иалыршоу аиқәшаҳаҭрақәа ирыбзоураны. Ҳазну ашықәс азы иара убас абиуџьеттә усҳәарҭақәа жәпакы руалафахәы афонд иазырҳан, убрахь иналаҵаны азинхьчаратә усбарҭақәа, аҳәынҭшәарҭадара аусбарҭақәа, аимадареи амассатә коммуникациақәеи уҳәа аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәагьы. Ари апроцесс хыркәшам. Ашықәс аҩнуҵҟала иазгәаҭоуп асоциалтә усхк аусзуҩцәа, арҵаҩцәа, аҳақьымцәа, аҭҵаарадырратә усзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхра.

–Зегьы ишырдыруа аиԥш, аенергртикатә усхк аҿы апроблемақәа даара ирацәоуп. Иаҳзыԥшузеи ҭагалан?

унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» афымцанхамҩа арҿиареи аиҭашьақәыргылареи рзы аусурақәа мҩаԥнагоит.

– Аахыҵ-Кавказ аҟны ашәарҭадаразы жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа акритика рзыруеит Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара амч ахамырхәаразы адокумент анапаҵаҩра ахьзалыршамхо азы.

– Ҳазну аамҭазы Аахыҵ-Кавказ аҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа Аԥсны агәаанагара, апозициа ахьцәырнагауа ҭыԥзаҵәыкны иҟоуп. Насгьы уи иалахәуп США, ООН, ЕС, ОБСЕ. Ари 1992 шықәсазы ҳтәыла иабашьыз Қырҭтәылаҿы Аԥсны ахаҭарнакцәа аицәажәара ахьымҩаԥыргауа иакызаҵәыку жәларбжьаратәи форматуп.

Аԥсны абарҭ аиҿцәажәарақәа рганахьала еиуеиԥшым агәаанагарақәа шьақәгылеит. Иаҳараӡак уи акритика азыруеит ақырҭуа ган иҵоурам апозициа иахырҟьаны Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара амч ахамырхәара иазку адокумент аиқәыршаҳаҭреи нас анапаҵаҩреи рызҵаарақәа рҿы изакәызаалак ԥхьаҟацарак ахьыҟам азы.

Аха иазгәасҭарц сҭахын, адипломатиаҿы еснагьҵәҟьа алшарақәа ыҟаӡам уи ма егьи азҵаарақәа рганахьала иаарласны ԥхьаҟа ацаразы. Ҳара хықәкыс иҳамоуп абри аусура ацҵалара, иара убри ала иаҵаҳшьуеит ҳаԥхьаҟагьы аицәажәарақәа рзы Аԥсны шаарту.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи азҵаара хадақәа рганахьала зынӡаск рпозициақәа еиқәшәаӡом, абригьы наҟ-ааҟ аилибакаарахь акылсра алзмыршо факторуп.

Жәаҳәарада, жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа аган бзиақәагьы рымоуп. Ишысҳәахьоу аиԥш, уи иалнаршоит жәларбжьаратәи ахеидкыла алахәыла хадацәа рҟынӡа ҳгәаанагара анагара. Абри инаваргыланы, Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан рҭыԥ иқәҵан агуманитартә ҟазшьа змоу азҵаарақәа жәпакы.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны аҩбатәи аусуратә гәыԥ инақәыршәаны излацәажәауа агуманитартә проблемақәа рыҩнуҵҟа иҟоуп аԥсуа ган хшыҩзышьҭра ҷыда зырҭо азҵаара. Ари ԥықәсларада адунеи аҟны анеиааира алзыршауа документк аҳасабала аԥсуа милаҭтә паспорт азхаҵара ауп. Абри азҵаара аԥсуа ган иааиԥмырҟьаӡакәа ишьҭнахуеит аиҿцәажәарақәа раан. Аԥсны атәылауаа зегьыҵәҟьа ирымаӡам аҩбатәи Урыстәылатәи атәылауаҩра, насгьы уи ахьазхаҵам азы аҳәаанырцәҟа ацара рылшом, ҿырԥштәыс иаагозар, амедицинатә цхыраара аиуразы, егьырҭ агуманитартә цхырааразы. Ҳәарас иаҭахузеи, ари жәларбжьаратәи апринципқәа иаахтны ӷәӷәалаҵәҟьа реилагара ауп, убрахь иналаҵаны ԥықәсларада аныҟәарагьы.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рхықәкы хада – ари Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара амч ахамырхәара дҵаны иқәзыргыло адокумент анапаҵаҩра ауп. Уи акырӡа аҵанакуеит Аԥсны иҭышәынтәаланы ҭынчмҩала аҿиаразы аиԥш, иара убас ашәарҭадара арегионтә архитектура арҿиаразгьы.

– Шәара ааигәа шәалахәын Кавказтәи аинвестициатә форум. Иаҳзеиҭашәҳәа шәгәахәарақәа? Аԥсны иарҭоузеи абасеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа?

– Кавказтәи аинвестициатә форум – ари Нхыҵ-Кавказ анападкылаҩцәа рхы ахьаадырԥшуа ҭыԥуп. Афорум аҟны ицәырган еиуеиԥшым аусххқәа – ақыҭанхамҩеи, атуризми, ааглыхреи рганахьала ргәы иҭоу, иара убас зынагӡара иаҿу аинвестициатә проектқәа. Иааган аҳаирбаӷәазақәа рпроектқәа, жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Минеральные Воды» ахархәарахь ирыҭоу авокзалтә комплекс, аҳаирбаӷәаза «Архыз» аиҿкаара иазку апроект. Ҷыдала хшыҩзышьҭра азыҟаҵан жәларбжьаратәи атранспорттә гәарабжьара «Север-Иуг» атранспорт-логистикатә проект. Уи еиманадоит Урыстәылеи, Ирани, Индиеи уҳәа егьырҭ атәылақәеи.

Жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы еиҿыркаауа абасеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа Аԥсны рылахәра иалнаршоит ҳтәыла иҿыцу даҽа ганк ала дырбара. Ҳара ҳделегациа Урыстәыла Аиҳабыра рхантәаҩи егьырҭ алахәылацәеи иддырбеит В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа», амилаҭтә ааглыхра аалыҵқәа.

Афорум аҟны анапы рыҵаҩын еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рганахьала аусеицуразы хыԥхьаӡара рацәала аиқәшаҳаҭрақәа. Абасеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа Аԥснытәи аделегациа ахаҭарнакцәа рылахәра иалнаршоит ареспубликахь аинвестициақәа радԥхьалара, ҳгәылацәа рхы иадырхәо аԥышәеи атехнологиақәеи рыҭҵаара.

– Бадра Зураб-иԥа, иҭабуп аинтервиу азы. 

– Шәаргьы иҭабуп. Аинформациатә маҵзура «Аԥсныпресс» иазеиӷьасшьоит еиуеиԥшым ажәабжь бзиақәа.