Print this page

Зыжәлар цҳас ирыбжьоу

Лаҵара 05, 2025 106

Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнакцәа ируаӡәку ашәҟәыҩҩы, аҭҵааҩы, апублицист, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу Маҳинур Папаԥҳа 75 шықәса лхыҵит.

Ҭырқәтәыла, Билеџьықь иаҵанакуа Алынџьа ақыҭан ииз, акыр шықәса раахыс Сҭампыл инхо, иааиԥмырҟьаӡакәа лыԥсадгьыли лыуаажәлари дрызҿлымҳауп. Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуааи рыԥсадгьыли реигәныҩра дазааԥсоит, акыр лаԥшьгарақәагьы еицырдыруеит. Сҭампылтәи аԥсуа культуратә хеидкыла анапхгараҿ даныҟаз, уи ашьҭахь – аԥсуаа реидкылара, рмилаҭ хдырра ашьҭыхра, рыԥсадгьыл разхьарԥшра акыр дахаҵгылон, иахьагьы игәыгәҭалыжьуам. Акыр шықәса раахыс Аԥсны даҭаауеит. Ара ҳаҭыр дула илзыҟоу аҩызцәа аӡәырҩы лырҳахьеит.
Забшьҭра Аҧсны, Дал-Ҵабал иҭыҵыз иреиуоу, Сҭампылтәи ауниверситет алитературатә факультет иалгаз аԥҳәызба, аханатә лҭаацәа илыларааӡаз Аԥсуара еснагь мҩанызас илымоуп, дышнеи-шнеиуаз уи Омар Беигәаа идунеи дазааигәанатәит.
Лыҭҵаараҿы аҭыҧ ҷыда ааннакылоит О. Беигәаа ирҿиара. Данқәыԥшыз илдырыз ашәҟәыҩҩы-аҵарауаҩ иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рзынӡагьы аус ицура лыллыршеит. Лааҧсара маҷымкәа иадылҵеит ҭырқәшәала иҩыз Омар иусумҭақәа аҧсшәахь реиҭагара. Хазы шәҟәны аԥсышәала иҭшәыжьит О. Беигәаа ирҿиара иазку инеиҵыху аочерк «35 шықәса Омар Беигәаа иаанда».
Аԥхьаҩцәа азҿлымҳаны ирыԥхьоит ажурнал «Ала­шара» ианылауа лажәабжь­қәа, аҧсуаа рҭоурыхи ркультуреи ирызку лыстатиақәа. Ҭырқәшәала иҭлыжьхьоу «Аҧсилиеи Ҵабали», «Раҧхьатәи аҭырқәа ҧҳәыс-асахьаҭыхҩы Миҳри Расим (Миушьфиқ) Ачба)» ракәзар, имҩашьауа лбаҩхатәра рныԥшуеит. Аҭырқәшәахь еиҭалгахьоу аҧсуа фольклортә текстқәа, аҧсуа ҵарауааи ашәҟәыҩҩцәеи рыҭҵаарадырратә усумҭақәа, рсахьаркыратә ҩымҭақәа иреиуоуп: «Нарҭ Сасрыҟәеи ҧшьынҩажәи зеижәҩык иашьцәеи», «Аҧсуа жәлар репос», Б. Шьынқәба аус адуланы ииҩыз «Абрыскьыл», С. Зыхәба ишәҟәы «Аҧсуа лакәқәа», В. Бигәаа – «Аҧсны аҭоурых», В. Амаршьан иҭоурыхтә роман «Аҧсҳа» уҳәа егьырҭгьы. Абри иабзоураны, Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа рыҩнуҵҟа еиԥш, инарҭбааны аҭырқәа ԥхьаҩы идырит ҳажәлар рҭоурыхи рдоуҳатә культуреи.
Аԥсни Ҭырқәтәылеи лыхьӡ рдыруеит лырҿиаратәи луаажәларратәи усурала. Ҭырқәтәылатәи аԥсуааи Аԥсни цҳас ирыбжьоу аҳкәажә, еиҳау ақәҿиарақәа ҳазшаз илаҭәеишьааит.
Аԥсуа доуҳатә культура амаҵ азызуа зегьы рыхьӡала, агазеҭ «Аԥсны» анапхгареи аусзуҩцәеи гәык-ԥсыкала лиубилеи лыдаҳныҳәалоит.


Маҳинур Папаԥҳа
Ҭырқәтәылатәи аҳҷыԥсаа ирызку ажәақәак

Ҭырқәтәыла инхао аҧсыуаа амҳаџьырра иазкны акык-ҩбак машәыршәа иҳаҳазаргьы, ус инеиҵыхны арыи аӡбахә инарҵауыланы аҭаурых зҳәаз, изуыз ҳәа аӡәык-ҩыџьак рыда аӡәгьы иыхьыӡ ҳазҳәарым. Аҧснаагьы ишырдыруа еиҧш, Омар ида ари аӡбахә ақьаад ианызҵаз аҵарауаа ҳамам. Уи иани иаби рыӡбахә аныиҳәоз, Қьефқьен аӡхыҵырҭаҿы аҧсыуа маҳаџьыр рыцҳақәа рыхҭыс лаҕырӡашла иҳәаны иыҩгәышьон.
Уахык ала 400-ҩык аҧсыуаа шыҧсыз Қьесеҧҳа Елиф лчамгәыр ала алақмар ҳәаны, анышәынҭрақәа рҿы хәлаанӡа дышҵәыуоз, нас уи ианыиҵаз Елиф ллақмар ажәақәа шаҟа игәырҧшаагоу зегьы иаҳдыруоуп. Омар иажәеинраалақәа Аҧсны ианыркьыҧхь, Қьесеҧҳа Елиф лыӡбахәыи Қьефқьен аӡбахәыи Аҧснаагьы ираҳаит.
Исгәалашәоит раҧхьаӡа аибашьра анцоз, араа иҟаз Аҧснаа, зыҧсаҭа бзыиахаша Гәажәба Мирод, Аҩӡҧҳа Фениа, Смыр Рушьбеи, Ҭырқәтәыла аҧсуаа ахьынхоз захьынџьара ианца ашьҭахь, 21 маи 1993 азы, абри Қьефқьен аӡхыҵырҭаҿы инеит, гәыҧҩык араатәи аҧсуаагьы рыцны. Уи ажәабжь ажурнал ианылеит. Абри ашьҭахь, Қьефқьен зегьы ирдыруа иҟалеит. Шықәсқәак рышьҭахь аҧсуааи адыгьааи рымҳаџьырра иасимволхеит. Уа саргьы снеит, есшықәса маи 21 азы амҳаџьырра ду азгәаҭаразыҳәан адернеқьқәа зегьы ахьнеиуаз. Раҧхьа сара аҧсуа дернеқь аиҳабыра санахаз аамҭан, ҳаннеи, уаа макьана уиаҟара ауаа неиуамызт, ахьӡ-аҧша уиаҟара идырмызт. Уажәы аҭырқәцәа мацара хьынхо, Караҕач зыхьӡыу ақыҭаҿы ҳара ҳиацәажәеит ақыҭа аиҳабы, насгьы ақыҭа иаланхауа ауаагьы. Иашаҵәҟьаны ара аҧсуа мҳаџьырцәа рнышәынҭрақәа шыҟаз аӡбахә рҳәеит. Ҭаацәақәак, ажәытә реиҳабацәа аҧсуаа рыӡбахә иааҟәымҵӡакәа ишырҳәауаз аҧсуаа рыхҭыс бааҧсқәа, ррыцҳарақәа агьыи ражәабжьқәа ҳарҳәеит. Урҭ зегьы абжьанҵагақәа ирнаҳҵеит, анышәынҭрақәа рфотоқәа ҭаҳхит. Аргәынк абра инышәынҭра шаанхаз аабеит. Агьырҭ анышәынҭрақәа ушьҭа изтәу еилкаамкәа иҟан. Усҟан ҳара «Аҧсыуаа рынышәынҭра» хьырҳәаз аҭыҧ адернеқь ахьыӡ зныу ҩырак ҵлак иадаҳчаҧалеит. Адырҩашықәсан ҽазнык ҳааит. Уышьҭа ара амҳаџьырра иазкыу баҟак ргылазароуп ҳәа ҳалацәажәеит. Нас, сара аиҳабыра саналҵ ашьҭахь, сышьҭахь иааз аҩызцәа агьырҭ адернеқьқәеи дареи ара даараӡа ауаарацәа еизганы амҳаџьырра мыжда амш азгәаҭарақәа ҟарҵеит. Уажәы, есышықәса аҧсуа-захәыуа жәлара 21 маи аҽны абра инеины азгәаҭара мҩаҧыргоит.
Аиаша ҳҳәозар, сара ҧыҭк гәалас исыман, ара ажәлар аауеит, еизоит, рылахь еиқәны иҧсыз ҳашьцәа рыцҳақәа рзыҳәан иныҳәоит, егьыиуеит, урҭқәа даара ибзиоуп. Аха абриаҟара шықәса аахыжьҭеи абра иааиз зусҭцәаз, иабантәи ааиз, иабацаз ҳәа аӡәгьы гәалас иахьимам сгәы иалсуан. Ари аилкаара саргьы исуалын. Сара аиҳаракгьы Қьесеҧҳа Елиф ҳәа Беигәа Омар лыӡбахә ҳәаны, ллақмар уны ахҭыс мыжда ашәҟы иананиҵа ашьҭахь, абри Елиф дызусҭада, лызаҟак ма лыҵкар аӡәыр дыҟау, иарбан қыҭас дзеиуаз агьыи ҳәа схәыцуан.
Акыр шықәса ыиасит, сашьа Ҭырқәтәыла Абжьаҟәа ҳәа ҧсышәала хьыӡыс измау, ҭырқәшәала «Асielmalik» зыхьӡу ақыҭа аҟынтәи Беигәааҧҳак данааига, ҳахлацәеи ҳареи лассы-лассы ҳаибабо ҳаҟалеит. Уыбасҟан ҳаҭаца лаб Беигәаа. Иззеҭ агрек бызшәа даара бзиа ишидыруаз еилыскааит, иагьиџьысшьеит. «Иабантәи уҵеи?» ҳәа саниазҵаа, «сара Македониа сиит», – иҳәеит. Аџьашьахәы уысҟан иеилыскааит, Македониантәи аҧсыуаа рыӡбахә акәын ииҳәауаз. Аҧснытәи Абжьаҟәаа Ҭырқәтәыла иааиаанӡа «Övarna» ишцаз, уаа 12 шықәса ишынхаз, нас абра Қьефқьен ианыӡхыҵ, ирыхьыз атәы сеиҳәеит. Убри иалахәыз Қьесеҧҳа Елиф рыцҳа Абжьаҟәа дышеиуаз еилыскааит. Қьефқьен азааигәара акыр шықәса арыцҳара иаганы ишыҟаз, нас Адапазар иадҳәало Ҳарманҭеҧе (Ашамба Орҳан иықыҭа) иазааигәо Абжьаҟәа «Асielmalik» ҳәа қыҭак шдыргылаз. Аҭырқәа сулҭан дахыхны ареспублика анышьақәдыргыла, арҭ асулҭан иыдгылеит ҳәа арантәгьы ишыхдырҵәаз, ҽазнык амҳаџьырра амҩа ишықәлаз, аҧсыуаа Македониа ишцаз, уаа аамҭак ишаанхаз, нас ишыхынҳәыз атәы, акы иеиҧшымкәа иеиҭеиҳәеит.
Ҳҭаца лаб Беигәаа Иззеҭ, данхәыҷыз Қьесеҧҳа Елиф убраа дышибаз, усҟан 100 шықәса раҵкыс дышеиҳаз сеиҳәеит. Аҧшатлакә иарҧсаҟьауаз, аҧхыӡ еиҧш анахь-арахь дыҧшаҟьо дышабжьаз, аҵыхәтәан лыбаҩқәа Македониа иаанхеит Елиф рыцҳа. Абри сыгәы зырҧшааз ахҭыс сықәныҟәаны Қьефқьен иҟалаз санашьҭала, аҳҷыҧсаагьы абраантәи ишыӡхыҵыз еилыскааит.
Ҭырқәтәыла иахьа аҳҷыҧсаа рқыҭақәа ҳәа зыӡбахә дыру 20 ирзааигәаны Адаԥазар азааигәара иыҟауп. Зегьы ишаҧсыуаау, Аҳҷыҧсынтәи ишааиз рдыруеит. Аха ҳара рыцҳарас иыҳамоу, ҳаҭоурых ҳамыҩӡеит. Иыздыруа нҵәао иалагеит. Аиҳабацәа сырацәажәаны иеилыскаақәаз рыла, урҭ рқыҭақәа реиуа ҧыҭк саарылацәажәар сҭахыуп.
1 – Кәарацәгьа (Yarica)
Yarca зҳәаогьы дыҟоп, Yarica ҭырқәшәазар ҟалап. Ари ақыҭа зыртәаз Аӡынба Кадыр иабдыу иоуп. «Арыи Аҧсныгьы Кәарацә ахьӡын», – иҳәеит Аӡынба Кадыр. Дара Аӡынаа 8-абиҧараны ишыҟоугьы аӡбахә иҳәеит: 1-Пашәаа, 2-Баҭыраа, 3-Џьергьеҭаа (Аӡынба Кадыр арҭ дреиуоуп), 4-Цҳаныҟәаа, 5- Катмаа, 6- Хәыраа, 7-Џьергьыҟәаа, 8-Ҟәыдинаҭаа.
«Абарҭ абиҧарақәа зегьы араа Кәарацәгьа иааины иытәеит, Баҭыраа нас арантәи ихҵәеит, аха зегьы арыи ақыҭа иатәуп», – иҳәеит.
«Арҭ рнаҩыс Бираа, Шаҭаа, Алмасаа, Кәыџаа, Мазаҳаа, Гьелдызаа, Џыраа, Жакьыиаа, Албаҭаа, Ҟьынтыуаа (Аӡынбоуп)», – иҳәеит. «Аӡынба мацара ҳәа иыдырыу Аӡынбақәагьы ыҟоуп, урҭ реиуа аӡәы джокеиыуп. Дербенттәи Аӡынба Сааҭ, Соуксутәи Аӡынба Шефеҭҭин урҭ иреиуоуп. Аӡынба Кадыр Пашәиҧа Камил иҧа иоуп, иабдыу Пашәиҧа Ҳасан Аҧснынтәы иааз, араатәыи Кәарацәгьа ақыҭа зыртәаз иоуп. Иабдыу араа данааи Ҳаџьра дыцеит. Аӡынбақәа зегьы Аҳҷыҧсынтәи рехшьаҧацәеи дареи еицааит», – иҳәеит.
2 –Tagorek – Zorbek Bey.
Калиакаа араа ианаа адгьыл еиҵых аҟны рықыҭа дыртәеит. Нас урҭ хазы иеихеит. Раҧхьаӡа урҭ изныҵыз Тогореқь ақыҭа акәын. Тогореқь Адаҧазар ақалақь Ҳендеқь ацуҭа иадҳәалоуп.
Иашбак ирахәқәа иширҳәуаз, уаа аӡы бзиак аман ибеит, нас иуаа уахь иганы ииртәазаап. Ас зҳәазгьы иыҟоп ари ақыҭазын, аха аиашазы, ари ақыҭа зыртәаз Аӡагәаа роп. 66 шықәса зхыҵуа Баҕҳа Рефика (лара Аҧсны зыҧсы ақәызҵаз Абаҕба Баҳадыр иаб иеихьшьа лоуп) излалҳәауа ала, «ари ақыҭаҿы Аӡагәаа, Иашаа, Ашаа, Андырбыуаа, Ажьыиаа, Қапаа ҳәа аҧсыуа жәлақәа нхоит. 20–25 ҭыӡы раҟара иҟоп. Арыи ақыҭа 1864–1870 ашықәсақәа раан иҟалаз аибашьра аҵыхәтәан Аҳҷыҧсынтәи Ҭырқәтәыла иааиз аҧсыуаа идыргылаз қыҭоуп. Тогореқь ҳәа Аҧсны ақыҭа иҟаӡам ҳәа ауп ишаадыруа, арыи ахьыӡ аҧсыуаа араа ақыҭа ҭагәарак аҿы идыртәеит азыҳәан ус ахырҵеит ҳәа ҳагәы иаанагоит», – лҳәеит. Раҧхьаӡа арыи ақыҭа зыртәаз Аӡагәа иыҧа Зорбеқьбеи иоуп азыҳәан, арыи ақыҭа уи иыхьыӡ иадҳәаланы уажәыгьы аӡбахә рҳәоит.
1934 ашықәсан Ҭырқәтәыла иеицырдыруа ачемпион аҽы ақәтәаҩ бзиа Аӡагәиҧа Зиабеи иқыҭоуп Тогореқь. Нас 1948 ашықәсан Лондон олимпиадқәа рҿы актәыи аҭыҧ игеит, Италиатәи Мусалини иҳамҭа игеит. 1948 ашықәсан Египт Мысыргьы ачемпионатаҿ аҩбатәи аҭыҧ игеит. Уысҟан аҳамҭа Османлаа раҳкәажә Мысыр апренсеса ҳәа ахьыӡ сулҭан лынапаҿынтәи игеит.
3 – Калиак
Масиҧа Булент излаиҳәауа ала, ақыҭа ахьыӡ хьынтәааиз рыздырам, ҭырқәшәазар ҟалап. Ажәытә Дикмен, Кадифекале, Иарџьа (Кәарцәгьа) Зорбеқь иқыҭа, Карачоқьеқь, Зҩмбҩлли, Ҳармантепе ҳәа иҟао ақыҭақәа рыззегьы рзы инеидкыланы Калиак рҳәозаарын. Калиак иааиз аҧсыуаа раҧхьа Орман қьои ҳәа џьара итәазаап, нас ашыӡ анцәырҵ, арахь Калиак иаазаап. Раҧхьа иааиз Алмас ҳабла ҳәа иыдыру аҭыҧ аҿы иытәазаап. Нас Тогореқьаа арҭ ирылҵын хазы рықыҭа дыртәазаап. Кәыџӡаа Зҩмбҩылли ҳәа қыҭак ахь иагеит, Агәымбацәагьы Ҳармантепе иыцазаап. Арыи ақыҭаҿы идырыу ажәлақәа Бираа (уырҭ ахьтәау Бираа рхәы ҳәа иашьҭоуп) Ашаа, Шаҭаа, Ҷанба (Оинагәаа) араа итәоп. Татар ҳабла ҳәа иахьашьҭо: Аҭарбақәа, Наша, Шаҭаа, Уасаа ыҟоп. Уасаа иыубыхзаарын, нас иаҧсыуахеит рҳәоуеит.
Аӡахәырхәа ҳәа иахьашьҭоу аҭыҧ аҿгьы: Уасаа, Аурысаа, Албаҭаа, Хабыуаа нхауеит.
Ҩкылҵа ҳәа иахьашьҭоу аҭыҧ аҿы: Агәымба, Акәыџба, Шаҭаа, Каваиаа, Мшәыдаа, Кымҷаа, Ҳаџьбыиаа, Госаа, Барҟан-иҧацәа, Гьачаа нхауеит. Бат ҳаблаҿы: Папаа, Џьыгрыиаа (Иашаа иреиуоуп), Гьалдымаа, Госаа, Мшәыдаа, Ламырцәаа, Ахаа, Хәымсаҵәаа нхауеит.
Калиакаа Аҳҷыҧсы иышеиуоу зҳәао Папба Сезаи иан, араатәыи Папа рабыиҧарагьы салҳәеит. Уыи иызлалҳәауа ала, Папаа рнаҩыс, Госаа, Џьугрыиаа, Мшәыдаа, Нашаа, Шаҭаа, Бираа, Ҳаџьбыиаа, Барҟанаа, Ҳоҷаа, Урысаа, Хархьыиаа, Агәымаа нхоит.
4 – Аҧсара (Nüfren Hacibat Bey)
2003 ашықәсан аҧсыуа ҵарауаҩ Валери Беигәаа ара дыҟан, абрыи ақыҭахь ҳаицааит ажәлар ҳарацәажәарц. Уысҟан Ҳәатышь Џьиҳаҭ ииҳәақәаз саргьы ианысҵеит: «Арыи ақыҭа Аҧсара ахьӡуп, Аҧснытәыи ҳақыҭагьы Аҧсара ахьӡын. Ҳара ҳақыҭа зыртәаз Мас-иыҧа Ҳаџьибатбеи иоуп. Ара Аҧсны иеиҧшуп ҳәа иалырхыит. Уысҟан араа џьран. Аџь, араса, ажа, араша рацәан азы иалырхыит. Аҧснынтә ианықәҵ ашьҭахь аамҭак азы Қьефқьен иынхеит, нас оуп араа ианааи. Сара Аҧснынтә иааз 7–8-ҩы збеит, сара сызаҟацәа ракәын. Уырҭ 60 иааиыз рыҟазшьақәа, рҵасқәа, рлеишәақәа уажәтәи Аҧснаа дыукы иырыздырӡаом, Аҧснынтә арахь иышааиызгьы рыздырӡоом. Уыжә уара уымгәаан сашьа», – иыҳәеит Валери Беигәаа иызыҳәан, дҭоурыхҭҵааҩыуп анаҳҳәа. Валеригьы сгәааӡом ныиҳәа, абас ҳаиҳәеит: «Аҧсуааи аурысцәеи 264 шықәса иеибашьит, уысҟан ацар дыҟан, аҧсуаа мап ркыит, аизара ҟарҵеит. Ацар, арҭ аҧсыуаа реиҳабацәа ражәа иырзыӡрыҩуеит, иҳәан, рбыргцәа шәышықәса иырзааигәазгьы, иыреиҳазгьы зегьы иықәырхит. Абрыи заҳаз аҧсыуаа раҳагьы иаапкыит. Уи ашьҭахь даҽа хәышықәса аурысцәа иыреибашьыит, абас ала 95 ашықәсан иааит. Абас хәышықәса, хәышықәса шырҳәаоз иыныибарҵәеит. Нас аҧсыуаа еизеит, ҳандырҵәоит рҳәан, қыҭацыҧхьаӡа аӡә далхны апарламент еиҧш рықыҭа агәҭыхақәа зҳәаша ауаа нагақәа реиуа 62-ҩык Ҭырқәтәыла иаарышьҭыит. Уысҟан Османлаа ракәын иыҟаз. Сулҭан Абдул Меџьыд дахан. Арҭ ақыҭақәа рделегациақәа ҳәа иалырхыз ауаа рҿы х-қыҭак ражәаҳәаҩы аӡә иакәны иыҟазаарын. Зегьы ҭеиҭыҧш змаз, зажәа дырыз ауаа ракәын, реилаҳәашьа агьыи иеиқәычаҧа ианыиба, арҭ уаа хәарҭақәоуп иыиҳәан, шәааи иыҳәеит. Уыс аныиҳәа, иааиын, Аҧснытәыи рыҭыҧқәа иеиҧшыз аҭыҧқәа алырхыит. Асулҭан Иысҭанбулыи Болуи рыбжьара адгьылқәа аҳиырбеит иалышәх ҳәа. Ҳара Аҧсны Аҳҷыҧсы ҳаиуауп. Аҧсҳәы, Аҳҷыҧсы, Абзыҧ ҳәа дасу гәыҧ-гәыҧла рыҭыҧқәа алырхыит. Араа Гәымаа ыҟоп, уырҭ аҳҷыҧсыуп. Арҭ абзыҧцәа иызларҳәауа ала, Абзыҧ ҳәа арыи Сакариа аӡы иеиҧшу ӡык аанда иынхозаарын, уыи азыҳәан араа Адаҧазар (Сакариа) ақалақь аҿы иытәеит. Ақалақь аҿы иытәаз ашыӡ иагеит, агьырҭ араа Дузџьа, Карапинар (Ҷлоу) иытәеит. Арыи Ҷлоуаа х-нызықьҩык аӡәзаҵәык даанымхакәа ашыӡ иаган иыҧсыит. Гәымаа агьырмыхьӡеит. Ефҭеныиагьы ашыӡ ыҟан, сан уаа деиуан, ҳлышьҭӡомызт ашыӡ шәыхьуеит ҳәа.
Ҳара араа ҳазыртәаз Амаршьан Мас-иыҧа Ҳаџьибат Беи иоуп. Араа зегьы 63 ҭыӡы ыҟоп, аха 28 ҭыӡы иаҧсыуаӡам уырҭ аҧсыуаа иырыцны иааиыз арнауыҭ, бошьнак, лаз, аурысқәа роуп. Аҧсыуааи дареи еиуацәахеит, иеизаҟоп, аӡәы дырҭацоуп, агьы дрымаҳәыуп убас.
Сара сабдыу Тыра иыхьӡын, Аҧснынтәы иааиыз иоуп, уыи иыҧа Шьаҳир, Шьаҳир иыҧа Мураҭ, Мураҭ иыҧагьы Риза сыиҧоуп, сангьы д-Кәаӡаҧҳауп», – иҳәеит. Арыи Аҧсара ақыҭа ахьӡ Нуфрен зҳәогьы дыҟоуп, Ҳаџьибатбеи зҳәаогьы дыҟоуп. Арыи ақыҭа зыртәаз Амаршьан Мас-иҧа Ҳаџьибатбеи имоҭа Мас-иҧа Бҩлент иеиҳабацәа раҟынтәыи иаҳаз ала, ақыҭа аӡбахә абас далацәажәеит: «Арыи ақыҭа сабдыу иыртәеит, саб иашьцәа макьанагьы уаа иынхоит. Сабдыураа раҧхьаӡа Қьефқьен ианыӡхыҵ, иуаажәлар уаа иааныжьны, иара дырҧызан азыҳәан, иахьынхаша аҭыҧ иыҧшаарц, асулҭан диацәажәарц иҩызцәақәакгьы иыманы Асҭампыл дыцеит. Асулҭан Асҭампыл агәҭаҿы иыҟао Бе-иаҕлу зыхьӡу аҭыҧ рыиҭеит. Уаа ҭырқәшәала Ташьлытарла ахьыӡын иаанаго «ахаҳә мхы» ауп, хаҳәала иахыҟау дгьылын азы, сабдыу иыҭахымхаӡеит. Араа ахаҳә ҳфома ҳәа, агьырҭ рашьцәа ахьыҟаз аҭыҧқәа рахь џьара иыҧшаарц аиҳабыра азин рымихит. Убас ала, Дҩзџьа дааин, Аҧсны иахьеиҧшыз абрыи аҭыҧ иыҧшааит. Нас Қьефқьен дыцан, иыуаажәлар иыманы абраа иааиган иыртәеит. Уыи ашьҭахь иара Аҧсныҟа дыхынҳәит. Нас иыхьыз ҳәа акымзарак ҳаздыруам. Иара дымцакәа ақыҭа рыуысқәа иыҧацәа Мас-иҧа Аслан беиыи, Мас-иҧа Шьефқьеҭ беиыи иырыдыиҵеит. Ҭырқәтәыла Масаа Аҧсара (Нуфрен) ада, Бурса-Инегьольгьы иынхауеит.
Инегьоль ақыҭа Османие иынхаоз Мас-иҧа 12 шықәса аныихыҵуаз Ҭырқәтәыла дааит, ианыи иабыи Қьефқьен иыцәыӡыит. Иара амал змаз ҭырқәак иаанда ауысыура далагеит, ҧарахәыҷқәак аахәаны, хәык аахәаны Инегьоль дыцаны дынхао далагеит. Уыи иыцкар макьанагьы уаа иыҟоуп, иыҳәеит, Мас-иҧа Бҩлент. Папаа рымаҳә Аигба Фетҳи аҳҷыҧсы диалеқт ала иыцәажәао аӡәы иоуп. Нуфрен-Аҧсара иынхао аҧсыуа жәлақәа иахьа абарҭ роп: Калцба, Аиыгба, Ахба, Кәаӡба, Ҳәатышь, Масиыҧа, Лаҧшьиҧа, Палба, Кьечба, Гәымӡы. Нуфрен-Аҧсара азааигәара инхао Аҳҷыҧсы жәлақәагьы Уанаҿа, Алҭач, Чатанаа, Аҩызба ҳәа ауп иышдырыу.

(Анҵамҭаҿы еиқәырхоуп Ҭырқәтәылан инхо ҳџьынџьуаа рцәажәашьа).

(Икьыԥхьуп иаазыркьаҿны
(«Алашара» №4, 2018)