Print this page

Лашькьындар ақыҭан абаҟа аадыртит

Рашәара 17, 2025 50

1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәыз рбаҟа андырҽеи ашьҭахь аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит Очамчыра араион Лашькьындар ақыҭан.

 Ари ақыҭа иалҵны Рыԥсадгьыл ахьчаразы еибашьра ицеит 62-ҩык аибашьцәа, –  адырра ҟанаҵоит  Ochamchira_inform.

 Ақыҭауааи ақыҭа иаҭааз асасцәеи абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, ашколхәыҷқәа аибашьра аамҭа иазкыз ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Очамчыра араион ахада Алхас Кациа, Аԥсны атәылахьчара Аминистрра ахаҭарнакцәа, ауаажәларреи ақыҭауааи.

Абаҟа аартхеит Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраара иабзоураны.