Аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини.
«Ҩ-тәылауаҩрак рызҵаарақәа рырманшәаларазы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра» анапы аҵаҩын Москва, 2022 шықәса сентиабр 27 азы.
Аиқәшаҳаҭра азкуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ртәылауаа рзинтә статус арманшәалара, иара убас иарбоуп Аԥсны атәылауаа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра ирмарианы аиура аԥҟарагьы.
Аиқәшаҳаҭра иарманшәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ртәылауаҩра змоу социалла реиқәыршәара, рҵарадырра, медицинала рмаҵзура, хымԥадатәи аррамаҵура рахысра азҵаарақәа.
Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Аганқәа рыбагьы ртәылауаҩра змоу азин рымоуп социалла реиқәыршәара, рҵарадырра, медицинала рмаҵзура дара иааиԥмырҟьаӡакәа иахьынхо Аган азакәанԥҵара инақәыршәаны, Аганқәа руак азакәанԥҵареи мамзаргьы Аганқәа рганахьала иҟоу жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәеи рыла даҽакы азыԥхьагәаҭамзар. Аганқәа рыҩбагьы ртәылауаҩра змоу ианнарԥхьо аамҭазы дара иааиԥмырҟьаӡакәа иахьынхо Аган аҟны аррамаҵура иахысуеит. Ҳәынҭқаррак адгьылҵакыраҿы хымԥадатәи аррамаҵзура ахысра даҽа ҳәынҭқаррак аҵакыраҿы аррамаҵзурахь анаԥхьара аҟнытә ихы дақәиҭтәхоит.
Аиқәшаҳаҭраҿы ишьақәырӷәӷәоуп атәылақәа рыҩбагьы ртәылауаҩра змоу ауаа рзинқәа. Аиқәшаҳаҭра иаҵанакуеит Аԥсны атәылауаа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра иаармарианы аиуразы аԥҟарақәагьы.
Убас, Урыстәылатәи Афедерациа Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 2 инақәыршәаны 2008 шықәса август 26 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩра змаз, арзаҳал аналаиҵауа аҽны уи зцәымӡыц, 18 шықәса зхыҵхьоу, зхы знапаҿы иҟоу азин инаҭоит Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра ирмарианы аиуразы арзаҳал алаҵара.
Аиқәшаҳаҭра ишьақәнаргылоит 14 шықәса зхыҵхьоу ахәыҷқәа рганахьала атәылауаҩра аиушьа. Аиқәшаҳаҭра хәышықәса амч амоуп, анаҩс даҽа хәышықәса иацҵахоит, Аганқәа руак адипломатиатә мҩақәа рыла егьи Аган уи амч аанкылара агәы ишҭоу азы фымз шагу адырра ҟанамҵар.
Абри инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә усеицура аҟәша аиҳабы Џьемал Бганба аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа адырра рнаҭоит, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵаз ҩ-тәылауаҩрак аиура азҵаарақәа рыӡбаразы аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра иахьа инаркны амчра шаиуа. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа азхьанарԥшуеит аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа инарықәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Урыстәыла атәылауаҩра аиура ирмариоу апроцедурала иахысырц азы Урыстәыла Апрезидент Иусԥҟа шьаҭаны ишыҟоу.
Урыстәылатәи аган аҟынтәи иҳауз адыррақәа рыла, Аусԥҟа апроект Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭеи атәыла анапхгареи рҿы ашьақәырӷәӷәара аетапқәа ирхысуеит, аамҭа кьаҿк иалагӡаны, анапаҵаҩра азыԥхьагәаҭоуп.
Иарбоу Аусԥҟа Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Урыстәыла атәылауаҩра аиура апроцедура марианы иҭышәыннартәалоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа ианаамҭоу адырра рнаҭоит – Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра аиуразы иазгәаҭахо аԥҟарақәеи аҭагылазаашьақәеи рзы.