Ихабар ыҟамкәа дыбжьаӡит Ганиа. Очамчыратәи арратә комиссариат архивтә материал иаҳәоит Шьықәыр дшыбжьаӡыз ноиабр 19, 1941 шықәсазы Москва амҵантәи аибашьрақәа руак аан, Москватәи аобласт Калинисктәи араион Воздвижински ақыҭа азааигәара.
Дарсалиа Шьықәыр иӡбахә зҳәо аматериал аҟны «дыбжьаӡт» ҳәа злану ала, уи ииашан ари аҭыԥаҿ анышә дамадоу, мамзаргьы дыбжьаӡҵәҟьоу ашьақәырӷәӷәаразы иаҳҩыз ашәҟәы аҭакс абас иҳауит: «Калининтәи араион аиашьаратә нышәынҭрақәа рыҟны ижу рахь ихьӡ ыҟаӡам Дарсалиа Шьықәыр Хакәыцә-иԥа. Аха абыргцәа ишыргәалашәо ала, ҳқыҭа азааигәара ишьыз ауаа даараӡа ирацәан. Араҟа атанкистцәа ргәыԥкгьы ҭахеит. Аешьаратә нышәынҭрақәа рацәаны иҟан. 1953 шықәсазы урҭ иашьаратә нышәынҭрақәаны иҟаҵахеит. 1041-ҩык ара иҭахаз рахьтә здокументқәа ҳаԥшааз 39-ҩык роуп… Иҟалап шәара шәқыҭа иалҵызгьы ара джызар, аха еилкаам рсиахь дыҟоуп». Ари ашәҟәы лнапы аҵаҩуп Воздвижинсктәи ақыҭатә совет ахантәаҩы Н. С. Могилева. Ажәакала, ари ашәҟәы ала ҳгәы ҳарҭынчыртә ҳаҟам, избанзар макьана цқьа еилкаам ииашан Шьақәыр ари аешьаратә нышәынҭраҿы анышә дамадоу, дамадаму, аха ҳгәы иаанагоит уи 1041-ҩык ҳәа зыӡбахә ҳәоу аибашьцәа рхыԥхьаӡараҿ дыҟоуп ҳәа. Уи ашьақәыргылара ҳаԥхьаҟатәи ҳхықәкқәа ируакуп.
Дарсалиаа рахьтә аибашьра шықәсқәа раан ибжьаӡыз иреиуоуп 1910 шықәсазы ииз Аслан Хәына-иԥа, 1920 шықәсазы ииз Сардион Патыхә-иԥа. 1924 шықәсазы ииз Ҷыта Кыбжьа-иԥа, 1918 шықәсазы ииз Шәакәа Кәымпрышә-иԥа. Урҭ рыԥшьҩыкгьы аҭаацәара иаламлацызт. Акырӡа ишқәыԥшызгьы Сардиони Ҷытеи рхала иаҳәаны ауп еибашьра ишцаз. Сардион аофицер чын иман.
Жәыжә Дарсалиа иҩнаҭа иааӡаз Васиа арра даныргоз дқәыԥшӡан, диит 1925 шықәсазы. Аҵара иашьҭаз уи ибзианы изцааиуаз еилыххак иакәын. Насгьы аррмаҵура дахысуан Таджикистан арратә округ иатәу. архәҭаҿы НКВД далан Иран игылаз ҳаруаа рыҟны, дсержантын. Убра иауз ахәра иахҟьаны акыраамҭа дышьҭан Ташкенттәи ақалақьтә госпталь аҟны. Иԥсҭазаара далҵит иара уа, 1946 шықәсазы. Анышә дамадоуп Ташкент аруаа ргоспиталь аҟны зыԥсҭазаара зыԥсахуа ирызку ақалақьтә нышәынҭраҿы. Уи ихьӡ, ижәла зну аплита хәыҷы шьҭоуп абыжьбатәи ариад, 42-тәи аҭыԥаҿы.
Арасаӡыхь ақыҭа инхоз Дочиаа рахьтә аибашьра иалахәыз рыԥшьҩыкгьы ҭахеит, изыхнымҳәӡеит. Урҭ рахьтә хҩык еишьцәа гәакьақәан. Хыхь ишазгәаҭоу еиԥш, Арасаӡыхь ақыҭан инарылукаашаз анхацәа нагақәа дыруаӡәкын Дигәа Дочиа. Уи Арасаӡыхь амҩақәа рыҟаҵара иалахәызи, насгьы зыҩны ашкол ҩназҵази дыруаӡәкын. Аибашьра ианалага иҷкәынцәа рыхҩыкгьы Кәҷыри, Николаии, Ҭандели абџьар шьҭырхит. 1897 шықәсазы ииз Дигәа иҷкәын еиҳабы Кәҷыр иӡбахә зҳәо Аԥснытәи арратә комиссариат архив аҟны ишьҭоу, Куибышевнтәи иаашьҭу ашәҟәы иаҳәо злаҳарҵабыргыша ҳәа макьаназы ашьақәырӷәӷәара ҳалымшац. Убри аҟынтә архив иҳанаҳәо афактқәа макьаназы ацәыргара ахәҭоуп ҳәа азаҳаԥхьаӡаӡом. Дигәа иҷкәын агәыбжьанытә Николаи (Кака) 1909 шықәсазы диит. Аколнхара ашьақәыргылаҩцәа дыруаӡәкын. Иара еилҟьа-еилӷәыцәк иакәын, шьамхыла дыџьбаран, дыҩны аҽыҩқәа драԥысуан ҳәа иӡбахә ргәаладыршәон иқыҭауаа. Аколнхара аправление далан. Акыр шықәса абригадирра ныҟәигахьан, дкассирын, дыкладовшьикын. Архивтә материал излаҳанаҳәо ала уи деибашьуан Кавказ, Марыхәтәи акаҵәараҿ. Дҭахеит иара уа август мза 1942 шықәсазы, Марыхәтәи акаҵәараҿ анышә дамадоуп. Иара диҭынхеит ԥа заҵәык. Николаи иҷкәын заҵәы Иуреи, иашьа Ҭандел ихәыҷқәа аҩыџьагьы аибашьра рнымырԥшкәа изааӡаз Николаи иԥшәмаԥҳәыс Лимо Қаџьиа Дочиа, урҭ ҵарадагьы иаанылмыжьит. Николаи иҷкәын Иура иахьа Арасаӡыхь ақыҭан ақыҭатә совет ахантәаҩыс дыҟоуп.
Иашьа Николаи еиԥш еилҟьа-еилӷәыцәыз арԥысын ҳәа иӡбахә рҳәоит Арасаӡыхьаа Ҭанделгьы. Уи диит 1918 шықәсазы уигьы аколнхараҿы акыр шықәса абригадирра ныҟәигахьан. Дҽырхәмарҩын длафҳәаҩын, ҷкәына наӡа-ааӡак иакәын. Аибашьра раԥхьатәи амзақәа рзы ишәҟәы роуан Харковнтәи, аха нас ишәҟәқәа еиԥхьбеит. Архивтә материал иҳанаҳәоит уи ианвар мза 1942 шықәсазы дышҭахаз. Аха макьана еилкаам уи дахьҭахази, насгьы анышә дахьамадоуи. Гәаларшәагас уи иҩнаҭаҿы иҵәахны ирымоуп инапала иҟаиҵаз ацәамаҭәахәы араҭыни уи иаҵырдо акылаҵәи, ҩ-бакалки. Урҭ абакалқәа рыла иҭахаз рныҳәаҿа аанкылара итрадициан ари аҩнаҭаҿы иԥхьаӡоуп. Уи аршаҳаҭуеит зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ауаа рыуа-рҭынха ирхашҭырц шырҭахым, ргәалашәара шрыцу есымша.
Дигәа Дочиа иашьа иԥа иакәын аибашьраҿы иҭахаз Леуа Гьадлач-иԥа Дочиа 1942 шықәсазы ииз Леуа аҭаацәара ду дааӡеит, аџьабаа иацәымаашьоз, акрура иашьҭаз ҷкәына гәыҭбаак иакәын. Дқәыԥшын, аҭаацәара даламлацызт. Арасаӡыхьаа иргәаладыршәоит уи шьыжьык арашәара дшаҿыз инаиԥхьан, иҽага нкаршәны дынҭыҵит ҳәа. Иара уаҳагьы дыхнымҳәӡеит. Архивтә материал иҳанаҳәоит уи сентиабр мза 1941 шықәсазы дыбжьаӡит ҳәа.
Қапаа аибашьра иалахәыз быжьҩык рахьтә иҭахеит фҩык.Аибашьра ашықәсқәа раан фырхаҵала еибашьуаз ҳәа зыхьӡ дыру рахь дыԥхьаӡоуп Николаи (Ҷыҷыкәа) Ӡыкә-иԥа Қапба. 1918 шықәсазы ииз Николаи даара аҵара иазхьуаз, зыхшыҩ ҵарыз арԥысын. Далгеит Аҟәатәи ашьхарыуаа рышкол, дҭалеит аҟәатәи арҵаҩратә училишье. ??? иареи аҵара еицырҵон, пату еиқәырҵон. Уи арҵабыргуеит Шь. Инла-иԥа истатиа «Акәараҷҷа ашьҭыбжь» аҟны дышихцәажәо. Уи қәҿиара дула даналга, рҵаҩыс дышьҭхеит Тҟәарчал. Николаи иеилыххара, иҟәыбҷара, иус ҭакԥхықәра ҳаракыла дшазнеиуаз збаз уи ашкол арҵаҩцәа ашкол директорс ҳәа ихьӡ рҳәеит. Напхгара бзиала аус шиуаз ауп аибашьра ишалагаз. Усҟан арҵаҩцәа арра ирымгартә аброн шрымазгьы, иара ихатә гәаԥхарала ауп аибашьра дышцаз. Архивтә материалқәа иҳарҳәоит уи алеитенант еиҳабы ичын шимаз. 165-тәи ахысратә бригада, актәи ахысратә ҟәша аштаб аиҳабы ицхырааҩыс дыҟан. Аибашьраҿы иааирԥшхьаз афырхаҵаразы уи даарышьҭхьан ԥсшьара ҳәа иҩныҟа. Ахԥатәи аан данааз ахәра иман. Уи ихәра еиҳа ишааиӷьхаз ҩаԥхьа ирхәҭахь дхынҳәит. Уи далахәын Севастополь ахьчараан фырхаҵарыла иқәԥоз архәҭа. Иҽхәаԥхьыӡ атәы аҳәахьан усҟан иҭыҵуаз агазеҭ «Боевые листки» адаҟьаҿы. Николаи Қапба дҭахеит февраль мза 1943 шықәсазы. Еилкаам уи анышә дахьамадоу.
Николаи еиԥш занааҭла дырҵаҩын, Аҟәатәи арҵаҩратә училишье иалгахьаз Маџьа Шьаҳан-иԥа Қапба. Уи 1922 шықәсазы диит. Аибашьра ианалагоз Арасаӡыхьтәи ашкол аҟны рҵаҩыс аус иуан. Маџьгагьы ихала иҟаиҵаз аҳәарала еибашьра дцеит 1942 шықәсзы. Маџьга егьырҭ арԥарцәа аӡәырҩы реиԥш ихабарк ыҟамкәа дыбжьаӡит. Ибжьаӡыз иреиуоуп 1915 шықәсазы ииз Команда Разан-иԥеи, 1919 шықәсазы ииз Иван Хакәыцә-иԥеи, 1920 шықәсазы ииз Кәакәаҷ Ҷыҷ-иԥеи Қапаа. Команда ԥшра-сахьала арԥарцәа даарылукаартә дыҟан. Зны ақыҭа амилициас, аус иуан, нас Арасаӡыхь аколнхара «Ааԥсҭа» бригадирс аус иуан. Аҭаацәара далан, ҩыџьа ахшара драбын. Дыбжьаӡит август 1941 шықәсазы Ивани Кәакәаҷи қәыԥшқәан, аҭаацәара алалахагьы рмаӡеит, рҩыџьагьы Гәыԥ бжьы-класск ианалга, рацәак мырҵыкәа еибашьра иргеит. Иван иӡбахәала архивтә материалқәа ирҳәо афактқәа макьаназы иахьынӡаҵабыргу шьақәырӷәӷәам азы аҳәара иахәҭаны иазаҳаԥхьаӡом.
Очамчыратәи арратә комиссариат аматериалқәа излаҳарҳәо ала Џьоџьа Хәынт-иԥа Қапба аибашьра адәаҿы дҭахеит маи 19, 1943 шықәсазы. Уи деибашьуан Ориолтәи аобласт аҟны. Анышә дамадоуп Улиановсктәи араион Ожигова ақыҭа алада-мраҭашәарахь 500 метра инацәыхаран. 1901 шықәсазы ииз Џьоџьа ҵара имамызт, аҭаацәарагьы даламлацызт, аха хаҵа еибаган, нхаҩ наган, иқыҭа аколнхара аиҿкааҩцәа дыруаӡәкын.
Какәбаа рахьтә аибашьраҿы иҭахеит хҩык. Еишьцәа гәакьақәан Адгәыри Пониеи Ҷыҷыжә иԥацәа Какәбаа.
Адгәыр Ҷыҷыжә-иԥа диит 1912 шықәсазы. Иқыҭан ԥшькласск данрылга ашьҭахь иҵара иациҵеит Мықә. Аҵара иазхьуаз Адгәыр дҭалеит қәҿиара дула, дагьалгеит Аҟәатәи арҵаҩратә училишье. 1935 шықәса инаркны аибашьра иалагаанӡа Арасаӡыхь ақыҭан усҟантәи лбаатәи ашкол адиректорс дыҟан. Арасаӡыхь ақыҭан усҟантәи аамҭазы ашәҟәқәа рацәаны еидкылан измаз, иааиԥмырҟьаӡакәа ашәҟәқәа ирыԥхьоз дыруаӡәкын иара. Насгьы Адгәыр ибзоуроу рацәоуп аус ахьиуаз Арасаӡыхьтәи алагарҭатә лбаатәи ашкол ихарҭәаам бжь-класск рахь аиагаразы. Адгәыр ақыҭаҿ иажәа акыр аҵанакуан, дагитатор дуун, акоммунисттә партиа далан, Арасаӡыхьаа уи дыргәалашәоит ҵаралагьы, уаҩралагьы, дырралагьы иуаҩ нагаз аӡәы иакәны. Ҷыдала уи ақыҭан еиуеиԥшым аныҳәақәа, ахәылԥазқәа, аиԥыларақәа реиҿкаара дазҿлымҳан. Усҟантәи аамҭазы, ишдыру еиԥш, акырӡа арҵаҩцәагьы маҷын, аха Арасаӡыхь раԥхьатәи арҵаҩцәа иреиуаз Рақма Дараселиеи, Баграт Қапбеи уҳәа дыруаӡәкын Адгәыр Какәбаа Аҽгәара афицерцәа ркурсқәа дырхысуан. Уи далган аибашьрахь данцоз иҭаацәа, иқәлацәа ачара изуны ауп амҩа дшықәырҵаз. Апрель мза 1942 шықәсазы уи абџьар шьҭыхны аӷацәгьа днеиҿагылеит. Ишәҟәқәа аауан Маиҟәаԥынтәи, Аԥснытәи уи дахьеибашьуаз архәҭаҿы ицын, иахьагьы Џьал ақыҭан инхо Ҭарашь Цикәтаниа, Тҟәарчалтәи Кәҷыр Какалиа. Ҭарашь Цикәтаниа излаигәалашәо ала, Адгәыр аибашьраҟынгьы иарбан уадаҩразаалакгьы акы аҟны хьаҵшьа издыруамызт, фырхаҵарыла инаигӡон идырҵоз адҵақәа зегьы. Убас иуадаҩыз адҵа иҭан ԥшыхәра дахьышьҭыз дҭахеит. Москватәи аобласт ақалақь Подольск иҟоу атәылахьчаратә министрра архив аҟынтә иаҳзаарышьҭыз ашәҟәы излаҳәо ала, Адгәыр Какәбаа дҭахеит февраль мза 1944 шықәсазы. Адгәыр дқәыԥшын, аҭацәара алалахагьы дахьымӡеит, заа иԥсҭазаара далҵит, аха ихьӡ-иԥша, дзыхьӡаз уҳәа рзы иқыҭауаа есымша ихьӡ ргәаладыршәоит. Уи азы шаҳаҭра ауеит Арасаӡыхьаа иреиӷьӡаз арԥарцәа рахь дыԥхьаӡаны, Арасаӡыхьтәи актәи абжьаратәи ашкол ихьӡ ахҵаразы иӡбахә ахьырҳәаз, аха макьана иӡбамкәа иҟоуп.
Адгәыр иашьеиҵыб иакәын Пониа. Уи ҵараҳәа акгьы имамызт, аха ҷкәына еилҟьан, дҵарын, дшәарыцаҩын, арахә дрыцын, ага-ашьха дныҟәаҩын. Иашьа Адгәыр аибашьра данца иаргьы даҳәеит дыргарц. Пониа 1925 шықәсазы ауп даниз, аибашьра ишықәса аҵанакуамызт, аха ианимуӡа ддәықәҵахеит. Аибашьра цонаҵы знык дыхәны даахьан аҩныҟа. Дҭахеит ианвар мза 14, 1945 шықәсазы Германиа, аха анышә дахьамадоу макьана еилкаамкәа иаанхоит. Ишдыру еиԥш, Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан иҭахоз рыԥсӡы арратә комиссариат, ма ақыҭсовет аҟны ианаалак, урҭ ара аҭаацәа рахь инармышьҭуаз ыҟан. Уи мзызс иамаз: акы – уи ашәҟәы анаалак ашьҭахьгьы зыҩныҟақәа рахь ихынҳәуазгьы ҟалон, аԥсӡы еижьагахар ҳәа иацәшәон, иҩбахаз-заб, ма зашьа дзыцәҭахаз аҭаацәара аналог, астрах уҳәа рықәрхыр акәхон, альготқәа рыла рыцхыраара рықәшәон, убри азы аԥсӡы аҭаацәара рҟынӡа ианаармыгозгьы ыҟан. Аха арҭ ахԥа рахь мзызс иамаз ҳаздыруам, аха 1988 шықәсанӡа Очамчыратәи арратә комиссариат архив аҟны ишьҭан Арасаӡыхь ақыҭа иалҵыз Какәбаа Џьақа Сыкәын-иԥа иԥсӡы аазгаз ашәҟәы. Уи иҳамԥыхьашәаз ашәҟәы инапы аҵаҩны 1241-тәи ахысратә полк акомандир, амаиор Бабаков. Аԥсӡы абас аҳәоит: «Какәбаа Џьақа Сыкәын-иԥа хаҵарыла деибашьуан, аӷа хәымга диҿагылан, насгьы ихы ақәиҵеит ҳаԥсадгьыл ахьыԥшымра. Дҭахеит фырхаҵарыла маи 1, 1943 шықәсазы Смоленсктәи ажәылара ду аан. Анышә дамадоуп ақыҭа Руплина Прижестенсктәи араион аҟны аешьаратә нышәынҭраҿы…».
Аибашьраҿ иҭахоз зегьы рзы ирҳәалоит ажәа «фырхаҵарыла деибашьуан», «фырхаҵарыла дҭахеит» ҳәа. Уи ус ажәа иалуоп, аха ҵабыргны ишьақәҳарӷәӷәозар, зегьыҵәҟьа афырхаҵара аарԥшра рылшомызт, зегьыҵәҟьа рзы ирыҩуамызт акомандирцәа Џьақа Сыкәын-иԥа иӡбахә аԥсӡы ишаҳәаз еиԥш.
Лахьынҵала акыр еиԥшын аибашьра иалаӡыз Кархалаа ԥшьҩык арԥарцәа. Рыԥсырҭа, рыӡырҭа еилкаамкәа ибжьаӡӡаз иреиуоуп рыԥшьҩыкгьы: Мышьа Ҳанашә-иԥа, Ҷыка Кәала-иԥа, Грышьа Кәицә-иԥа, Арсана Ԥаҟьа-иԥа. 1912 шықәсазы ииз Мышьа Ҳанашә-иԥа иабацәа ирҿиҵаан даара дааџьаушьартә анапҟазара илан, днапыуасҭан. Дочиа Ҭандели иареи еиҩызцәа бзиақәан. Дара рҩыџьа реиԥш Арасаӡыхь аҽыбӷаҟазацәа рыԥшаара уадаҩын. Аҽеицлабрақәа рҟны дара рҩыџьа ракәын есымшагьы аԥхьахә згоз. Аибашьра ианалага аԥхьатәи амшқәа рзы иргаз дреиуоуп Мышьа. Аибашьра иалахәыз, аха еибга еизҩыда ихынҳәыз иара иашьа Герасма ҳаниҿцәажәоз ишигәалаиршәоз ала, Мышьа аибашьра данырга ашьҭахь иҽы ҭоуӷангьы Кавказ ашьха ахыҵырҭа ахьчараз иргеит. Мышьа аибашьрахьтә дзыхнымҳәӡеит, аха ишьҭамҭа мыӡӡеит, ихәышҭаарагьы ҿымцәааит иара даныргоз аҽны ииз иҵеи ила.
Ҷыка Кәала-иԥа Кархалаа 1941 шықәсазы диит. Дызгәалашәоз изларҳәо ала уи дҟат-ҟато изызҳауаз ҷкәына аукы, аԥшькы иакәын. Аҟазшьа бзиаӡа иман, ауаҩы дизааигәан. Ацәгьа абзиа зегьы дахьӡон. Даныхәыҷыз инаркны арахә-ашәахә рыбзиабара илан. Ақыҭа ицатәыз ԥҳәызбаки иареи ашьанақәа еимырдахьан ауп 1940 шықәсазы арра дышцаз. Арра дшыҟаз аибашьра иалагеит. Уи ашьҭахь ишәҟәқәа аалон, иҭаацәа рахь еиԥш изҳәаны иҟаз аԥҳәызба лахьгьы, аха иаалырҟьан ишәҟәқәа раара иаҟәыҵит, уаҳа ихабарагьы ҟамлеит.
1901 шықәсазы ииз Грышьа Кәицә-иԥа Кархалаа зхабар ҟамлаз дреиуоуп. Аҭаацәара даламлацызт. Ашәарыцара бзиа ибон, дазҟазан. Аибашьра ианалагаз ақыҭа арахә иман ашьха дыҟан.
«Кархалаа раԥхьагыла» ҳәа ишьҭан Арсана Ԥаҟьа-иԥа. Уи 1900 шықәсазы диит. Уаҩ наган, ацәгьеи абзиеи рҿы раԥхьа ддыргылон. Абыз бзиа иҿан, даратор дуун, аишәа атәы идыруан, ацәгьеи абзиеи аныҟәгаразы далырхуан. Дыбжьаӡит март мза 1944 шықәсазы.
(Алагарҭа ануп «Аԥсны» №33-34)