Уаҩ гәыжәлацәгьак иакәын, аха дсамарҟәылҳәаҩын ҳәа иӡбахә ргәаладыршәоит Арасаӡыхьаа ҳзыҿцәажәаз. Иара аибашьра данырга иԥҳәыс аҩбатәи ахшара изы лцәалтәымкәа дыҟан. Лагә данырга нахысгьы уи иԥшәмаԥҳәыс Зоиа Кәаӡба-Қаџьиа акы лҽаҵалмырхеит, лхшара рҩыџьагьы ааӡо, аколнхара аус аҟынгьы аԥхьагылаҩцәа дреиуан, аҭаҭыни аҟанҷи раарыхраҿы лыбаҩ дацәшәомызт. Лагә аԥхьа данырга, Қәҭешь дыҟан. Иара аҩышьа злеизымдыруаз ала, иҩызцәа ихьӡала ашәҟәқәа изырыҩуан. Усҟан Қәҭешь аррамаҵура ицахысуан арасаӡыхьаа рыҷкәынцәа Махази Пилеи Ҟаитанаа. Лагә иаҳәшьа Пипагьы лашьа ибараҳәа Қәҭешь ихәы лыман дцахьан. Ашьҭахь уи дышьҭхеит Кавказ ахьчаратәи аибашьрахь. Уи дицеибашьуан иара иқыҭа иалҵыз Леуарсан Ҳаразиа. Лагә Қаџьиа дыбжьаӡит февраль мза 1943 шықәсазы.
Аԥснытәи арратә комиссариат архив аҟны ишьҭоу аматериалқәа руак излаҳәо ала, 1941 шықәсазы ииз Естат Таӷа-иԥа Қаџьиа аибашьраҿы дҭахеит февраль 1, 1943 шықәсазы. Анышә дамадоуп Краснодартәи атәылаҿацә иахьаҵанакуа, Тҟәаԥстәи араион, ақыҭа Нижнаиа Михаиловка анышәынҭраҿы. Ҟазшьала уаҩ ҭынчк иакәны дыргәалашәоит иқыҭауаа. Иара аибашьра данца, иԥҳәыс лҭаацәа дыргеит. Ихылҵшьҭра ҳәа уаҩ дыҟамызт.
Арасаӡыхь ақыҭан дыжәлазаҵәны дыҟан Кобахьиа Мышьа Алиас-иԥа, 1905 шықәсазы ииз. Уи ианшьцәа Маланӡиаа драаӡеит. Даҽаӡәы диламҩашьартә ашәаҳәараҿы абаҩхатәра бзиа илан. Агитара ианҵаны инаигӡон ихатәы ашәақәа. Убас уаҵәы еибашьра дцараны иахьеиԥш иқыҭауаа еизаны иахьыҟаз агитара ианҵаны иҳәон аибашьра шыҟалаз, абџьар шышьҭырхыз иқыҭауаа, иаргьы уаҵәы дцараны дшыҟаз атәы, ҿыц хаз нхараҳәа дшаҿыз ауп аибашьра ишалагаз. Аибашьра иалахәыз Ҳаџьым Гәыгә ҳаниҿцәажәоз иҳаиҳәеит: «Мышьа уаҩы иааџьеишьаратәы еилҟьак иакәын, уамашәақәа дыӷәӷәан. Иара аҵарагьы иман, ақыҭан амагазин дықәгылан, аха еиҳарак дызласгәалашәо иӷәӷәарала ауп. Ҳара аибашьра ҳаицыргеит. Раԥхьа Абашьа ҳаҟан. Абра ҳархәҭа иалаз 500-ҩык ахьыҟаз, бӷарҵахьы аиқәԥараан иара ииааиуаз ҳәа дҟамлеит. Убри аҟынӡа дыӷәӷәан, деибаган. Зегьы џьашьахәыс ирыԥхьаӡон абри аиқәԥараҟны ииааишьоу… Мышьа ҩыџьа аӡӷабцәа иҭынхеит. Урҭ рҩыџьагьы Арасаӡыхь аҭаацәарақәа ирылалеит. Ҵеи димамызт. Абасала, ижәлазаҵәыз Кобахиаа Арасаӡыхь инаныҵит. Аибашьра аԥхьатәи амшқәа рзы абџьар шьҭызхыз Мышьа Кобахиа ҩымз ааҵуаны, август мза 1941 шықәсазы дыбжьаӡит ихабар ыҟамкәа.
Дарсалиаа драҳәшьаԥан Арасаӡыхь ақыҭан ижәлазаҵәны инхоз Карди-оглы Шьақьыр. Ԥшра-сахьала даара уаҩ дхызхша аӡәы иакәын, даун, деинаалан, иӡара ҭырфаҷа, еилҟьа-еилӷәыцәк иакәын. Аколнхараҿы зыбаҩ иацәымаашьоз аӡәы ҳәа дыԥхьаӡан, апаратиа далан. Аҭаацәара далалахьан, аха ахшара ҳәа аӡәгьы димамызт. Архивтә материалқәа иҳарҳәоит уи февраль 1942 шықәсазы ихабар уаҳа иҟамлакәа дшыбжьаӡыз аибашьрақәа руак аан.
Унеишь-уааишь ҳәа зырҳәоз анхацәа нагақәа дыруаӡәкын Кадыр Қәҭелиа. Уи иааӡеит хәҩык аҷкәынцәа. Урҭ рахьтә хәҩык аибашьра ашықәсқәа рзы абџьар шьҭызхыз иреиуоуп. Дара рыхәҩыкгьы рқыҭа гәакьахь ахынҳәра рылымшеит, иҭахеит аибашьра адәаҿы. Кадыр иҷкәынца реиҳабы Акакь аҵара иман, далгахьан Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа. Аҵара ибзианы дахьалгаз азы, насгьы аҵара аниҵозгьы апублицистика дызлазҿлымҳаз ала уи аредакциа «Аԥсны Ҟаԥшь» ахьыҟоу ахыбраҿ аҩбатәи аихагылаҿ икыду аплитаҿы аредакциа аусзуҩцәа аибашьраҿы иҭахаз рыхьӡ-рыжәла ахьану дарбоуп Қәҭелиа Акакь Кадыр-иԥагьы.
Уи иеиҵбы Маҳҭы еиҳагьы дқәыԥшын, аҭаацәара даламлацызт. Данбжьаӡыз дахьыбжьаӡыз ҳәа акгьы еилкаамкәа иаанхеит иахьа уажәраанӡагьы. Урҭ реиҵабацәа Нестори Маџьгәеи еициит 1905 шықәсазы. Нестор иаб Кадыр еиԥш арахә-ашәахә, анхара-анҵыра уҳәа еиҳа дрызҿлымҳан. Архивтә материалқәа иҳарҳәоит уи дшьын ҳәа декабр 16, 1942 шықәсазы, анышә дшамадоу хԥаҟа километр инацәыхарамкәа аанҿасырҭа Терек Маздоктәи араион, усҟан Орџьенекиӡетәи атәылаҿацә ҳәа изышьҭаз аҟны. Уи иԥсӡы инапы аҵаҩуп 201-тәи ахысратә девизиа амаиор Короков. Нестор еиԥш аҭаацәара даламлацызт Маџьагәагьы. Уи 1942 шықәсазы данырга нахыс уаҳа ихабар ҳәа акгьы ҟамлеит.
Аҷкәынцәа хәҩык шимазгьы иҷкәынцәа дырхиааӡалеит Кадыр урыс хәыҷык. Уигьы Қәҭелиа ҳәа ашәҟәы дҭаҩын, Темоша ҳәа иарҳәон. Иара убригьы зынӡа дышқәыԥшӡаз (1921 шықәсазы диит) еибашьра дыргеит. Уи нахысгьы ихабар ҳәа акгьы ҟамлаӡеит.
Абасала ҭаацәак аҟынтә иныбжьахәаша ицеит хәҩык аишьцәа. Хәҩык аҷкәынцәа зааӡаз Кадыр, дыԥсыр анышә дазҭаша ҳәа иҷкәынцәа рахьтә аӡәгьы диҭнымхеит.
Кадыр иашьа иԥа иакәын аибашьра иалаӡыз Владимир Қәҭелиагьы. Уигьы иашьа иԥа Акакь еиԥш аҵара иазгәышьуаз, уи иашьҭаз арԥарцәа дыруаӡәкын. Бжь-класск дрылгахьан ауп аибашьра шихьӡаз, иаб иашьа иԥацәа реиԥш иаргьы абџьар шьҭыхны аӷацәгьа дахьиҿагылаз фырхаҵарыла дҭахеит ноиабр 6, 1944 шықәсазы Витиабсктәи атәылаҿацә Меховтәи араион, ақыҭа Зезиулин агараан. Иара уа ақыҭа Зезулин аешьаратә нышәынҭраҿы анышә дамадоуп.
Абасла, аибашьра ашықәсқәа раан аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит Қәҭелиаа фҩык.
Кәыҿбақәа ҳәа Арасаӡыхь ақыҭан инхоз аибашьра иахҟьаны ари ажәлагьы аныӡааит ара. Кәыҿба Кәрыцә иҷкәынцәа аҩыџьагьы аибашьра иахьыргаз аӡәгьы дзыхнымҳәӡеит. Деиҳабын Санарда, 1912 шықәсазы ииз. Уи даараӡа уаҩы ҳалалын, уаҩ гәраганы дыргәалашәоит арасаӡыхьаа. Аҭаацәара далалахьан. 1942 шықәсазы аибашьра данырга, уаҳа ихабарк ҟамлаӡакәа дыбжьаӡит. 1923 шықәсазы диит аиҵбы Ҟәашә. Мықә бжь-класск далгахьан. Ҷкәына еилҟьаӡак, иласыз, бӷарҵахьы ақәԥараҿ, маха-шьахалагьы иӷәӷәаз аӡәы иакәын ҳәа дыргәаладыршәоит арасаӡыхьаа. Аҭаацәара алалахагьы дахьымӡакәа, 1943 шықәсазы аибашьра дыргеит. Рацәак мырҵыкәа ӷәӷәала дыхәны дааргеит аибашьра ахьтә. Убри ихәра бааԥсы, хара днанамышьҭӡеит, иԥсҭазаара далҵит, изқәаҭыԥ ҟалеит иқыҭан.
Аибашьра ашықәсқәа иԥнархеит Кам Ҟаитанба иҷкәынцәа хҩык. Ари аҭаацәа ҷыдала ашәаҳәареи акәашареи иазҟазан. Изгәалашәо изларҳәо ала, урҭ аишьцәа рани раби еицны чарак аҿы инеир, ачара дара иртәын. Убас шәаҳәарылеи кәашарылеи зегьы ираԥыргон. Кам Ҟаитан иҷкәын еиҳабы Махаз 1907 Шықәсазы диит. Аҭаацәарагьы далалахьан, аха ахшара ҳәа аӡәгьы димамызт. Хазы нхараҳәа иаб диҿыҵны аҩнаргылара напы анаиркыз аамҭазы ауп аибашьра ишалагаз.Данырга нахысгьы ихабарк ҳәа акагьы ҟамлаӡеит.
Аишьцәа ргәыбжьанытә Махьал 1905 шықәсазы дит. Уи аҭаацәара далан, ахшарагьы иман. Иԥҳәыс Гәарамиа-ԥҳан. Махьал абаҳчааӡара дазҟазан, бзиагьы ибон. Аибашьра дыргеит 1942 шықәсазы. Уи далахәын 1019-тәи ахысратә дивизиа. Дҭахеит Кәурсктәи архәара иаҵанакуа ақыҭа Паниковец аиқәырхаразы аидысларақәа руак аан, ианвар 24, 1942 шықәсазы. Анышә дамадоуп ақыҭа Паниковец ахьынҵәо аҩадахьтәи аганахьала. Аишьцәа реиҵбы Пила диит 1908 шықәсазы. Уигьы аҭаацәара далалахьан, ԥшьҩык ахшара драбын. Иара аибашьра данырга, ԥшьҩык ахшара ааӡатәыс иззынхаз уи иԥшәма ԥҳәыс Гогиа-ԥҳа лхәыҷқәа амлеи ахьҭеи иамыркыкәа, аколнхараҿгьы аԥхьагылара лыман аус луан. Уи ҳанлыҿцәажәоз илгәалалыршәон: «Ҿыц анхара напы анаҳаркуаз ауп аибашьра ишалагаз. Иара дыргеит. Сара сымчыдаха саанхеит. Иара данырга ашьҭахь ауп сыҷкәын аиҵбы даниз. Сыҷкәын аиҳабы џьара акы иурҟаҵартә дыҟамызт, дмаҷын, аха уаҳа иҟасҵоз, зегьы заа дрыласыргар акәхеит. Исгәалашәоит, ҽнак ауҭра сызхикааит, иҟаҵаны даналга, ҵәҩанк ахы ахьааникылаз, зегьы еиманы иҵыҩрит. Мчыбжьыктәи иусгьы минуҭк ала инеилабгеит, аха иҳаурыз, имч зқәымхоз даҿызар акәхеит. Абас мацарала мчымхарала исааӡеит…». Ааи, зхацәа еибашьра иргаз аҳәсақәа зегьы реиԥш ахаԥсыра баны, аибашьра рнымырԥшкәа илааӡеит ан лыԥшьҩы хшаара. Иахьа урҭ рхы-ргәы иақәгәырӷьартә инхоит, инҵуеит Арасаӡыхь ақыҭан. Пила Ҟаитан иԥсӡы аит 1942 шықәсазы. Уи иаҳәон фырхаҵарыла дышҭахаз Харков амҵан ианвар мза 1942 шықәсазы.
Лагәлаа рыжәла Арасаӡыхь ақыҭа ҳаҭыр, пату зқәу рахь иԥхьаӡоуп, Лагәлаа рахьтә арҭ ашықәсқәа рзы аибашьра иалаӡит быжьҩык.
Зегьы раԥхьаӡа ихьӡ ҳәатәуп унеишь-уаишь ҳәа зарҳәоз ахаҵа еибага Шьаҳан иҷкәын Иуака Лагәлаа. Иуака Шьаҳан-иԥа Лагәлаа диит 1918 шықәсазы. Гәыԥ бжьы-класск дрылган, иҵара иациҵарц азы Очамчыра иаҳәшьа лхаҵа Маршьан Уарлам иҟны дыҟан. Иара абра аҵара дшаҿыз ауп 1938 шықәсазы арра ишиԥхьаз. Ара далгарц мызқәац шигыз Афинтәи аибашьра иалагеит. Уи ари аибашьра далахәын. Иара убас далахәын Балтика ахықәантәи ареспубликақәа Асовет ар рнапахьы ианааргоз. Убарҭ рнаҩс ҩаԥхьа уи ихьӡеит Аџьынџьтәылатә еибашьра дууӡа. Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаҵәҟьа раԥхьа игылаз ар дрылан иара. Знызаҵәык ишәҟәы аара иахьӡеит, уаҳа ихабаркгьы ҟамлеит. Аха иуаажәлар Иуака дызгәалашәо рацәоуп уи ихшыҩ ҵаррала, иуаҩрала, иҳалалрала. Иуака аҭаацәара алалахагьы дахьымӡеит. Аха иара иашьеиҵыб Шьалуа ила иҿымцәааит Лагәлаа Шьаҳан ихәышҭаара.
Зхәышҭаарамца ҿыцәааз иакәны ихьӡ рҳәоит иахьагьы Лагәлаа Хәыршьыҭ. Уи иааӡеит хҩык арԥарцәа шьахәқәа, аха рыцҳарас иҟалаз, рыхҩыкгьы аибашьрахьтә ихнымҳәӡеит. Деиҳабын 1915 шықәсазы ииз Иасон. Егьырҭ Уаниеи Уанчкеи зынӡак иқәыԥшцәан, рышықәсқәагьы макьана аибашьра иаҵанакуамызт, аха рашьеиҳаб дахьцаз дарьы амҩа иқәлеит. Рыхҩыкгьы аӡәгьы аҭаацәара даламлацызт. Рышьҭамҭаҳәагьы аӡәгьы днымхеит. Абасала, х-хәышҭаарак ҿыцәааит. Урҭ аишьцәа рыхҩыкгьы рыԥсырҭеи рыӡырҭеи ҳәа акгьы еилкаам иахьа уажәраанӡагьы, аха еилкаауп урҭ аԥсадгьыл ахьыԥшымреи ахақәиҭреи рзы рхы ишамеигӡаз.
Лагәлаа Кәыч нхаҩ ӷарын ишырҳәо еиԥш, акәтаӷәцәа илкәыкәаан иааӡеит ҩыџьа аԥацәа Леуарсеи Панџьеи. Урҭ уажәшьҭа анхара-анҵыраҿ раб иааидгылартә ианыҟала ауп аибашьра ишалгаз. «Сыҷкәынцәа қәыԥшқәоуп, макьана аибашьра ишԥаргари?» ҳәа игәы инҭашәон аб, игәы рыӷәӷәашәа ус дааиуан. Ҽнак егьырҭ Лагәлаа арԥарцәа реиԥш Кәыч иашҭа инҭыҵит иҷкәынцәа рҩыџьагьы. «Ҳаи, рацәа сыҩнаҭа ашә акит» неигәахәит Кәыч. Уи ицәалашәара дамжьеит, ииашан игәы иҭашәаз лабҿабахеит. Абырг рыцҳа илақәа ҭраа иҷкәынцәа рымҩа дшазыԥшыз акыр шықәса цеит. Леарсеи Панџьеи уаҳа рхабарк ҟамлаӡеит, иахьагьы еилкаам урҭ рыбаҩ змадоу иарбан дгьылу. Абасала, анхаҩ ӷар Кәыч Лагәлаа иҩнаҭагьы ахәышҭаара ҿыцәааит.
Хыхь иӡбахә ҳҳәахьеит Шьаҳан Лагәлаа. Уи иҷкәын Иуака еиԥш аибашьра дицәалаӡит еибаны ииааӡаз Нестор Нарықь-иԥа Лагәлаа. Нестор иани иаби ԥсхьан. Уи азы акәын Шьаҳан дзиааӡазгьы. Аха аибашьра аламҭалазы уи хазынхараҳәа аҵәҩан наирсуан ауп арра ишиԥхьаз. Дцеит иаргьы иҩызцәа реиԥш, рацәак мырҵыкәа ишәҟәы ааит. Уи иаҳәон амина иҵатҟәацыз иахҟьаны ишьапқәа имнахны ахәышәтәырҭа дышҭаз. Нас уаҳа ихабар ҳәа акгьы ҟамлаӡеит. Архивтә материалқәа иҳарҳәоит: «Нестор Нарықь-иԥа фырхаҵарыла деибашьуан Ленинград амҵан. Уи далахәын 648-тәи ахысратә полк. Ахәра бааԥсы иауз иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит сентиабр 29, 1942 шықәсазы. Анышә дамадоуп Ленинградтәи аобласт Староруссктәи араион, ақыҭа Ершино адивизиа аешьаратә нышәынҭраҿы. Уи ииашаны уа джу, джыму еилаҳкаарц идәықәаҳҵаз ашәҟәы аҭак ҳауит маи 1990 шықәсазы аполковник Джумаев инапы зҵаҩыз ари ашәҟәы аҭакс абас еиԥш аҳәон: «Ааигәа ақыҭа Ершино аҟны анышә иамадаз аԥсыбаҩқәа ииаҳган анышә иамаҳдеит Новгородтәи аобласт Парфински араион, ақыҭа Кониухова аҟны. Шәара шәқыҭа иалҵыз Лагәлаа Нестор Нарықь-иԥа ихьӡ, ижәла ануп ара ишьҭаҵоу амемориалтә ӷәы…» ҳәа.
Ламиаа Арасаӡыхь ақыҭа иԥхьаӡоуп еиҳа ирацәоу, ахьӡ-аԥша згым жәлантәны. Аибашьра ашықәсқәа раан хьӡыла-ԥшала иҭахеит быжьҩык Ламиаа. Урҭ зегьы дрылкаан ихьӡ ҳәатәуп 1923 шықәсазы ииз Антон Ҷыҷын-иԥа. Ҷыҷынгьы Арасаӡыхь ақыҭан дуаҩ наган ҳәа дыԥхьаӡан. Антонгьы акыр дышқәыԥшызгьы, иқәра иааҵанамкрытә дыҷкәына ҟәышын, деилҟьан, деинаалан. Арасаӡыхь ашкол даналга, Аҟәа аҳасабеилыргаратә школ дҭалеит. Аибашьра данырга, акыраамҭа иара иҟынтә ашәҟәқәа аауан. Иҳәон уи ихы мшаҭа аӷа цәгьа диҿагыланы дшеибашьуаз. Ииашан, Антон Ҷыҷын-иԥа Ламиа фырхаҵарыла дшеибашьуаз зыршаҳаҭуа иакәны дыҟоуп иара иҩыза, ицеибашьуаз Гәдоуҭатәи Кәанҵал Малиа. Уи игәалашәарақәа руак ара иааҳгоит: «Антон ҳархәҭаҟны ҳаҭыр ду иқәын, еиҳа иануадаҩыз аамҭазы,- ҳкомандир дааԥхьан хаҭала адҵа ииҭон. Убас ҽнак иҳамаз ҳафатә-ҳажәтә анынҵәа, акомандир иҳадигалеит ҳакәша-мыкәша изызҳауаз ахәыц жәны фатәыс ҳхы иаҳархәарц. «Сара азин сышәҭ акомандир, сааҭк ала архәҭа иаҳфаша рхианы иаазгоит» ҳәа акомандир иҿаԥхьа даагылеит Антон. Зегьы иааџьаршьеит. «Ибзиоуп, азин усҭоит, аха сааҭк уагхар ҟалаӡом» иҳәеит акомандир. Антон сааҭк аҩнуҵаҟала ҽыуардынк азна аԥсыӡ иман даакылсит. «Излаукызеи ари аҟара аԥсыӡ?» ҳәа азҵаара анирҭа, аҽыгә-ҽыгә дыччо ҿааиҭит: «Сара аԥсыӡқәа рышьразы апрактика ду сахысхьан Аԥсны, аха уаҟа иаҳмауаз алаӷәым акәын, ара алаӷәым аныҟала ар хәҭа ракәум, адвизиа зегьы рызхара аазгап» иҳәеит…».
(Алагарҭа рнуп «Аԥсны» №33-34, 39-40, 41-42, 43-44)
(Иацу ыҟоуп)