Print this page

«Саргьы сышьхауаҩуп, снышәмыжьын…»

Лаҵара 02, 2025 140

Абаза поет, аиҭагаҩ, ажурналист Едгьы (Едуард) Ӡыба диижьҭеи 80 шықәса ҵит. Едуард Асхад-иԥа Ӡыба диит 1945 ш. маи 1 азы Аҟәа ақалақь аҟны.


СССР ажурналистцәа Реидгылеи Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи Реидгылеи дрылан. 1964–1966 шш. рзы Асовет арбџьар мчқәа рҟны аррамаҵура данахыс ашьҭахь, А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт дҭалеит.
Иреиҳау аҵараиурҭаҿы иҵара қәҿиарала ианыхиркәша корреспондентс аус иуан агазеҭқәа: «Советская Абхазия», «Республика Абхазия» рредакциақәа рҿы. 1980-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсуа радио аурыс редакциа акорреспондентс, редакторс аус иуан. 1992–1995 шш. раан агазеҭ «Адыге Хасе» аредакторс дыҟан.
Е. Ӡыба ирҿиамҭақәа аԥиҵон урыс бызшәала. Аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа аурысшәахь еиҭеигон, лассы-лассгьы апериодикатә кьыԥхь ианылон.
Апоет иԥсҭазаара далҵит (24.06.2003) аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы дахьынхоз Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Черқьесск ақалақь аҟны.
Иԥсҭазаара зегьы алитературеи ажурналистикеи ирыдҳәалан. Илагала маҷым аҧсуа-абаза литературатә еимадарақәа рырҿиараҿы.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан урысшәала Аҟәа иҭыҵит иажәеинраалақәа еидызкылоз ишәҟәқәа: «Красная птица» (1979); «Полет любви» (1982); «Апрель мечты» (1984); «Экслибрис» (1988) уҳәа егьырҭгьы.
Ишәыдаагало ажәеинраалақәа 1970; 1976; 1979 шш. раан ажурнал «Алашара» ианылахьан.

Едгьы Ӡыба

АФЫРХАЦӘА РАЖӘА

I
Адунеиаҿ ахызаҵәқәа зегьы еиԥшуп,
Агәырҩеи ахьааи закәызеи дара рзыҳәан,
Деилырхуам аӡәгьы –
дбыргыз, дхәыҷыз.
Ахызаҵәаз аибашьра –
ишьаарҵәыроу ныҳәоуп.
Ишԥасцәымӷу ахызаҵәқәа зегьы ззеиԥшу!
Аха, мап, адунеи аҿы
урҭ зегьы еиԥшӡам:
Ахызаҵә,
аԥсҭазаара аиқәырхара зԥеиԥшыз,
Изырхынҳәыз ааԥынра ахаҿы лашаӡа;
Ахызаҵә,
иҭашәаз аибашьра агәыҵәҟьа;
Ахызаҵә,
ашьауразыҳәан ирҭәаз;
Ахызаҵә,
аиашара ахьчараз иҭҟьаз
Иазыскуеит ашәа,
адунеи зегь иахыҵәо.
Ицап ашәышықәсақәа,
ацәқәырԥақәа реиԥш еишьҭала,
Абиԥара ҿыц,
ирылышәхып шәара
Адгьыл ахәрақәа
ахызаҵәи, аеҵәа шьаԥшшәалеи,
Ижәгароуп шәара усҟан агәра,
Ахызаҵә алхзар аԥсреиқәаҵәа,
Инымҵәаӡо аԥсҭазара ишалху аеҵәа!

II
Исыхьыз сыздыруам, аха сзыцәом уахынла,
Аҭынчра сцәыӡит, сгәаҭеиуеит сара,
Дызусҭада ауаҩшьҩы ҳәа зыхьӡылаз,
Дызусҭада уи, иацхраауа аԥсра?
Шәышықәсала ус иааиуеит,
ауаҩы дызшьыз иоуп
Изхырҵо ауаҩшьҩы ҳәа ахьӡ ишәиу.
Нас аԥа заб ишьа зузгьы, –
Убригьы дуаҩшьҩу?
Аибашьҩы сара сеиқәзырхазгьы, –
Убригьы дуаҩшьҩу?
Сашьа аибашьрахьтә ихнымҳәӡазгьы, –
Убригьы дуаҩшьҩу?
Ауаҩшьҩы сашҭа гәакьа дҭалеит
Дқәылаҩны, иҩнеигалт сыҩны аԥсра.
Ауаҩшьҩы «имҭаны»
Волгеи Дони ахәрақәа рынхалеит,
Игәыӷьит уи с-Кәыдры гәакьагь ахәра.
Сқыҭа Дәрыԥшь иалҵыз
Арԥыс иеихсыз – дуаҩшьҩуп!
Аха ауаҩшьҩы дзеихсыз иоуп,
Ауаҩшьҩы – зхала зҽызшьыз иоуп!

III
Ажәҩан иаҵан аԥҭа еиқәаҵәақәа,
аеҵәақәа хҩаны,
Адәыӷбақәа цон,
жәҩан рыҵәаабжь аныҩуа,
Аибашьара цон…
Сықәымлацызт адгьыл сины.
Сихьазар, сҟалозу иахьа,
дарбан уи здыруа?
Мап, иӡыҭуам Ерцахә иқәу асы,
Амра ашәахәақәа еицакра рықәым,
Закә рыцҳароузеи,
закә гәырҩоузеи сара сзы
Урҭ арԥарцәа иҭахаз ахьсыгу,
Сышрыгыз еиԥш амца ианалаз дара…
Адунеи урҭ рыччабжьи рашәақәеи агуп,
Аха афырхацәа сгәаҵаҿ ирықәым ԥсра,
Сара сыԥсы зҭоу
схазыҳәан заҵәык акәым,
Урҭ ирзымҳәаз ашәақәа
сҳәарц ауп сыԥсы зҭоу,
Урҭ ирзыҟамҵаз,
изхьымӡаз ҟасҵарц ауп сыԥсы зҭоу!

IV
Иҭынчуп ажәҩан Дәрыԥшь иахагылоу,
Еикәагылоуп аҵлақәа рыбжьы мыргаӡо,
Урҭ, абӷьы иаҵәа зҿало ааԥныла
Афырхацәа иҭахаз ирбаҟоуп!
Ааԥынтәи ашәа шьхеи мшыни ирыхьӡо
Дәырԥшь иахыҩуа,
Ажәҩан ианыҩуа,
Амраҟынӡа унаҩырц ухәҭоуп –
Уара иҭахаз афырхацәа урбаҟоуп!
Ахәыҷқәа еибарыҩуа иалоуп
Ақыҭа, насыԥ змоу дара роуп,
Аҳәыҳәқәа иоурышьҭуа жәҩанахь
ихалоит –
Урҭ иҭахаз афырхацәа ирбаҟоуп!..


Еиҭ. Г. Аламиа