Print this page

Нхыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә театр Аԥсны иаҭаауеит

Жьҭаара 08, 2024 197

Жьҭаарамза 16-17 рзы В.Тҳаԥсаев ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә академиатә театр Аԥсны иаҭаауеит.

С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы ахәаԥшцәа  идырбахоит Уилиам Шекспир испектакль «Аҳ Лир» (арежиссиор Гиви Валиев) иара убас Етель Воинич лырҿиамҭа «Овод» (арежиссиор Ельдар Трамов).

Ақәгыларақәа алагоит асааҭ 19:00 рзы, абилеҭқәа раахәара ҟалоит атеатр акассаҿы.

Ари аҩыза аусмҩаԥгатә еиҿкаан Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра ацхыраарала.

 Аманда Анталаа