Print this page

Астудентцәа рцәыргақәҵа

Лаҵара 05, 2025 115

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иаартыз, 20-ҩык аҟазара афакультет астудентцәа русумҭақәа рыла еиҿкааз ацәыргақәҵа азкын  Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа 80 шықәса ахыҵра.

Ацәыргақәҵа хаҭәаан аҟазара еиуеиԥшым ажанр хкқәа рыла. Араҟа улаԥш рықәшәон, даара ҟазарала иаԥҵаз, абаҩхатәра злоу  астудентцәа ҿарацәа русумҭақәа: аҿыханҵа, аскульптура, аграфика уҳәа ахырхарҭақәа рыла. Ицәыргақәҵаз аусумҭақәа рахьтә еиҳа ирацәан, игәылҭәаангьы иаарԥшын аграфикатә дизаин ахырхарҭала иаԥҵаз аҭыхымҭақәа.

Ацәыргақәҵа анапхгаҩы Мактина Гогиа-ԥҳа ҳаиҿцәажәараан излазгәалҭаз ала, аҟазара афакультет  ахырхарҭақәа рыфбагьы рҟнытә астудентцәа алахәын. «350 усумҭа рыла ишьақәгылаз ацәыргақәҵа еидыркылоит 40 инарзынаԥшуа аплакатқәа», – лҳәеит уи.

Аҟазара афакультет астудентцәа рымчала ацәыргақәҵақәа есышықәса имҩаԥыргоит. Хаҭала, уажәтәи ацәыргақәҵа Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа 80 шықәса ахыҵра ишазку азгәеиҭеит, ацәыргақәҵа аартуа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко  Гәарамиа.

«Астудентцәа рхы-ргәаҿы инаганы, инарҵауланы иазнеины Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа иазкыз аусумҭақәа раԥҵара рылшеит. Ҳара ҳҽаԥсаҳтәроуп, Аиааира Дуӡӡа ҳзаазгаз ҳабацәа, ҳабдуцәа рыхьӡ амырӡра, агәалашәара» – иҳәеит уи иажәа хыркәшо.

«Рҿаԥхьа иқәгылаз атема, адҵа шымариамызгьы, уи аиааира рылшеит аҟазара афакультет астудентцәа. Ҭакԥхықәрала иазнеины, иҭҵааны, қәҿиарала иаԥырҵеит аибашьра атемала  аусумҭақәа» – иҳәеит астудентцәа иаадырԥшыз алҵшәақәа дрызгәдуны аҟазара афакультет адекан Нугзар Логәуа.

Аиашазы, астудентцәа рзы иҿыцыз ажанр – аплакат еилкааны, иҭҵааны, иалырхыз Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа афырхацәа рфотоқәа ирыцырҵаз, рхаҭарақәа аазырԥшуаз адҩыларақәа уҳәа еиҿыбааны, досу иахьрыхәҭаз аҭыԥқәа рҿы иарбаны  аԥҵара ахьрылшаз қәҿиара дууп. Ҳәарада, урҭ иаадырԥшыз алҵшәа бзиақәа рҟны, аҵара дзырҵо рырҵаҩцәа ирыбзоуроу  маҷым.

Аҟазара афакультет аҟны  аскульптура ахырхарҭала аҵара зҵо астудентцәа Темур Аҳәбеи Арсоу Берзениеи русумҭақәа рызкын хьыӡла-ԥшала Асовет архәҭақәа рҿы  аибашьра амцашыра  иалагылаз аԥсуа еибашьцәа. Арсоу  Берзениа искульптуратә усумҭа изикит аԥсуа еибашьҩы гәымшәа, Асовет Еидгыла Афырхаҵа Иасон Кәакәасқьериа. Темур Аҳәба иусумҭа  лызкын, раԥхьатәи аԥсуа ԥырҩы  ԥҳәызба – Мери Аҩӡ-ԥҳа.

Аԥсуа ԥырҩы-ԥҳәызба Мери Ҳафиз-иԥҳа  Аҩӡ-ԥҳа лбиуст аус адиулоижьҭеи ҩымз инарзынаԥшуа ишҵуа, иҵегь ахарҭәаарагьы игәы ишҭоу азгәаҭо, Темур Аҳәба ҳаиҿцәажәараан иҳәеит, ари иусумҭақәа злаху, аҩбатәи шцәыргақәҵоу.

«Мери Ҳафиз-иԥҳа Аҩӡ-ԥҳа лхаҿсахьа аԥҵара аидеиа сызцәырҵижьҭеи акыр ҵуеит. Уи аус адулара саналагоз гәҭакыс исымамызт  ари ацәыргақәҵа ахалархәра. Аха ацәыргақәҵа шымҩаԥгахоз, аҽалархәрагьы  шаҭахыз ала адҵа анҳарҭа, аԥсуа жәлар  рҭоурых аҟны акрызҵазкуа аԥҳәыс еиҿамс лхаҿсахьа, аус адулара  сшаҿызгьы сҩызцәа русумҭақәа рыла еиҿкааз ацәыргақәҵа иахьызыгӡеит», – иҳәеит Темур.

Аиашазы, абаҩхатәра злоу аҿар русумҭақәа рыла еиҿкааз ацәыргақәҵа агәахәара рнаҭеит уи зҽалазырхәызи аиҿкааҩцәеи реиԥш, уахь  имҩахыҵыз зегьы.

 

Алиса Гәажә-ԥҳа