Аԥсуа поетк ишиҳәахьаз еиԥш «…Владислав лаша иаҳаҭыр азы иираны иҟоу асабицәа егьаҩы уи ихьӡ рыхьӡыртәлап. Убри инамаданы ихьӡала Владислав зыхьӡыртәыз Аԥсны ииз милаҭла еиуеиԥшым еидаҳкылеит. Аиԥылара «Владиславраа» зыхьӡу еиҿкаахоит, аҳҭны-қалақь Аҟәа цәыббрамза азы. Уажәазы 200-ҩык инарыцны зсиақәа ҳамоу рахьтә иҟоуп аҭыԥҳацәагьы. Иахьазы урҭ рыхәҭак шәыдаагалоит:
«Владиславраа»
Адлеиба Владислав Беслан-иԥа
Ԥимԥиа Владислав Ремзи-иԥа
Ситиагаев Владислав Михаил-иԥа
Џьопуа Владислав Алмасхан-иԥа
Инаԥшьба Владислав Гаврил-иԥа
Хынҭәба Владислав Равин-иԥа
Туиба Владислав Заур-иԥа
Ҳашба Владислав Арсен-иԥа
Быҭәба Владислав Вальмер-иԥа
Ԥачулиа Владислав Русҭам-иԥа
Қьенџьиа Владислав Даниак-иԥа
Лакашьиа Владислав Алиал-иԥа
Ԥилиа Владислав Виталик-иԥа
Какәбава Владислав Гиви-иԥа
Минџьиа Владислав Гена-иԥа
Аршба Владислав Нодар-иԥа
Ҷҟониа Владислав Витали-иԥа
Берулава Владислав Ҭамаз-иԥа
Ԥачулиа Владислав Ныгәзар-иԥа
Хьиба Владислав Руслан-иԥа
Логәуа Владислав Одик-иԥа
Потемкин Владислав Григори-иԥа
Власов Владислав Виктор-иԥа
Акшба Владислав Малхаз-иԥа
Вашекиӡе Владислав Вахтанг-иԥа
Ҳаразиа Владислав
Ашәба Владислав Станислав-иԥа
Лемеш Владислав Павел-иԥа
Џьопуа Владислав Дамеи-иԥа
Ҭарба Владислав Саид-иԥа
Қаџьаиа Владислава Иури-иԥҳа
Ашәба Владислав Дмитри-иԥа
Гордеев Владислав Сергеи-иԥа
Елагин Владислав Алексеи-иԥа
Патыков Владислав Иури-иԥа
Гамисониа Владислав Демир-иԥа
Қәычбериа Владислав Иракли-иԥа
Карапетиан Владислав Самвел-иԥа
Ҭарба Владислав Беслан-иԥа
Џьынџьолиа Владислав Руслан-иԥа
Кәаӡба Владислав Алеқсандр-иԥа
Константинов Владислав Руслан-иԥа
Халин Владислав Валери-иԥа
Ткебучава Владислав Едишер-иԥа
Мышәба Владислав Адгәыр-иԥа
Хатасевич Владислав Виачеслав-иԥа
Гобечиа Владислав Алиас-иԥа
Леиба Владислав Ренат-иԥа
Борт Владислав Лазер-иԥа
Бронеки Владислав Станислав-иԥа
Филимонов Владислав Артем-иԥа
Черқьезиа Владислав Гарри-иԥа
Аџьба Владислав Алиас-иԥа
Бечваиа Владислав Георги-иԥа
Гочуа Владислав Руслан-иԥа
Петрозашвили Владислав Валери-иԥа
Оҭырба Владислава Алхас-иԥҳа
Ануа Владислав Даур-иԥа
Арӡынба иблақәа рыла
Асаӡқәа ԥагәырӷьа аныруаз
илҵша анилҵлак акәын
Белла Барцыц-ԥҳа
Арӡынба иблақәа рыла,
Аԥсны алахьынҵа шәыӡбала,
Ишәхамшҭын иаҳхылҵуаз алҩа,
Ҳаҷкәынцәа рыӡфюы, дара ршьа.
Ес-ииуа ирыциуа ҳӡыхьԥшьа, –
Уҳагымзааит Арӡынба Владислав.
Арӡынба – Ҳашьхардац», Ҳахәрашәа».
«Шәнеибац!» зыԥсахуаз иара илаф.
Иҳәон – аԥсуа иззымҳәо заԥсшәа,
Дтәымуп, уи Аԥсны даԥаԥсоуп.
Арӡынба дицԥхьаӡа ԥагәырӷьа.
Аԥсыцқьақәа ижәула – уи даԥсоуп.
Арӡынба дгылеит гәышԥыла,
Ҳаԥхьагылаҩ – Аиааира ҳзыргаз.
Бираҟха иашәылаз Ҳхьыԥшымра,
Ҳҭоурых-ԥшьа ирԥшӡаган.
Арӡынба шәинықәла, дышәныҳәа,
Иҳааӡаларц дзыԥсахша аԥацәа.
Ибызшәала ҳадгьыл шәанықәла,
Ҳбызшәада иауам ԥхьацара.
Ес-иииуа Арӡынба иааигәа,
Аԥсра неиӡом. Ихьӡала ишәҳәала…
Дицԥхьаӡа ижәула ԥагәырӷьа,
Ушаҳмырԥхашьо! – ҳәа Ҭоуба жәула!!!
«Ҧсҭазаарас иҟоу
Ҧсадгьылуп!»
«Ҧсҭазаарас иҟоу Ҧсадгьылуп! –
Ари уажәаса жәҩануп ҳазҵаҧшуа.
Ҳабацәа ргәы ишҭуҳәааз гәыкалоуп,
Ҳаҧсны ҳақәзаргьы ҳаазырҧшуа.
Неироуп анырҳәоз изқәымыз хьаҵра,
Уҭоурых шьҭақәа Анацәа арҕьоит.
Ишаҧшаҧуа Ешыратәи ухәышҭаарамца,
Ужәлар иаҳцәахьчаҩуп, зегь ҳарҧхоит.
Ҧсҭазаарас иҟоу - Ҧсадгьылуп! –
Ари ҧхьацагоуп – Арӡынба ихатәуп!
«Насыҧс иҳамоу – Аидгылароуп!» –
Иааҧхьара дшақәлоу иаартны иҳәатәуп…
Ҳаҧсадгьыл иахаҧыруеит ублақәа,
Уҷыцқәа реиҧш иухьчон убызшәа.
- Абаақәа, сшәыҳәоит, Абаақәа! –
Иузааргахьоу шәхамшҭын! Ишәыхьча!
- Аҧсны Қырҭтәылоуп - уабылхьан,
Уанҵаҩыз-натә уашьҭан Аҭоурых.
Уҭархарҭа ҭыҧқәа урхыҧахьан,
У-Кьахьбаха уҽыжәын уеиқәных…
Зны дышьхазар, зных дыҧшаласуп,
Иахьанӡагьы ҧхьа дгылоуп, дыхҿоуп.
Арӡынба дҳамҭоуп, дшьардаамҭоуп,
Адунеи дахыҵәахьеит д-Нарҭ-маҿоуп…
Арӡынба шьаҭамырӡга иажәақәа,
«Ахра ашәа» зыҧсахуа ихы-иҿы.
Арӡынба – Аҧсны аҧсынҵры наӡа, -
Дыҟоуп дназымгац згәаҿы.
Арӡынба ихьышьҭрақәа рыҧшӡагоуп,
Илаҧшҳәаа Ҳаҧсадгьыл аҧсынҵроуп.
Арӡынба дымцажәлоуп, дхьыӡрацагоуп,
Дырҕьацагоуп, Аҧсны азна дразуп…
Ижәдыруаз ихьыӡ ҷыда Ачҳароуп,
Аҧсуара еиқәырхага – Ауаҩроуп.
Ианаҭаху Аҧсадгьыл ахьчароуп,
Арӡынба иаанаго-аҧсуа иҧсынҵроуп…
Ҳаҧсадгьыл аҿаҧхьа Ҧсадгьылра, -
«Нан» иҳәаанӡа Ҧсадгьылра иухьан,
Ихатәы бызшәа дагәышьаҟан гәыкала,
Дзааӡаз игара Аҳақ ишәахьан.
Абхьӡыс ҳазлаҽхәо – Аҧсыцқьароуп,
Аҧсыцқьара Адоуҳашҭа дахшеит.
«Ҧсҭазаарас иҟоу - Ҧсадгьылуп! –
Арӡынба Владислав баша имҳәеит!..