Динара Смыр Ольга Лиубимова Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд ахәҭа аиҳарак абылра инамаданы Аԥсны иаиуз ацхырааразы иҭабуп ҳәа лалҳәеит.
«Ҳзықәшәаз арыцҳараҿы Шәара иҳашәҭаз адгылареи ацхыраареи рзы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит», – лҳәеит Динара Смыр.
Ахәҭакахьала, Ольга Лиубимова Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иҟалаз абылра иацәынхаз асахьақәа рреставрациа аганахьала аринахысгьы ацхыраара аҟаҵара дшазхиоу азгәалҭеит.
Аганқәа иара убас 2024-тәи ашықәс азы акультуреи аҟазареи русхк иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.