Print this page

Аконцертқәа мҩаҧыргеит

Жьҭаара 22, 2024 187

Ааигәа Ҟарачы-Черқьестәи аҳәынҭқарратә акәашаратә театр Аҧсны араионқәа рҟны аконцертқәа мҩаҧыргон. Аконцертқәа дырбан Тҟәарчал араион Д. Гәлиа ихьӡ зху акультуратә хан аҟны, иара убас Очамчыра араион Р.Ҵәыџьба ихьӡ зху акультуратә хан  аҟны.

Аконцертқәа рымҩаҧгара аҵыхәтәантәи амш азы иқәгылеит Аҟәа ақалақь Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Иазгәаҭатәуп, арҭ агастрольтә концертқәа  рымҩаҧгара шеиҿнаказ Аҧсны акультура Аминистрра.

Ари аконцерттә программаҟны инарыгӡон еиуеиҧшымыз Нхыҵ-Кавказтәи акәашарақәа. Ашәақәа нарыгӡон: Рамина Китаева,Алиат Нулимбаев,Анжела Мукова,Макланда Кәыҵниа,Ольга Ковалиова уҳәа аӡәырҩы.

Стелла Сақаниа