Print this page

Абилеҭқәа рыҭира иалагеит

Мшаҧы 17, 2025 131

Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара ишиашоу аԥыррақәа еиҭарҿыцхоит маи 3 азы.

Абри аҽны иазгәаҭоуп Аҟәаҟа авиаеилахәыра «ЮВТ аэро» раԥхьатәи аԥырра, – иаанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа атранспорт Аминистрра ателеграмм-канал.

«Атранспорт Аминистрреи, Россавиациеи, Урыстәылатәи авиомҩангаҩцәеи русеицура алҵшәақәа рыла, Аҟәаҟа аԥыррақәа рзы авиабилеҭқәа рыҭира иалагеит», иазгәаҭоуп атранспорт Аминистрра адырраҭараҿы.

Маи 6 азы ихацыркхоит  Нижни Новгород аҟынтәи Аҟәаҟа авиаеилахәыра «Икар» аԥыррақәа.