Ари афестиваль ашҟа ааԥхьара рыман Р. Ҵәыџьба ихьӡ зху Очамчыратәи Акультуратә Хан еиҿнакааз ашәаҳәаҩцәа қәыԥшцәа ргәыԥ «Аеҵәақәа» алахәылацәа: Берулаа Мануела, Нардаиа Рада, Черқьезиа Алеқсандра, Асланӡиа Алана, Ӷәынџьиа Рада, Ԥачлиа Илана, (урҭ рнаԥхгаҩы Ҵәыџьба Лика Гьаргь-иԥҳа).
Аицлабраҿы иқәыргылан еиуеиԥшымыз акәашарақәа реиԥш ашәаҳәарақәа иара убас, еиуеиԥшымыз амузыкатә рҳәагақәа рыҟна ахәмаррақәа. Аԥснытәи агәыԥ «Аеҵәақәа» рашәақәа нарыгӡон рхатәы-Аԥсуа бызшәала. Жәларбжьаратәи афестиваль аҟны агәыԥ «Аеҵәақәа» хаҭала зегьы иааныркылеит актәи аҭыԥқәа, иара убас иранашьан иреиҳаӡоу аԥхьахә «Гран-при».
«Хаҭала агәыԥ «Аеҵәақәа» ҳҟынтә иҭабуп ҳәа лаҳҳәар ҳҭахуп ҳнаԥхгаҩы лааԥсареи, лџьабааи, лхы дамеигӡаӡакәа алшара ахьҳалҭо Аԥсны анҭыҵ имҩаԥысуа еиуеиԥшым аицлабрақәа аҽрылырхәразы.»