Print this page

Афырхаҵара ыӡӡом

Лаҵара 05, 2025 105

Мгәыӡаа рхәы. Ажәла Мгәыӡба Аҧсны ахы-аҵыхәа иаанымхаӡеит. Урҭ амҳаџьырра ихырҵәаны иахган. Аҧсуа қыҭа Мгәыӡырхәа аҭоурых шаҳаҭра аз-наур аҭахушәа ақыҭа ахьӡ аанхеит.

Ҳара хықәкыс иҳамоу инарҵаулан, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан иҭахази ихынҳәызи рнысмҩақәа инарҵауланы ажәлар рызнагара, урҭ рҭоурыхқәа акьыҧхь аҿы рааныжьра ауп.
Ԥкьынаа ҭӡыла ирацәаӡам. Дара зегьы, аҭоурых излаҳәо ала, Нхыҵ-Кавказынтә иааз аишьцәа ҩыџьа ирхылҵыз роуп. Раҧхьа иааз Мгәыӡырхәа ақыҭан аҳабла Аҧцхәа инхеит. Аҧсны ирацәаны зџьабаа аду, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы ирацәаны аус зухьаз Ҧкьын Павел Ҳақы-иҧа Ажьиба Енвер да-ниҿцәажәоз ианиҵаз иаҳәоит:
–Ш.Инал-иҧа иусумҭак аҿы, абшьҭралатәи жәлантәылатәи ахазхатәи дамыӷақәа зну асиаҟны ҳарбоуп Ԥкьынба ҳәа. Аԥсуаа хырҵәаны Ҭырқәтәылаҟа ианыӡхырҵоз, Жәандәрыԥшьынтә быжьҩык аишьцәа Ҭырқәтәылаҟа иагеит. Сара аинформациа зласымоу ала Ԥкьынаа ҳажәлантәқәа нхоит Ҭырқәтәыла, Сириа, Австралиа, Германиа, Англиа. Иахьа Аԥсны ҳажәлантәқәа нхоит Блабырхәа, Жәандәрыԥшь, Дәрыԥшь, Аацы, Мгәыӡырхәа».
–Ԥкьын Ҭажә Басиаҭ-иԥа ақыҭаҿы еицырдыруаз уаҩын. Ичеиџьыкеи иуаҩреи игәыбылра рхыҳәҳәон. Уи имаз аҟазшьа бзиақәа инеимда-­ааимдо абиԥарақәа иааргоит. Имоҭа Павел Ҳақы-иԥа иҳәалон ҳабдуцәа инарыгӡоз, иҟарҵоз, ирылаз анагӡара уадаҩуп ҳәа. Урҭ ауаа Анцәа иишаз ракәын. Агәырӷьарагьы иԥшӡаны иацныҟәон, иаҭаххаргьы ахаҵараҿгьы ԥсуаҵас рхы мҩаԥыргон. Урҭ зегьы идырԥшӡон, ицәырнагон рхаҿсахьақәа… Игәадуроуп урҭ ргәалашә́ареи рыхцәажә́ареи…
Ԥкьын Ҭажә раԥхьатәи иԥшә­маԥҳәыс Аҭеи-ԥҳан, уи ҩыџьа аԥацәа лы-ман, Зарадини Ҳаџьараҭи. Ран дышқәыԥшыз лыԥсҭазаара далҵит. Ҭажә их-шаара ааӡатәын. Аҭаацәара далалеит, иааигаз Ажьи-ԥҳан. Ирыхшеит ԥшьҩык аԥацәеи ԥҳаки Ҳақы, Ҳадас, Ҳаиҭ, Грышьа, Нуниа. Абас шҭак аҿынтә хәҩык еибашьуан, 1982 шықәсазы ианысҵаз хҭыск сазааҭгылоит.
Ԥкьын Ҭажә Басиаҭ-иԥа ихәышҭаара шеиқәыц еиқәын. Аҭорыхтә цәқәырԥақәа изныкымкәан икыднаҟьаз агәараҭа азныказы аԥҭа еиԥш ашҭа акы нахаԥеит. Аха аԥсҭазаара ԥхьаҟа аԥеиԥш азҭаз Ҭажә имоҭацәа рыбжьы ашҭа ахы-аҵыхәа аԥсы ахарҵеит, адунеи ақәзаара иамоу агьама рҽамардеит. Ҳақы, Ҳадас, Ҳаиҭ аибашьрахьтә изымхынҳәӡеит. Грышьа аибашьраҿы ахәра ӷәӷәа иоуит, уи ашьҭахь даара аџьабаа баны, дхымхәаны аҩныҟа дхынҳәит.
Ԥкьын Нуниа Ҭажә-иԥҳа дызба­хьаз, дыздыруаз, ибзиаӡаны дыргәалашәоит, уи лхаҿса­хьа, лцәажәашьа, лхәыцра, лду­­­­неихәаԥшышьа. Зхы-зҿы алама­ла аччаԥшь ықәмыз, зхәыцра ҵаула зҽаҭаны иныҟәоз, зыԥсҭазаара заб игәараҭа иадызҳәалоз ԥҳәыс хатәран.
Ԥкьын Нуниа лашьцәа ирызкны санлыҿцәажәоз, ус салҳәеит:
–Иага шықәсы рац́әа царгьы, иага абзиарақәа ҟаларгьы, аиаҳәшьа лзы аиашьа ихьаа ахаангьы иӷьаӡом. Уи ибылбылуа уеимнадоит, рцәаара ум-бакәа, рхабар узымдырӡауа, унапы аархьымшькәа, алаӷырӡ рықәымҭәакәа, хҩык сашьцәа аибашьра иалаӡит… Дарбан ану, абу ари еиԥш агәырҩа ахыгара ззымариаз?! Сгәы акала исҟычуеит, урҭ рпатреҭқәа Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ аҿы, ақыҭатә клуб аҿы икыдуп. Сара сеиԥш иҟоу, ахьаа иаҵоу аиҳәшьцәа рацәоуп, урҭ зегьы рыӷәӷәара, рҟәышра сазгәдууп…
Ԥкьын Нуниа лашьцәа иаарышьҭуаз асалам шәҟәқәа зҭаз сахҭан рҭмаҟк аалган, иааҭыхны саԥхьа инықәылҵеит. Урҭ хыԥхьаӡарала ирацәан. Усҟан урҭ асалам шәҟәқәа скьыԥхьит ААУ аҟны иҭыҵуаз агазеҭ адаҟьақәа рҿы. Уи ашьҭахь Павел Ҳақы-иԥа саниазҵаа асалам шәҟәқәа рзы, ус сеиҳәеит: Иӡыз рацә́оуп, аха еиқәхақәаз ыҟоуп…»
Ԥкьын Павел Ҳақы-иԥа Гәдоуҭа араион аҟны мацара акәымкәан, Аԥсны зегьы деицырдыруан. Апартиа Гәдоуҭатәи араиком аҿы аус иухьан. Павел Ҳақы-иԥа Лиова ҳәа акәын дшырдыруаз.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалагарц ҩымчыбжьаҟа шагыз, Ԥкьын Павел иаб Ҳақы Ԥкьын аквалификациа азырҳаразы акурсқәа рахь дышдәықәырҵоз ала ашәҟәы ааит. Урҭ акурсқәа Баҭым имҩаԥыргон. Убраантә Аџьынџьтәылатә еибашьрахь дыргеит. 1942 шықәсазы аҵыхәтәантәи исалам шәҟәы Керчынтә иааит.
Ԥкьын Павел Ҳақы-иԥа ихы идыруа даныҟала инаркны иаб иԥшаара дашьҭан, цәалашәара ҷыдак агәрагара инаҭон, иаб иашьцәа Ҳадаси, Ҳаиҭи, Ҳақи џьара рхабарк иаҳарашашәа.
Убас, 2012 шықәсазы Ԥкьын Павел иҭаацәа иаб Ҳақы анышә дахьамаз шырԥшааз ала ашәҟәы роуит. Павел иԥа Инар Ԥкьын игәалаиршәоит. Иҭагы-лазаашьа аҳәара уадаҩуп. Усҟан ацәажәарагьы илшомызт, игәабзиара уашәшәыран, уахь игара ауадаҩрақәа ацын. Иаргьы уи ибзианы еиликаауан. Ҳабду дызԥшааз «Аԥшааратә гәыԥ» напхгара алҭон Круглова Наталиа. 2011 шықәсазы 14-ҩык аибашьцәа анышә иахьамадаз ԥшаан. Аха абаҩқәа анышә иахьамардаз 38-ҩык ыҟан. Ари ахҭыс Ҟрым ауп иахьымҩаԥысуаз, Керч араион, ақыҭа Заветнаиа аҟны. Убас зегьы еиҿкаан, игәыҿкааган, араҟа иҟан: Ҟрым Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа рхеилак ахантәаҩы, Афга-нистан аибашьцәа реиҳабы, Керч араион администрациа Ахадара, дара анышә иахьамадаз Заветнаиа ақыҭа ауаажәларра, ашколхәыҷқәа… Аԥсны­нтә исыццеит Ԥкьын Беслани Гәылиа Анрии. Абаҩқәа ахьыԥшааз уажәы ахы-аҵыхәа убаӡом, иахьҭатәақәаз аҭыԥқәа ылхны ирымаз уарла-шәарла иаанхақәаз ыҟоуп. Ирԥшааз зегьы анышә еицарҭеит. Сара Аԥснынтә санцоз, ҳнышәынҭрақәа рҿынтә анышә згеит. Уаантә иаазгаз анышә араҟа санду илываҳаԥсеит. 2012 ш. ахәылбыҽха лаҵарамза 5 рзы аҩны ҳааит. Ҳара ҳҭаацәара цәала-жьыла, шьала иаҳзааигәаз зегьы ҳазԥшын. Саб ахаангьы дҵәуо дсымбацызт, араҟа аҳәҳәыҳәа иҿаланы илеиуаз илаӷырӡ збоз зегьы еиҵаӷәӷәа игыланы ицҵәуон… Нас уантә иаагаз аҷан днахагылан, абас иҳәеит:
– Акыраамҭа сушьҭан, усыԥшааит. Абас иаб иԥсыбаҩ аԥшаара ашьҭахь иҽиԥсахит, ԥшьаала дҵыкәкәон саб, – иҳәеит Ԥкьын Инар, – иаб иашьцәа Ҳадаси, Ҳаиҭи зхабар изымдыруа иаанхази, Аԥсны аибашьраҿы иашьа иԥазаҵә Ԥкьын Рудик Грышьа иԥеи, иԥа Асҭамыри рхьаагареи рҭахареи изеилалеит. Урҭ рынахыс адгьыл ақәла-ра ихы ахибаауан. Иахьа саназхәыцуа сабду ибаҩ ҳамԥшаазҭгьы, саб даҽа ԥыҭрак днеишашәа сгәы иабоит…
Ԥкьын Грышьа Ҭажә-иԥа 1932 ш. диит. Мгәыӡырхәатәи аа-классктәи ашкол доушьҭымҭан. Ашкол ашьҭахь Аҟәаҟа ДОСААФ асистема аҟны аусура далагеит. Аибашьра Ду ианалага иара алеитенант ичын иман. Раԥхьа Мраҭашәаратәи архәҭақәа рҿы деибашьуан уаҟа ӷәӷәала ахәра иоуит. Украина иахьаҵанакуаз ҳаблак аҟны дырхәит. Украина анҭадырцәы Ԥкьын Грышьа аӷа инапаҵаҟа дыҟазшәа азыԥхьаӡаны дҭаркуеит. Аҩадатәи аҵааршәыратә кәакьқәа рҟны, аҭакра ашықәсқәа ихигон. Дахьҭакыз Гагәлиа зыжәлаз аԥсуа хаҵакгьы дицҭакын. Иҭакра аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, Грышьа Сахалинҟа диаган. Ашахтаҿы аус иуан.
1955 шықәсазы Грышьа иԥсы иманы дхынҳәит. Аҭаацәара далалеит, инасыԥхаз Мархолиаԥҳа Хьымеи иареи аԥеи аԥҳаи рхылҵит. Ԥкьын Рудик Грышьа-иԥа Гагра ахақәиҭтәра ихы ақәиҵеит. Иара дҭаацәаран. Ԥкьын Светлана Грышьа-иԥҳа дышқәыԥшӡаз лыԥсҭазаара далҵит.
Ԥкьын Хадас Ҭажә-иԥа 1915 шықәсазы диит. Мгәыӡырхәатәи ихаҭәаамыз ашкол далгеит. 1938 ш. Свердловсктәи арратә ҵараиурҭа дҭалоит. 1939-тәи Финтәи аибашьра далахәын, Павел Ҳақы-иԥа, дызҭаз аҵарагьы даналга, аҳәынҭқарра амраҭашәарахьтәи архәҭақәа рахь дышьҭын. 1940 шықәсазы, сара саниы, саҳәшьаду Нуниа ашәҟәы изылҩит. Иара даара ари ахҭыс де-игәырӷьеит. Асалам шәҟәаҿы аҳәара ҟаиҵеит ахәыҷы ииз, иҩыза ицеибашьуа иаҳаҭыр азы Лиова ихьӡырҵарц… Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы хабарда дыбжьаӡит. Дҭаацәараӡамызт.
Ԥкьын Ҳаиҭ Ҭажә-иԥа даауны, дҵаӷаны, деилҟьа-еилӷәыцәӡа дыҟан. Мгәыӡырхәатәи ихаҭәаамыз ашкол далгеит. Иара аҟазара ду илан. Ашәаҳәареи акәашареи дрызҟазан, ашколқәеи ақыҭақәеи рҟны ахорқәа еиҿикаауан. Ақьачақьра илан, деилҟьан. Ихала алаф ашәақәа еиҿиртәыз ажәеинраалақәа ирылхны иҳәон. Дхысыҩ бзиан, ашәарыцара иацыз аҵасқәеи акәамаҵамақәеи еидикылон. Дҽыбӷаҟазан. Аибашьра даныргоз жәаа шықәсагьы ихымҵыцызт. Хабарда дыбжьаӡит.
Ԥкьын Нуниа Ҭажә-иԥҳа ԥшьҩык аишьцәа раҳәшьазаҵә лакәын. Ԥш­ралеи сахьалеи зегьы дрылукаауан. Ақыҭаҿы ашкол далгеит. Агитара арҳәаны ашәа ацылҳәон. Аӡахыга машьына «Зингер» лыман. Ибзиаӡаны дӡахуан – иҳәеит Павел Ҳақы-иԥа 1941 шықәсазы аибашьра ианалага илыԥхьеит, Баҭым дыҟан. Нуниа аибашьрахь ианлыԥхьа санду днаскьалгеит Гәдоуҭанӡа. Уи ашьҭахь, даныхынҳә илгәалалыршәон ахҭысқа. Амҩа сани сареи ҳахьықәыз сзызхәыцуаз акы акәын. Мгәыӡырхәа ақыҭан, зашьцәа аибашьра иргахьаз аԥҳәызба лаанкылара зылшашаз аӡәгьы дҟамлеит. Ма Гәдоуҭа аиҳабыра рҟны снеины срыҳәап ҳәа сыӡбан, аха уигьы сзалмыршеит. Сгәаҟрақәа зныруаз сыӡӷаб даасыдгылан, сан бҽырӷәӷәа, бҭаца бналывагыланы, ахәыҷы дшәааӡа… Ҳахҩыкгьы аибашьра ҳашԥалаӡри, злахьынҵа бзиоу аҩныҟа дхынҳәып, – лҳәеит.
Санду лассы-лассы лажәақәа сгәалашәоит. Сыԥҳа днаскьаганы, сҽаарӷәӷәаны аҩныҟа амҩа сықәлеит… Сара исымчзи, Анцәа сиҳәалап еиб-ганы исзаарц… ҳәа ҳәаны аҩны сындәылҵуан…
Нуниа Ԥкьын-ԥҳа фымз аи­ба­шьра дыҟан. Ӷәӷәала дычмазаҩхан, аамҭала аҩныҟа даарышьҭит. Зашьцәа зегьы аибашьра иҟаз, анапы зыгхаз агәараҭа аиқәырхаразы хаҵаҵас дгылеит. Аибашьрантә изымхынҳәыз лашьцәа дшырзыԥшыз, лхатәы насыԥ мап ацәылкит. Лыԥсҭазаара зегьы лаб игәараҭа иазылкит.́
Ақыҭа ду Мгәыӡырхәа аиҳабыратә абиԥара Ԥкьын Нуниа Ҭажә-иԥҳа ды-здыруаз знык иадамхаргьы дызбахьаз наунагӡа ргәаҿы даанхоит. Лыԥсы ахьынӡаҭаз дызҵаз агәырҩа ду лнубаалон, ажәҩан иаҵамԥшӡакәан зашьцәа рҭахара иаблыз уаҩны, «Афырхацәа рашҭа» ҳәа иашьҭан сара схаан. Урҭ аҭоурыхқәа абиԥарала еимырдалоит, еиҭарҳәалоит, наӡаӡа аҭоурых иазынхарц. Ԥшьҩык аишьцәа: Ҳақы, Грышьа, Ҳадас, Ҳаиҭ, раҳәшьазаҵә Нуниа, урҭ рымцахәқәа ыцәаӡом. Урҭ рфырхаҵара ыӡӡом !

 

Гугуца Џьыкырба