Маи 17 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟны имҩаԥысит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала «Ахьӡ-Аԥша» аорден I, II, III- аҩаӡарақәа занаишьахьаз рнапаҿы рыҭара. Урҭ зынӡа 60-ҩык инареиҳауп. Иалкаахаз иреиуоуп аҵарауаа, арҵаҩцәа, аҳақьымцәа уҳәа еиуеиԥшым азанааҭқәа змоу.