Абри амш адунеи ауаажәларра иргәаланаршәоит иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара апроблемақәа, иара убас агәазыҟаҵара рнаҭоит аполитикатәи интереси уи ахьчара иазку изыхәҭоу аусқәеи. Апластик ақәгара иамадоу апроблемақәа рҭагылазаашьеи аԥхарра ду аҿагыларазы иаҭаху аусмҩаԥгатәқәеи ртәы далацәажәеит Аԥсныпресс иаиҭаз аинтервиу аҟны аекологиа Аинститут аиҳабы Роман Дбар.
Апластик ақәгара апроблема
Роман Дбар игәаанагарала, иахьа апластик ақәгара иҵару апроблемақәа ируакхеит. Уи уԥылоит иахьабалак: аӡиасқәа икылыргоит амшынқәеи аокеанқәеи рахь, анышәгьы иалалоит.
«Апластик ҳазну аамҭазы зегь реиҳа иалаҵәоу аматериалқәа иреиуоуп. Есышықәса уи ахкқәа рхыԥхьаӡара иацлоит, насгьы хкырацәала еилоуп. Убригьы иаруадаҩуеит уи аус адулара», – иҳәеит иара.
Амреи егьырҭ аԥсабаратә факторқәеи иҟарҵо аныррала апластик аҽарссоит, апластик маҷ ҳәа изышьҭоу акәны. Улаԥш иҵашәоит иахьабалак: аӡаҿы, афатә аҿы организм аҿы, насгьы апроблема амҽхак ахәшьара аҭара уадаҩуп.
Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, Аԥсны иҟаӡам апластик ақәгаразы схема ҷыдак. Иҟоуп, ҳәарас иаҭахузеи проектқәак, аха урҭ азхаӡом. Аԥсны еизырго апластик егьырҭ агәамсамқәа инарылаҵаны абзазаратә црыҵ кьакьақәа ахьеизырго ашҟа идәықәырҵоит, уа адәыхтаҿы иқәыԥсоуп.
«Ҳгәыӷуеит, ҳаԥхьаҟа знымзар зны уи аус адызулаша атехнологиақәа цәырҵып ҳәа», – иҳаилиркаауеит аҵарауаҩ. Дбар иазгәеиҭоит адунеи аҟны агәам-сам аус адызулауа еицырдыруа атехнологиақәа ҳара ҳҟынгьы раларҵәара шаҭаху.
Аԥхарра ду азҵаара
Екологиатә проблема дуны Роман Дбар иԥхьаӡоит апарниктә газқәа ҳәа изышьҭоу ахьырацәахаз иахылҿиаауа ашоура ашьҭыҵра. Аҵарауаҩ дрылацәажәеит аԥхарра ду иҵоурам ахьҟьа-ԥҟьақәа.
Актәи – ари аконтинентқәеи амшын дуқәеи рқәыԥшылара аҟнытә ахылҩа-ԥсылҩа аӷәӷәахара. Ганкахьала, уи иахылҿиаауеит адгьылқәа рыцәҳәыратәра, даҽа ганкахьала ақәаршаҩы ӷәӷәақәа. Урҭгьы ирхылҿиаар алшоит адгьылқәа аӡы рыҵалара, акоммуникациақәа рԥыргара, ауаа рҭахара.
Аҩбатәи – ашоура ашьҭыҵра аԥстәқәа рыхныҟәгарҭа ҭыԥқәа рыԥсахрахь икылнагоит, ахәҭакахьала ари ицәырнагар алшоит ачымазарақәа, урҭ ралаҵәара.
Аԥхарра дуи Аԥсни
«Абри аҭагылазаашьа Аԥсны иадкыланы уахәаԥшуазар, иуҳәар ауеит, макьана ҳҭагылазаашьа маншәалоуп ҳәа», – игәы иаанагоит аҵарауаҩ. Ҳара иҳамаӡам аӡыржәтә азымхара. Ақәаршаҩы ӷәӷәақәа реиԥш иҟоу, лассы-лассы иаҳбо аԥсабара ацәырҵрақәа шыҟоугьы, ҳара ҳадгьыл ҵакыра аиҩхаақәа, аҟәаԥа-ҿаԥарақәа, аӡышьҭрақәа ахьамоу аҟнытә, илеиуа ақәаршаҩқәа аиҳараӡак рымҩа рыԥшаауеит, цгьара дук рхылҿиаауам.
«Ԥсабаратәла, зҽеиҭазкуа аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа инарыдкыланы анџьныртә, атехникатә ргыламҭақәа рганахьала аусмҩаԥгатәқәа рыдкылара ҳақәшәоит», – иазгәеиҭеит Дбар.
Апланетаҿы иҟоуп арегион дуқәа. Уаҟа аҳауа аҽыԥсахра иамадоу абас еиԥш иҟоу ахҭысқәа ирыцлар ауеит ауаатәыҩса ргәаҟ-ҵәаҟрақәа, аԥсҭбарақәа, даҽа дгьылқәак рахь иаганы хыԥхьаӡара рацәала ауаа рнырхара. Абас еиԥш ахҭысқәа раан урҭ адгьылқәа ақыҭанхамҩазы ухы иузархәо иҟалаӡом, иазгәеиҭоит Роман Дбар.
Иара игәаанагарала, уаҩы ихаҿы иҟазароуп апланетаҿы ишыҟаз аамҭақәак, аҳауа зны ианыхьшәашәаз, ма бааԥсыла ианшоураз. Еицырдыруеит еиуеиԥшым агеологиатә аамҭақәа, иаҳҳәап аҵааршәқәа рцәырҵра, иара убас зынӡаск ахьшәашәарақәа. Абасала, аԥхарра ду зыхҟьаҵәҟьаз амзызқәа уаҩы данрылацәажәауа, Дбар абжьгара ҟаиҵоит абри аспект аполитикахь ииарымгаларц, насгьы убарҭқәа аиҳараӡак зхылҿиаауа ауаҩы иусура ауп, насгьы аҳауа аҽыԥсахра аганахьала фактор хаданы иԥхьаӡатәуп антропогентә ҵакы.
Аҵарауаҩ игәаанагарала, Аԥсны аҳауахь инеиуа агазқәа рхыԥхьаӡара аиҵатәра ашҟа изакәызаалак ныррак азыҟаҵаӡом. Ҳара иҳамаӡам ааглыхратә наплак дуқәа, иаҳҳәап, арацәаӡри ҳәа изышьҭоу атмосферахь иназышьҭуа.
«Абри аҟнытә, агазқәа ҳәа изышьҭоу реиҵатәра амҩала имҩаԥысуа ахҭысқәа рахь ныррак аҟаҵаразы ҳалшарақәа зынӡаск имаҷӡоуп», – иҳәеит иара.
Аԥсабара ахьчаразы иҟаҵатәқәоу
Роман Дбар ауааԥсыра абжьгарақәа риҭоит аԥсабара ахьчаразы.
Актәи ҳаамҭазтәи адунеи аҟны ӷәӷәалаҵәҟьа иаҭахуп иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара еиҷаҳарала азнеишьа, избанзар аекологиатә проблемақәа аиҳараӡак изыдҳәалоу абиологиатә еиԥшымзаара амаҷхара ауп. Аԥсабара ашҟа дарбанзаалак иҟаиҵо анырра ишәатәуп изатәуп, иазхәыцтәуп. Ауаҩы иусура иааикәыршаны иҟоу аԥсабара иамоу аиԥшымзаарақәа реиҵатәра алнамыршозароуп.
Аҩбатәи иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара аҟьашьра аиҵатәра. Ҿырштәыс иаагозар апластиктә лыхымҭақәак зынӡаск мап рыцәкра, рхархәара аиҵатәра. Адунеи атәылақәа жәпакы уажәнатә мап ацәыркхьеит аԥсабара зҟьашьуа раҳасабала апластиктә макәанқәа рҭыжьра, ахрархәара.
Ахԥатәи абзазаратә црыҵ кьакьақәа реизгареи аус рыдулареи ркультура аԥсахра. Ҳҽаҳаршьцылароуп агәам-сам еилыхны аизгара, иара убас убри агәам-сам еиуеиԥшым аалыҵ хкқәа алхшьа.
Аԥшьбатәи аԥсабареи ҳареи ҳаимадарақәа ирыдҳәалоу шьцыларақәак мап рыцәкра, иаҳҳәап аԥсқьарра, ашәарыцареи мамзаргьы аԥсыӡкреи рыҿҳәарақәа рықәныҟәара. Аԥсабарахьчаратә закәанԥҵара зинтә шьаҭала азнеира. Дарбанзаалак абарҭ ахымҩаԥгашьақәа дрықәныҟәалар, усҟан уи илагаламҭа ҟаиҵоит иааҳакәыршаны аԥсабара ахьчареи аԥсабаратә ресурсқәа реиқәырхараеи рганахьала.