Ихәыҷра ашықәсқәа ихигеит Гәылрыԥшь, иахьа дахьынхо аҭыԥ аҿы. Хә-еихагылак змоу аҩнаҿы инхозегьы еиманы иахьа-хәлаанӡа ааигәа-сигәа иҟаз адәқәаирықәын, иҟаҳамҵоз арбану, иҳәоит иара.
«Уи акәхап иахьа сызҿугьы сгәазырԥхаз, иахьатәи абиԥарааҩны идәылымҵуа ирҿырԥшны иуҳәазар. Ҳахьымхалозыҟамызт, ҳкаҳауан, ҳшьымхқәа цәыҟьҟьа аҩныҟа ҳаауан», - игәалаиршәоит Ҭемыр.
Ҭемыр Кациа Ашьхаруаа рышкол даушьҭымҭоуп. Ростовтәиаргыларатә ҵараиурҭа далгеит. Иахьагьы аргыларатәнаплакаҿы аус иуеит. «Исҭахны аҵара салгеит. Сзанааҭ бзиаизбоит, аха амҿи иареи еидукылозар, ауасҭара иаҳаиалысхуеит. Убри аан макьана амч сымоуп аҩускреилагӡара», - азгәеиҭоит иара.
Амҿахьы ибзиабара аауеит ихәыҷра аҟынтә. Аха, ауасҭарадалагартә еиԥш алшара имамызт, амаругақәа рыла деиқәшәамызт, урҭ рхархәашьа издыруамызт. Аус здиулозпроектк аан Франциантәи аҟазацәа аргыларақәа ирҿын. Урҭамҿлыхқәа ҟарҵон. Ҭемыр русура хылаԥшра аиҭон.
«Саарҟәамҵӡакәа азҵаарақәа рысҭон. Исыдмырҵаз арбан? Уи инаркны аагылашьа сымам. Амаругақәа раахәарасалагеит. Аашықәса роуп иҵуа, аха сус бзиа иахьызбо азы ирласны иҿио иалагеит. Аҵараиурҭаҿы исдырҵеит иаҭахыззегьы. Адыррақәеи аԥышәеи анеицыла, алҵшәагьы ирласиҟало иалагеит», - иҳәоит иара.
Ҭемыр имш иалагоит ашьыжь шаанӡа аспорт ала. Уи даараихадоуп ауаҩы иԥсҭазаараҿы ҳәа азгәеиҭоит иара. Ашьҭахьдцоит аусурахь, аргыларақәа ахьымҩаԥысуа, нас иҟазарҭахьдаауеит.
Ҭемыр иҩны азааигәара иҟоу агараж аҿы аус иуеит, абаршьҭа фышықәсоуп аҿаҵақәа (заказы) идикылоижьҭеи. Араҟа изгылоуп еиуеиԥшым ахархәагақәа амҿы аусадулараҿы ицхраауа. Аханатә амҿы ԥиҟоит. Уи ҩароуп, мапанакәха аформа ацәыӡуеит. Нас ауп амаҭәар аҟаҵараданалаго. Аҟаза еиҳарак ихала аус иуеит, аха аҿаҵа рацәаанимоу ацхырааҩцәа идигалоит. Урҭ зынӡа имариоу, иласуаус ауп инарыгӡо. Аусумҭа далагаанӡа асахьа ҭихуеит, акарандашь ариашага уҳәа, урҭ роуп имаруга хадақәараԥхьатәи аетап. Аалыҵ аҭыхреи, аԥҟараҿы аӡәгьы игәраигом, иҟаиҵо иага ихәыҷызаргьы. Зегь реиҳа ихадоупасахьа, анаҩс амҿы ԥҟаны, еибыҭаны, иҷабуеит.
Аусумҭа зхысуа аетапқәа зегьы бзиа избоит, аҵлашьалашьынла уанахысуа, ацәыцә анкаԥсо, унапыианахькьысуа, зегьы сгәы еизнарҳауеит», - иҳәоитиара.Ҭемыр аус аниуа анапҭарԥақәа имӷаиҵаӡом. Амашәырахҟьар шалшоугьы аҵла инырлар иҭахуп. Аҟазарҭаҿыизгылоу ауасҭагақәа зегьы иара ихала иааихәеит. Еиҳаракиусураҿы дхызхуа аҵла афҩы ауп. Зегь реиҳа афҩыхаа змоуанызҵлоуп, уи ихәшәуп иара изы. Зегь реиҳа ауасҭараҿы ахәҳаракы змоу ҵлахкуп – аџь. Уи икьакьаӡа еилаҟацаӡа иҟоуп. Иаҳҳәап, ашыц, аџь аиҳа иӷәӷәазар алшоит, аха асаркьаеиԥш иԥҽуеит. Аџь ишуҭаху еиԥш унапаҿы иааугарулшоит, анҵырагьы амоуп. Икаҳар, мамзаргьы ак ақәҳариԥҽӡом. Ҭемыр иара убас ахьаца, араса, аԥса, акипарис аусрыдиулоит. Акипарис иалхны иҟаиҵоит ашәырсаанқәа. Аишәақәа ракәзар, иаҳа зыхә ҳараку аҵлақәа ирылихуеит-аџь, ахьа, ажаҵла.
Аханатә Ҭемыр аусумҭақәа ҟаҵаны нас иҭиуазҭгьы, уажәыизаҿарҵоит, нас ауп анагӡара даналаго. Аҿаҵаҩы ишааиҭахуеиԥш аформа аиҭоит. «Аҩынтә раан иаҿазҵо дҟалар, шьҭасыгәра игоит аҟынтә, угьамала иҟаҵа ҳәа сарҳәоит», иҳәоитҬемыр. Усҟан Ҭемыр арҿиаразы иаҳа ахақәиҭра имоуп. Аусумҭа ахьгылазаауа ауада ианаало аҵлахкы, уи аԥшшәыиназаагӡаны зегьы дрызхәыцны дазнеиуеит.
«Ауаа сазҵаауа ианалага, аус адулашьа сҵар акәхеит. Ҳәарада, иаразнак иалымҵит, аха аԥышәа сырҳаит, уажәшьҭа сылақәа хҩаны еиласҭәар сылшоит иаҭахуамаҭәашьарқәа. Зегьы ишәаны изаны иҟаҵатәуп, ишахәҭоуеилагыларцаз, ишәырцаз», - иҳәоит Ҭемыр.
Ауасҭа аус здиуло амҿы еиҳарак иааихәоит. Ҵлак каҳаныдақәшәар, уигьы ихы иаирхәоит, аха еиҳарак аӷәхырҭаҿыднеины ииҭаху игоит. Ацәаакыра шаҟа алоу гәеиҭоитиҷыдоу ашәагала. Уи 12% еиҳамзароуп, зегьы иреиӷьуп 8% аныҟоу. Иҟалалоит ацех аҿы икарыжьуа ацәынхақәарахьынтә инаало аныҟоугьы.
«Дара амҿы рҭиуеит ихыҵәҵәаны, сара ацәынхақәасрыхәаԥшны исҭаху згоит, иагьаасхәаӡом. Џьара кылҵәаракыҟазаргьы аепоксидкаҭран ала иҭырҭәааны исырԥшӡоит. Ҿыц иԥҟоу аус узадулаӡом. Хәышәықәса еиҵамкәаишьҭазароуп аџь. Аԥса ҩарцаз шықәсыки бжаки-ҩышықәсааҭахуп. Аҵла напыла уасны иахылҵуа абжьы алагьыеилукаар улшоит, еизадазар, иароуп», - иҳәоит Ҭемыр.
Аҟаза аусуразы агәыԥхара инаҭоит амш аҭагылазаашьа. Ажәҩан еиқәаҵәаӡа, ихьанҭаӡа ианыҟоу, Ҭемыр агараж ахьдаауеит. «Амш алеишәа арцәгьарц агәы ианҭоу, уажәымзаруажәы имацәысырц анаҭаху, аусура бзиа избоит», - иҳәеитиара. Аҟазарҭа дшааҩналалак, иаҿаикуеит аподкаст, аинтерес зҵо атемала. Ихьанҭоу уск имазар - иаҿаикуеитарок. «Уи сеиқәнарҭәоит. Еснагь амузыкагьы азыӡырҩрацәгьоуп. Зны-зынла ианысԥырхагоу ыҟоуп. Убри азы аподкастқәа сыхәоит. Амш азбжа агараж аҿы ианысхызгаашьҭахь снеиааироуп, 2-3 километра сныҟәаны саауеит. Сгәы ааԥсахны сеиҭахынҳәуеит сусурахь. Атәара, мамзаргьы ақәиара - уи са истәым, еснагь акы саҿызароуп. Ма сныҟәалароуп, ма ашахарԥа сахыԥалароуп», - дыччоитҬемыр.
Иара иажәақәа рыла, аспорт иԥсҭазаараҿы даара ихәоит. Ҭемыр есыҽны аҩны иҽазыҟаиҵоит. Ишьыжь алагоит асааҭфба рзы. Уи шьҭикааит даныстудентыз инаркны. Мышктәииԥсҭазаара аҟынтә 40 минуҭ аспорт иазкуп. «Шьоукыаныцәоу, сара аусура сазыхиоуп. Баша хырҩа арҭоит ауаааспорт. Уҽаназыҟауҵалак ашьҭахь ак аҟаҵара уҭаххоит. Уеибырхханы узку ухәыцрақәа зегьы уоурышьҭуеит», - еиҭеиҳәоит Ҭемыр.
Иара дхәыҷы аахыс ицу иҩыза, игәалаиршәеит, еснагь ачақыиманы дышныҟәоз. 4-5 шықәса анихыҵуазгьы аҳәызбааашьҭыхны, махәҭак ацәа ахыхра далагон. «Еснагь акысцәуан, иагәылаԥысҟон. Уи сара исхашҭхьан, иараисгәалаиршәеит. Убысҟангьы ауасҭара ахы цәырнагоиалагахьан», – иаҳзеиҭеиҳәеит Ҭемыр.
Иахьагьы акгьы аҽамыԥсахӡеит. Аҩызцәа анааизалак, Ҭемыр махәҭак кны днатәоит. Еснагь ицуп аҳәызба. Аҟазарҭаҿгьы имоуп аколлекциа, формалеи шәагаалеиеиуеиԥшым. Иҟам мчык Ҭемыр ауасҭара дахызгаша. Уимоу, еиҳагьы иҽирҭбаарц игәы иҭоуп. Ихатә цех анааиртлакиҭахуп иара еиԥш амҿы бзиа избо ауаа ак дирҵаларц. Ауаҩы напыла аус аниуа, ихшыҩгьы аус анаруеитдаҽакала,ҳәа агәраганы дыҟоуп ҳфырхаҵа.
Альбина Жьиба