Аилацәажәараҿы ирзааҭгылеит Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа, 2023 шықәсазы ирыдыркылаз Аиҳабыра рықәҵарақәа, рыдҵақәа ирынагӡашьоу, иара убас ҿыц еиҿкаау Аԥсны аенергетикеи атранспорти рминистрра ашьақәыргылара азҵаарақәа.
Аиԥылара аихшьалақәа рыла, Аԥыза-министр Аиҳабыра рнапхгара рнапы ианиҵеит ирыдыркылахьоу ақәҵарақәа рынагӡара иазку аусура хдыркәшарц, Ахада иҟны иҟалараны иҟоу аицәажәара ашҟа ихаҭәаау аинформациа аздырхиарц.