«Ихыркәшоуп Мықәтәи акафедралтә уахәама ахыб ҿыц ақәҵара», – абас реиҳәеит аиԥылара иалахәыз Алеқсандр Анқәаб.
Ҳазну аамҭазы аиашахаҵаратә ҩычара зеиуахкы ыҟаӡам абаҟа – Бедиатәи ауахәама ахыб аԥсахра аҽазыҟаҵара иаҿуп. Уи ақырҭуа-аԥсуа еибашьра аан ааха ӷәӷәа аиуеит.
Аԥыза-министр Аԥсуа Иашахаҵаратә Уахәама ахаҭарнакцәа агәра диргеит аҳәынҭқарра алшарақәа зегьы ахы ишанархәо ажәлар рдоуҳа-материалтә ҭынха аиқәырхаразы. Иаарласны Аԥсуа Иашахаҵаратә Уахәамеи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара Аҳәынҭқарратә усбарҭеи ақәыршаҳаҭны иазгәаҭоуп егьырҭ ақьырсиан баҟақәа рҟынгьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара.
Аиереи Виссарион адинмаҵзуҩцәа рыхьӡала Ахада Аслан Бжьаниеи Аԥыза-министри рахь ҭабуп ҳәа иҳәеит аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхареи, иааидкыланы Аԥсуа Иашахаҵаратә Уахәама аҭахрақәеи рахь ҷыдала иҟарҵо ахшыҩзышьҭразы.
Аԥыза-министри Аԥсуа Иашахаҵаратә Уахәама ахаҭарнакцәеи ҳазнылаз ашықәс азы ақәҿиарақәа рзеиӷьибашьеит, иагьышьақәдырӷәӷәеит ҳаԥхьаҟагьы аусеицура ишазхиоу.